Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Асахҭан лыхқәа рымаӡа

Илона Кәыҵниаԥҳа еиҳарак амузеи аусзуҩы ҳәа даҳдыруеит, иара убас ахыци ахәымпали рыла ихысуа лаҳасабала, аха занааҭла лара джурналиступ. Аҳәынҭкарратә университет даушьҭымҭоуп. Илона дҳақьымхар лҭахын, дшыхәыҷыз инаркны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи реиҿартәышьа ҭылҵаауан. Уажәы, асахҭан иалхны амаҭәахәқәа ҟалҵоит, дӡахуеит, аҳәынҭқарратә музеи аҿгьы лусура аанылмыжьит.


Ган рацәала лнапы злаку аусқәа рахьынтә ҳара еиҳарак аинтерес ҳазцәырызгаз ахысратә клуб азы асахҭан иалхны напыла илӡахуа амаҭәахәқәа роуп. Ахқәа рыҭрақәа, анапҭарԥақәа уҳәа, ахәыҷқәа рформа ҷыда ҟалҵоит. Асахҭан ахь ԥсабарала абзиабара лыман еснагь, уи ауп уахь дхьазырԥшызгьы.
«Асахҭан иалху анызбоз сгәы арҭынчуамызт, избан сыздыруам, аха акалашәа сазыҟоуп, сазгагоуп. Ԥсабарала асахҭани асахҭан иазааигәоу ацәеи харантәи еилсыргоит, убри аан иахьынтәиздыруа схаҭагьы исзеилкаауам», - еиҭалҳәоит Илона.
Убри лара цәаҩала убас дыҟоуп, иарбан усзаалакгьы, лхала, исзалҵрызишь ҳәа дазнеиуеит. Ус, лыҩны аҟны акафельгьы шьҭалҵахьеит. Аӡахра акәзар, Илона лан лҟынтә лара лахь ииасыз ҟазароуп. Даара ибзианы дӡахуан, ҳәа илгәалалыршәоит лара. Аӡӷабцәа хаҵа ианцоз илыцырҵоз ацәарҭамаҭәа лнапала еибылҭон. Илона уи длыдтәаланы лҽазҵәылхны илҵомызт, аха илбаз лызхазаап.
«Ахыԥшылагақәа схы иархәаны, ажәытә қәыршәқәа роума, аӡәы икьаҿқәа роума, иԥсахны, ирԥшӡаны, сцәа иақәшәо иааӡахны исшәысҵон. Хаҵа иалацахьазгьы маҷмызт. Шаҟантә агәыр ԥысҵәахьаз сан лмашьынаҿы лара илмырбаӡакәа… Ачҳара бзиа аалырԥшуан, аха сара уи аҩыза ачҳара иахьа исымаӡам. Уажәы исызгыло амашьына иавсны ицаргьы зуӡом, заҵа агәыр ԥырҵәар исычҳара. Иара убри алагьы абиԥарақәа ҳаиԥшым. Иахьа амцхә мазеи рымазар ҟалап ҳхәыҷқәа. Убри азоуп ирылоу аҟыбаҩ заадмыртуагьы», - ҳәа азгәалҭоит Илона аамҭақәа реиԥшымзаара атәы дазхәыцуа.
Иахьа иҟалҵо асахҭан лыхқәа рҿы ирацәаны напыла аҟаҵара ыҟазар лҭахуп. Напыла ианыҟауҵо ауаҩы иаҳа агәыбылра изацлоит, лҳәоит лара. Асахҭан ԥҟаны аҵәымаӷқәа алаҵара, афурнитурала аизгара, имариоу усны илбоит.
«Иарбан усумҭазаалак изырԥшӡо аҩычага аелементқәа роуп. Убарҭ рҿы аҟәрышь уеигӡар ҟалом. Исымамзар ианаало ҳәа исыԥхьаӡо, зынӡагьы иасымҭар иаҳа еиӷьуп», - азгәалҭоит Илона. Лара илҳәоит, асахҭан аус адызуло рзы Аԥсны ишмаҿу амаругақәеи аусумҭазы ихәарҭоу аҩычагақәеи.
«Асахҭан еидкыланы ирԥшӡаны иуӡахырцаз – акы ибжьакызароуп. Сгәаҟуа, ашәҟәы еихаҿаҳәаны ибжьакны иҟасҵон. Ари саншьа Адгәыр Какоба ианеиликаа, акәадырӡахырҭа маруга ҷыда сзыҟаиҵеит», - еиҭалҳәоит Илона уи ҳарбауа. Иара иоуп асахҭан аԥҟаразы иҷыдоу аҳәызбақәагьы лзыҟазҵаз.
Ацәа еидылӡахыларцаз аҵәымаӷ ршны аханатә икылылҵәон. Уи аамҭа рацәа ақәлырӡуан, нас хәыҷы-хәыҷла илыхәҳауа далагеит амаругақәа, иҷыдоу арахәыцқәа. Иҷыдоуп избанзар ацәа рыхьшьуп, иҟьаҟьоуп. Асахҭан ахаҭагьы аԥшаарагьы мариамхеит.
«Урыстәыла иаҿауҵар, иузааргоит, аха уи азы иуҭаху ажәпара удыруазароуп, аԥшшәы уҳәароуп. Дара убысҟак ирацәоуп, сааҭла узлацәажәаша ахкқәа ыҟоуп. Сара ари џьара сҭалан, ма аӡәы иҿҵааны исымҵеит. Саахҭабкыргьы ацәақәа зегьы ирыхьӡу сызҳәаӡом. Аҟаза иаҿаиҵар илшоит, аха сара уи аҟынӡа сымнеицызт. Насгьы ацәа иалухуа еиԥш ианаало ыҟоуп, аԥшшәы ахыҵра здыруа ыҟоуп. Абас, хәыҷы-хәыҷла еилсырго салагеит», - еиҭалҳәоит Илона.
Уажәы ацәа лыхәҳауеит Аԥсны, уи Ҭырқәтәылантәи иаазго дыҟоуп. Ахә ҳаракуп, аха лабҿаба игәаҭаны илгоит.
«Ацәа аграқәагьы амоуп. Ианааухәо иудыруазароуп иалухуа, шаҟа аго, шаҟа ухәо. Арахә аԥсы анҭаз џьара икыдҟьахьазар ауан, аус анадырулоз ааха аиузар ҟалон. Аҟәрышь маҷымкәа иахшәааны иугоит цәак, аха ишеибго иухәаӡом. Сара ахаан ацәынхақәа касмыжьыцт. Уигьы иахьурхаша ыҟоуп. Зны-зынла убас еиԥш иҟалалоит, ҿаҵак уҭахуп, уи уршәхьазар, иубар – иааг», - лҳәоит Илона дыччаччо. Сгәы иаанагеит ус еиԥш даниахьазар ҟалап ҳәа.
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс арахә рааӡон, ацәагьы аус адырулон. Ари аус аҿы рҟазара шҳаракыз, рҳәоит ахыҵхырҭақәа. Аҵарауаҩ, археолог Михаил Ҭраԥшь игәаанагарала, ажәытә антикатә аамҭазы Севастополис, иахьатәи Аҟәа, ацәа ибзианы аус адырулон. Ибжьаратәиу аамҭақәа рзгьы Аԥсны иҟаҵаз ацәа ргон Византиаҟа.
Ацәа аҟаҵараҿы аџьабаа ду рбон, иара иаҿызгьы ахацәа ракәын. Зны арахә ацәа дрыцқьар акәын, нас идырҵәуан, идырҩон, ахәыц амырхуан, ирҟәаҟәон, иршәуан, идыртатон. Ацәа ҩ-хкыкны иҟарҵон, иаҳа имариаз ҳәа иԥхьаӡаз ахаҭабзиара лаҟәын, егьы – иаҳа аамҭа згоз, иалҵуаз ацәа ахә ҳаракын.
Илона асахҭан иалхны раԥхьатәи лусумҭа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа илҭеит дыԥхашьаԥхаҵо. Иара даалаган, аҟазацәа зегьы ирымазароуп иҳәан, лхатә дырга лзихәыцит. Уаҟа Кәыҵниаа рыжәла адамыӷа арбоуп, иара убас ахыци ахәымпали, уи зегьы аформа иҭагӡаны иҟаҵоуп. Адырга уажәшьҭа лусумҭақәа зегьы рҿы иқәгылоуп.
Еиҳарак уажәы зымаҵ луа ахысратә клуб «Аеҵәа кыдызԥааз» ауп. Аҭаацәа рхәыҷқәа рзы иаҿарҵоит ахҭрақәа, анапхаҵагақәа. Урҭ иаҳа анҵыра рымоуп, адәқьан аҿы ирго аиҳа. Аклуб аҿы иахьазы ҩажәи жәаҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ыҟоуп. Гәынхәҵысҭала илӡахуеит рыҽзлеибырҭо.
Илона уи аҿы мацара даангылом. Лус иаҳа-иаҳа илырҭбаауеит. Анкьа зны ҳамҭас илырҭахьаз маҟак агәҭа ибжьагылан аетникатә сахьа зныз, иԥаны иҟаз ацаха. Уи еиҭашьақәлыргыларцаз акыр днаҵа-ааҵааит, аха арххара аӡәгьы иҭахымызт.
«Насыԥ сымоуп Баҭал Џьапуа иеиԥш иҟоу ауаа сааигәара иахьыҟоу. Иара иҳаимырбац ҳәа акгьы сыздырӡом. Аҟаитан аԥашьагьы сзырбаз иара иоуп. Иҟасҵарцазгьы иҟазарҭахь сцоит, аҩны исымаӡам уи иаҭаху амаруга», - еиҭалҳәоит Илона.
Езлеилаҳкааз ала, аҟаитан уԥарцаз аҭӡаҿы аҵәаҳә налаҵаны арахәыцқәа хазы-хазы иааиҵыхны, амар нарыбжьдо иааихауԥсоит. Ари акырӡа аамҭа рацәеи ахшыҩзышьҭреи зҭаху усуп», – лҳәоит Илона.
Баҭал Џьапуа ибзоураны иара убасгьы Илона илҵеит аԥсуа хҭырԥа аҟаҵашьа. «Уи еснагь аинтерес сыман, аха аӡахра асҟак акәамаҵама шацыз сыздыруамызт», – лҳәоит лара. – Уаҟа напыла иҟаҵатәу рацәоуп, агәырҵҟәыл змоу ишьҭикаауеит.
«Ахҭырԥа зӡахыр сҭахуп анысҳәа, Баҭал аласа ааԥҟаны, Елена Лабахәуа лоуп издыруа иҳәан, лара лахь сишьҭит. Ларгьы ишыҟаҵатәу ааслырбан, сааулышьҭит. Сара сакәызма ауха ишьҭалан ицәоз. Асааҭ жәба реиԥш аҩны иааиз, хԥа рзы, аҵх агәаны, иӡахны салгахьан», - еиҭалҳәоит Илона.
Аухаҵәҟьа афотосахьа ҭыхны Баҭал Џьапуа изылышьҭит. Иибаз даршанхеит. Ахҭырԥа ахә ҳаразкуа аххьа аԥашьа Илона усҟан илыздыруамызт, аха ҵасла ззин ыҟоу, иҵаӷоу асахҭан ала иҟалҵеит. «Зегь реиҳа сзыдхалаз ачыхә ауп. Аха иҟасымҵар смуӡеит», - лҳәоит лара дықәымчны, уи иааира дук ишылзаҩызахаз агәра ҳарго.
Аххьа акәзар, Илона уи аҟаҵашьа лҵахьеит. Ус иаанлыжьуазма. Уигьы лзырбаз Баҭал иоуп.
«Хҭырԥак иагоит 10 метрак рҟынӡа аххьа, аҟьаҟьара хә-миллиметрак еиҳамзароуп. Уи ҟауҵарцаз хымш ухы шьҭымхкәа аус уулароуп. Насгьы арахәыцқәагьы жәпаӡам, уусура алҵшәа иаразнак иубаӡом. Иҵаӷаӡа иҟоуп, аха аҵыхәан закә хазыноузеи иалҵуа», - азгәалҭоит аҟаза.
Илона зегьы реиҳа иҟалҵарц илҭаху аԥсуа маҟа ауп, аха рыцҳарас иҟалаз Аԥсны дыҟаӡам ахьиҩы, араӡны аус адызуло. Ирацәаҩны илыдҵаалахьеит ажәытә аԥсуа маҟақәа змоу. Ихәарҽхьоу асахҭан аԥсахра лылшоит ауп, уи азы ажәытәра ианаало ацәа азылыԥшаауеит.
«Сусқәа ирԥырхагоу ҳәа исымоу аус ахьызуша аҭыԥ амамзаароуп. Аҩны сҭаацәеи сареи еснагь аимак ҳауеит. Ирацәаны аҿаҵақәа насыгӡартә еиԥш макьана алшара сымаӡам. Имодоуп ҳәа ззырҳәо зегьы сгәы иақәшәаӡом аҟынтә, аҟаҵарагьы сашьҭалом», - лҳәоит аҟаза.
Илона лгьама илнаҭоит алшара – иҿыцу акы аҭҵаара, анаҩс ишԥасылымшари ҳәа лнапала аҟаҵара днашьҭалоит, уи иабзоураны днанагоит ажәытәра иагахьоу, иахьа рацәак иуԥымло аҟазарахь. Илона даартуп зегьы рзы, илдыруагьы лааигәа иҟоу ирыцеиҩылшар лҭахуп. Дгәыӷуеит, х-ҩык лыҩнаҭа зырԥшӡо лҭыԥҳацәа рҟынтә аӡәы лдыррақәа шьҭылкаап ҳәа.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me