Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Леуарса Быҭәба ирҿиара

Ааигәа акультуратә платформа «Гәыма» аҟны ицәыргақәҵан асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҿыханҵатә аԥҵамҭақәа. Уи еиҿылкааит «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возба. Араҟа иҟан иара иҭыхымҭақәа 10, ахатәы коллекциақәа рҿынтә.
Иара убас 32 арепродукциа – урҭ ааигәа акартинатә галереиа иалаблыз иҭыхымҭақәа ррепродукциа акәгәышьоуп. Ацәыргақәҵа иаҭааит хыԥхьаӡара рацәала асахьаҭыхҩы иҩызцәа, ирҿиара абзиабаҩцәа, аҿар.
Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылаз­ҭгьы, асахьаҭыхҩы, аԥсадгьыл апатриот иаша Леуарса Быҭәба ихыҵуан 63 шықәса, аха абаҩхатәра ҷыда злаз асахьаҭыхҩы идунеи иԥсахит 2007 шықәсазы. Ирҿиамҭақәа ҳрыхцәажәаанӡа иаҳҭахын маҷк инысымҩа ҳнагәылаԥшырц.
Леуарса Быҭәба 5 класск рҿы дтәан Дәрыԥшьнтәи Аҟәаҟа даниасыз. 16 шықәса анихыҵуаз инаркны ихала қьырала ахә ахшәаауа ауада дыҩнан. Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи ашкол данҭаз аамҭазы еилагӡаны Аҟәатәи асахьаҭыхратә школгьы далгеит. Уи ашьҭахь дҭалеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Қәҿиарала уи хыркәшаны дцоит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа ашҟа. 1981-1982 шықәсқәа рзы, дшстудентызгьы Аԥсны имҩаԥыргоз ацәыргақәҵақәа зегьы дрылахәын. Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа аҿы идипломтә усумҭа ибзиаӡаны ихьчаны дхынҳәит Аԥсныҟа. Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгылеи СССР асахьаҭыхцәа Реидгылеи дрылан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шықәсқәа рзы) исахьаҭыхгақәа нышьҭаҵаны абџьар кны ҳаԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. «Иахьа исцәыцәгьоуп схаҿы аагара аибашьра анцоз Леуарса игәабзиара шуашәшәыразгьы, ахимиатерапиа ҟаҵаны, иавтомат иҟәаҟәа икыдҵаны, деиқәных иҽеибыҭаны аҭабиа дшааҭымҵӡоз», иазгәалҭеит атележурналист, аибашьра зегь зашьцәа ирыцалсыз Емма Хәаџьаа. Леуарса аҟазара ду шилаз еиԥшҵәҟьа аҩызара дугьы илан, ихы иагыжьны ацхыраара зҭахыз рзы дыхиан еснагь.
Иҩызцәа Ахра Бжьаниа, Баҭал Кобахьиа, асахьаҭыхҩы Алықьса Шервашиӡе-Чачба иргәаладыршәоит иҭыхымҭақәа аҽакы ишаламҩашьоз. «Асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба – даара аԥшшәы ибзианы аус адиулон, иара ес­нагь ашәахәа ицын, аӷәӷәара иныԥшуан, ачымазара, ахьаа ицәа иалаз иҽеиҭомызт, есымша иус даҿын», – иҳәоит Алықьса Шервашиӡе – Чачба игәалашәараҿ.
Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа, иҿыханҵа Аԥсны анҭыҵ акырџьара ицәыригахьан, 1992 шықәсазы далахәын Италиа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа. Аибашьра ашьҭахь иаразнак ирҿиара дазыхынҳәит. 1994-96 шықәсқәа ирҭагӡаны Аҟәа имҩаԥигеит х-цәыргақәҵак. 1997 шықәсазы – Москва имҩаԥигеит хаҭалатәи ацәыргақәҵа.
1998 шықәсазы Леуарса Быҭәба иаԥшьгарала иаԥҵахеит, анаҩс напхгара ззиуаз аиҿкаара «Аԥсны зхы иақәиҭу асахьаҭыхҩцәа рассоциациа». 2000 шықәсазы Москва имҩаԥысит иара хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Далахәын Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла злахәыз Шәача, Краснодар, Ростов, Нальчик, Маиҟәаԥ, Санкт-Петербург имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа. Иара убас – Америка, Германиа, Ҭырқәтәыла, Франциа, Иапониа, Швеицариа, Италиа.
2002 шықәсазы имҩаԥысит хаҭалатәи ицәыргақәҵа «Нарҭаа репос» атемала. Леуарса Быҭәба авторс дамоуп аорден «Ахьӡ-Аԥша» аескиз.
Иҭыхымҭақәа рахьтә иалукаауеит аҳҭны-қалақь Аҟәа, Нарҭаа репос, аԥсабара асахьақәа. Иаԥҵамҭа лыԥшаахқәа иреиуоуп «Афродита лира», «Ашырԥаз», «Аԥсаатә», «Ахәылԥаз», «Европа амҵарсра».
Леуарса Быҭәба иџьабааи, ихамеигӡареи азгәаҭаны ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден.
Иҭәымҭа дышҭагылаз Аԥсны иаԥхаз аҵеи гәлымҵәах игәалашәара ижәлар еснагь ирыцзаауеит. Уи ус шакәу лабҿаба иаҳбоит имшираз еиҿыркааз ацәыргақәҵа ала. Рхатәы коллекциа аҟынтәи Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа арахь иааргеит: Хьыбла Возба, Алмас Џьопуа, Лаура Быҭәба, Кама Џьопуа, Руслан Ҳашыг, Анна Ашәба, Зураб Смыр, Виачеслав Чыркба.
Ари ацәыргақәҵа ус-ԥшьоуп, иаԥсоу аҵеи ихьӡ акамыршәразы.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me