Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсуа ибзазараҿы ахьаҵла жәытәнатә аахыс аҭыԥ ду ааннакылон. Уи иалырхуаз аҩнымаҭәахә зегь реиҳа зхаҭабзиара ҳараку, анҵыра бзиа змоу рахь иԥхьаӡоуп. Иара ахьа ахаҭа аԥсуаа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы илаганы афатә алаҟарҵон, уи иалырхуан аҳалуа, ақалмышь, амгьал.
Октиабр 30 азы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирыладырӡыз ргәалашәара Иамшын.
Сариа Лакоба лыхьӡ зху абаҳчаҿы имҩаԥысит урҭ ирызку абаҟа ашьапаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара. Иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.
Ари аԥхын азы аԥсуа рок-гәыԥ «Tom Square» ахәаԥшцәа ирыдыргалеит «Амцҳәаҩ» ҳәа хьӡыс измоу рашәала иҭыху аклип. Иара YouTube рхатә даҟьаҿы иӡыргоуп. Аԥсышәала иҩу арок ашәа иахылҿиааит ари аматериалгьы.
Абас ахьӡын иахьа В. Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаартыз афотоцәыргақәҵа.
Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, арҵаҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара иалахәыз Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны лара дахьынхоз аҩны №94 аҭӡаҿы икыдырҵеит амемориалтә ӷәы.
Жьҭаарамза 26-27 рзы Аҟәа ихацыркхеит аҩратә марафон. Уи ареспублика акәақьқәа зегьы, уи анҭыҵ аҟынтәигьы хыԥхьаӡара рацәала алахәылацәеи, ахәаԥшцәеи, аспорт абзиабаҩцәеи еизнагеит. Актәи амш азы ахәыҷқәа еиԥхныҩлон.
Жьҭаарамаза 26-27 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы имҩаԥысит аҽыбӷаҟазаразы Аԥсны Ачемпионат. Аицлабра рхы аладырхәит акомандақәа ԥшьба - Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟынтәи, иара убас Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҟынтәи акоманда.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бызшәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.