Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсҭазаара аҵакы ацәызмырӡуа

Ишдыру еиҧш, аҧҳәызба – аҧшӡареи, ахаареи, аизҳареи дырхаҿуп, символс дрымоуп.Хаҭала, аҧсуа ҧҳәыс – ан лтәы ҳазааҭгылозар, уи лроль даара акыр аҵанакуеит ҳаҧсҭаазаараҿы.


Ахәышҭаарамца ҿызмырцәаауа, еиқәзырхо, аҵеи мшы дзааӡо аҧсуа ан илхуҳәааша рацәоуп, уи лыпату ҳаракын жәытә-натә аахыс. Аха, аамҭақәа ҧхьаҟа ицацыҧхьаӡа аҧҳәызба, аҧҳәыс лхаҿра аҽаҧсахуа иалагеит. Иаҳҳәап: ҳабацәа, урҭ рабдуцәа рхаан «аҭыҧҳа лтәы амҳабысҭа» ауп ҳәа иршьозҭгьы, уи аҩнуси ахшара рааӡареи рыда, анҭыҵ аусура, аҵара аиура, анапхгара аныҟәгара уҳәа лаҭәам ҳәа ирыҧхьаӡозҭгьы, иахьа урҭ аамҭақәа акыр инаскьеит. Ҳаамҭазтәи аҧсуа ҧҳәызба, аҧҳәыс, ҳәарада, наџьнатә аахыс ишыҟаз еиҧш, лхымҩаҧгашьа ҿырҧшыгоуп, егьырҭ амилаҭқәа дрылукаауеит, зинлагьы ахаҵа дааиваҟәало, диаҟраны дыҟоуп. Иахьа уи аҭагылазаашьа лымоуп аҵарадыррахь лхы лырхартә, лхатәгәаҧхарала иалылхыртә лгәы ззыҳәо азанааҭ иара убас анапхгара аныҟәгара, амашьына аҧсҟы акра уҳәа лнапы злаку, лҽыззылкуа рацәоуп. Ажәакала, алшара лымоуп активла ауаажәларратә ҧсҭазаара ахалархәразы.
Хыхь еиқәаҳаҧхьаӡаз аҟазшьақәа ирылаҟоу дыруаӡәкуп ҳаззааҭгыларц иаҳҭаху Наала Кәакәасқьыр-ҧҳа.
Наала уаҩ илаҧш зыдхало ҧҳәызбоуп, лыхьӡ ишаҳәо еиҧшгьы днаалоуп. Аха уи лдырреи леилыҷҷареи еиҳагьы иханарҭәаауеит акәымзар, иаҵанарӡуам лҭеиҭҧш.
Лассы-лассы Наала ибзианы дыздыруа, илыҿцаауа аӡәырҩы реиҧш, хаҭала, саргьы, ҳаибадыруеижьҭеи акыр ҵуеит аҟнытә, «аҭел шьҭыхла» ҳәа ласҳәалоит.
Еилалыгӡо аусқәа рацәоуп, «ара дшыҟоу – ана дцоит». Ишырҳәо еиҧш, Наала ақалақь ахи-аҵыхәеи акырџьара дубоит мышкы иалагӡаны. Дзықәтәоу амашьына ласгьы даара илыхәоит лусқәа рыхьӡараҿы, рынагӡараҿы, убри аҟнытә, аҭел ашьҭхра аамҭа анлымамгьы ҟалалоит.
Наала Кәакәасқьыр-ҧҳа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны лҵара латәарадатәи ахь ииаганы аамҭаказы, иара уаҟа аҭоурыхтә факультет аҟныгьы аҵара лҵон, ҩ-занааҭк рҟны лҵара еилалыгӡон, иагьхлыркәшеит 2013-2015 шықәсқәа рзы. 2016 шықәса рзы афольклор ахырхарҭала аспирантура хлыркәшеит қәҿиарала.
11 шықәса раахыс аус луеит Аҟәа ақалақь Ахадара акадрқәа рыҟәшаҿы, акадрқәа рзы аспециалист хадас, иара убас Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет Аҵара аҟәшаҿы аарыхратә практика анапхгаҩыс дыҟоуп. Хазы, Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны аҧсуа бызшәа арҵаҩыс аус луан. Аҧсшәа здыруаз астудентцәа аҧсуа бызшәа длырҵон.
Аамҭаказы, акыр шықәса хы-џьара аусура еидылбалон. Аха, ҳаиҿцәажәараан уи иазгәалҭеит, ахьӡара ахьылцәыуадаҩхаз иахҟьаны арҵаҩы изанааҭ шынлыжьыз.
Наала дҭаацәароуп, илызҳауеит лыҧҳа Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол афбатәи акласс аҟны аҵара зҵо Расма Аҩӡ-ҧҳа.
Ҳәарада, ан ишлаҭәоу еиҧш, Наала лзы ихадароуп лхәыҷы иахәҭоу ааӡареи аҵареи лыҭара.
«Ахәыҷы лаамҭа ҭацәны инымхозароуп, хырхарҭас иҟоу зегь рҟны лхы ҧылшәартә аҭагылазаашьа лыҭатәуп. Усҟан еиҳа илзааигәоу, илыцааиуа ахырхарҭа алхра лылшоит, сгәанала. Расма, Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» аҟны еиҿкаау ахәыҷтәы студиа аҿы дкәашоит, аҧара, анапылампыл асра уҳәа рахь дныҟәоит. Уаанӡа ашахмат ашҟагьы дныҟәон, аха иаанлыжьит. Лара илгәаҧханы лхы ахьлырхо слывагылоуп, даҧхьсырҟәҟәаауам алшара зласымоу ала. Ҳәарада, ашколтә ҵатәхәқәа ирыгмыжькәан, ирхаршәаланы»,– лҳәеит уи.
Наала, аҧсшьара мшқәа: асабшеи амҽышеи рыда, егьырҭ зегь сааҭ-сааҭла, иарбан усмҩаҧгатәқәоу, ҵатәхәқәоу лхәыҷи лареи ирымоу еихшаны, илхамышҭырц икьыҧхьны ақьаад еицарса ианҵаны ишлымаз ҳлырбеит ҳаиҿцәажәараан, дагьазааҭгылеит, лара лзы амш ҿыц ишалаго.
«Ашьыжь Расма асааҭ 9 рзы ашкол аҿы данынсыжьлак ашьҭахь инаркны 10 рыбжанӡа, ма иҟалалоит асааҭ 10 рҟынӡа схы санақәиҭу. Шьыжьла сҩызцәа санрықәшәалак агәалаҟазаара бзиа сызҭо акаҳуеи сҩызцәеи ныжьны схатә усқәа рахь сҿынасхоит», – дҳацәажәон уи.
Ҳаиҿцәажәараан, Наала лгәы азхьаауа иазгәалҭеит, арҵаҩы изанааҭ даара илзааигәоу акы шакәу, уи ҩба-хҧа ус реилагӡара ахьылцәыуадаҩхаз иахҟьаны инылмыжьыр ада ҧсыхәа шыҟамлаз. «Ауниверситет акәзар, уи акыршықәса ҵуеит садҳәалоижьҭеи, уа иҟоуп сҩызцәа рацәаҩны, сырҵаҩцәа… Уа исныруеит ҧхаррак, исызгәакьаны иҟазҵо… Аҟәа ақалақь Ахадараҿгьы сусура сгәаҧхоит, аус зцызуа ҭаацәак еиҧш ҳаизыҟоуп, исымбар сзымчҳауа срышьцылоуп»,– лҳәеит уи лусура дазааҭгыло.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Наала иаҳзаалыртит маӡак.
Дарбан ҧҳәызбоу ашәҭқәа бзиа изымбо, аха зегьы еиҧшны еицырбом. Иҟоуп изгәаҧхогьы, бзиа избогьы. Ашәҭ згәаҧхо ауаҩы ихҵәаны игоит, дахәаҧшларц аҧсы ахьынӡаҭоу. Аха ашәҭ бзиа избо, уи деиҷаҳаны аӡы аҵаиҭәоит, иааӡоит дахӡыӡааны. Наала дреиуоуп ашәҭқәа неилымхрада бзиа избо, изааӡо, иара убас «адәышәҭқәа» даара ҳаҭыр рықәызҵо.
«Аҧсшьара мшқәа: асабшеи амҽышеи рзы Уаҭҳараҟа ҳцалоит.Адәахьы ашәҭқәа реиҭаҳара ианаамҭоу, амш аныбзиоу аҩны сырзыҩнагалаӡом. Саамҭа схызгоит адәахьы, еиҳарак ашәҭқәа реиҭаҳареи рааӡареи аамҭа ақәсырӡуеит. Даара ашәҭ хкқәа рацәаны исымоуп: еиуеиҧшым агәил шәҭқәа, акадифа,абзиабарашәҭ,аҳ ишәҭ, амрашәҭ уҳәа ирацәаны исзеиҭаҳауп. Урҭ ­рахьтә иҟоуп зшьапы анымӡаауа, иара убас ес-шықәса досу ианраамҭоу еиҭаҳатәу», – дҳацәажәон Наала ашәҭқәа ауаҩы игәалаҟазаара шьҭызхуа, аҧсҭазаара игәазырҧхо шракәу азгәаҭо.
Наала ашәҭқәа дшыргәылаку­гьы, ҳамҭас ианлырҭогьы агәахәара лзацуп, еиҳаракгьы адәышәҭқәа анлырҭо. Наала дназлоу аҭыҧҳацәа зегьы рыҧсҭазаара, ишырҳәо еи­ҧш, «ишәҭышхааит», ашәҭи аҧҳәызбеи злеизааигәоу аҟазшьақәа рацәоуп, ус анакәха, ирыгымхааит аҧшӡареи, ахаареи, агәалаҟазаара бзиеи.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me