Аԥсны акультура Аминистрра гәалсра дула адырра ҟанаҵоит 84 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара дшалҵыз азы Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.
Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Евроеидгыла официалла иакьыԥхьит Урыстәылатәи Афедерациа асубиект ҿыцқәа рҟны инхауа Урыстәылаа аҳәаанырцәтәи рпаспортқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рпаспортқәа мап рыцәкразы ақәҵара.
Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ахатәы малқәа рыла, атәыла Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала, аекономика Аминистрра ацхыраарала ҩ-секциак змоу алокомотив – фимцалеи былтәылеи иныҟәо аанахәеит. Абри атәы аанацҳауеит аихамҩа апресс-маҵзура. Ари раԥхьатәи аахәамҭоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгазар аахыс.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Гәдоуҭа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩцәа Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри Аԥсны Ахада инапынҵала зыԥсҭазаара иалҵыз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәа Лера Пежеваи Зельма Науржановаи рҭаацәарақәа ирҭааит, иаанацҳауеит «Аԥсадгьыл-Информ».
Михаил Шургалин
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин имшира идиныҳәалеит.
Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, ауаажәларратә усзуҩы Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа 85 шықәса ихыҵит.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Минуҭқәак рышьҭахь ҳтәыла 2023-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылоит. Ашықәс ҿыц зегьы ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит, аиҭакра бзиақәа ҳзаазго ныҳәа дуны ҳазыԥшуп.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека ахаҵгыларала ари акультуратә хәышҭаара иаҵанакуа абаҳчаҿы иаартхеит аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа инаивагылаз ашәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара – уи ицнагаҩцәа рыхьӡ зху ааҵлақәа раллеиа. Араҟа еиҭарҳаит Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коҕониа, Миха Лакрба, Мушьни Аҳашба, Иван Папасқьыр рыхьӡқәа зыхҵоу аҵлақәа.
Ԥхынҷкәынмза 20 – Аԥсны жәлар рартистка, Аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа лира амш ауп. Софа Агәмаа атеатр аҿы лусура ашықәсқәа ирылагӡаны 70 инареиҳаны арольқәа налыгӡахьан, еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аԥылҵахьан.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аиуразы 2022 шықәсазы хә-номинациак рҟны иалкаахаз рыхьӡқәа рылаҳәоуп.