Аслан

Аслан

Аԥшӡара ҳәаа амаӡам

Хәажәкыр 07, 2025

Аԥсабара зегь анышәҭуа, ианеиныло, даҽа аамҭак иеиԥшымкәан ианыблахкыгоу ааԥынра раԥхьатәи амшқәа руак, Март 8 аҳәса ирымшныҳәаны иахьыҟоу машәыршақә иҟалаз акы акәым.

Март 5 азы Кремль имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Аԥсны Ахадас   иалырхыз Бадра Гәынбеи реиԥылара.  Уи иазку аматериал – агазеҭ  анаҩстәи аномер аҟны.

Алхрақәа хыркәшоуп. Урҭ рылҵшәақәа рыла далхуп Аҧсны афбатәи ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыҧуаҩс Беслан Бигәаа. Абри инамаданы Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны алхрақәа рылҵшәақәа анрылаҳәаха ашьҭахь ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаҧигеит Бадра Гәынба.

Апоет, акыраамҭа агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аҟны аус зухьаз ажурналист Кьыҵа Хабыгә-иҧа Ачба иҧа Зураб диит 1950 шықәса февраль 23 азы. Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ далгеит.

15 шықәса уажәԥхьа иԥсҭазаара далҵит ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Март 4 рзы Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь имшироуп. Иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы иара ихыҵуан 76 шықәса.

Адныҳәаларақәа

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аԥсны Ахадас иалырхыз Бадра Гәынба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.

Доуҳала ибеиаз

Хәажәкыр 03, 2025

Ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Аҧсны жәлар рартист, арежиссиор, «Ахьӡ-аҧша» аорден II аҩаӡара занашьоу Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба иеиҧш иҟаз ауаҩы иҧсҭазааратә мҩа игәакьацәа рҟынтәи иануаҳауа, уаргьы убас еиԥш цәаныррак уоуеит, уи иҧсҭазаара ухаҭагьы уалагылазшәа, даҽаӡәы изымдыруа маӡак удыруашәа, иҩызцәа реиԥш зҟазара рдыруаз, аха хаҭалатәи аибадырра агәаҳәара зманы уи аҩыза алшара змоуз раасҭа уара насыҧ умоушәа…

Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны Аԥсны алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан имҩаԥигаз абрифинг аҟны алхрақәа дырзааҭгыло иазгәеиҭеит заанаҵтәи алҵшәақәа рыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас дшалху Бадра Гәынба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me