Аҧсны аекономика шьаҭас иамоу ахырхарҭақәа рыбжьара ихадараоу ҳәа иалкаақәоу иреиуоп ҩба – ақыҭа нхамҩеи акурорти. 2024 шықәса рзы ақыҭа нхамҩа арҿиара иазоужьуп 150 миллион мааҭ. Арҭ аҧарақәа азкуп «Ақыҭа нхамҩа аҿиара -2024» захьӡу хықәкылатәи апрограмма.
«Иҳәатәуп, аиҧш-зеиҧшыз ҵыҧхтәи апрограмма иазоужьыз ҩынҩажәи жәаба миллион рыла ишеиҵаз. Анхацәа иаадырҧшыз агәацҧыҳәара анааба иазҧхьагәаҭаз ахарџьгьы еиҳаҳтәит. Ақыҭа нхамҩа азҵаарақәа ҳанрылацәажәо еилаҳкаауазар ахәҭоуп зыӡбахә ҳамоу аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рымацара шракәу. Избан акәзар, Асовет аамҭазтәи аҭагылазаашьа зынӡа даҽакын, усҟан аларҵәара змаз акультурақәа уажәы ирааӡаӡом, актуалрагьы рымаӡам. Аибашьра ашьҭахьтәи ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьагьы иобективтәу аҵаҵҕәқәа ацуп иҳәеит», – Беслан Џьопуа.
150 миллион мааҭ ҧара дуӡам, ақыҭанхамҩа арҿиара аӡбахә анаҳҳәо, аха ҳбиуџьет алшарақәа ҳасаб рзууазар уи зынӡа имаҷӡам иҳәеит аминистр. Ақыҭа нхамҩа аҿиара апрограмма мҩаҧыргоижьҭеи уажәшьҭа хышықәсоуп, макьана алшарақәа ыҟаӡам аҩныҵҟатәи аџьармыкьа арҭәразы, аха аҧхьаҟа уигьы ҳазнеироуп.
Ари апроект амҩаҧгара иаҿуижьҭеи ироуз аҧышәа иабзоураны еилыркаауеит ақыҭа нхамҩа аусхк аҿы анхацәа рзыҳәан еиҳа алҵшәа аазгаша, аҧеиҧш змоу ахырхарҭақәа. Араионқәа зегьы рҿы аус зуа акомиссиақәа рхаҭарнакцәа ирыдыркылоит апроектқәа рзы арзаҳалқәа, урҭ еизакны ақыҭа нхамҩа аминистррахьы иаарышьҭуеит. Араҟагьы ақыҭа нхамҩа иазааигәоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа злахәу акомиссиа аҧҵоуп, сынтәатәи ашықәс азы раҧхьатәи аилатәарагьы уажәы ааигәа имҩаҧаҳгеит. 2024 шықәсазтәи апрограмма уаанӡатәиқәа раасҭа акырӡа еиҕьны азҿлымҳара аиуит, ауаа агәаран иқәгылан уҳәар ауеит. Сынтәа зынагӡара ҳахьӡо ҳәа иалкааны 419 проект ҳадаҳкылеит. Апрограмма уи ала иаҳмыркӡеит, аха 419 рнаҩс иааиуа зегьы 2025 шықәса рахь иҳашьҭуеит. Иҳадаҳкылаз апроектқәа зегьы ирго ахарџьгьы ҧхьаӡоуп. Избан акәзар, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны анхацәа амаругақәа инарымаркны рыпроект ангӡаразы иаарҭахыу зегьы рыла еиқәҳаршәоит, иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Ирыдыркылаз апроектқәа ирықәхарџьтәу анырыҧхьаӡа еилкаахеит уи 211 миллион мааҭ ишынаӡо, уи апрограмма анагӡара иазоужьу аасҭа хынҩажәа миллион мааҭ рыла еиҳауп. Апрограмма рхы аладырхәит Аҧсны араионқәа зегьы. Ақыҭанхамҩа аминистррахьы иаашьҭқәаз рыбжьара, проектла зегь раасҭа еиҳауп Очамчыра араион, ахәаҧшразы ишьҭоуп 209 рзаҳал. Иааидкыланы урҭ апроектқәа 97 миллион мааҭ рыхә ыҟоуп. Анаҩс ицоит Гәдоуҭатәи араион, иааидкыланы 106 проект аашьҭуп уаантәи, ҧаралагьы иартәоит 59 миллион мааҭ. Гәылрыҧшь араион аҿынтәи аминистррахь инагоуп 32 проект, Тҟәарчал араион аҟынтәи 22,Галнтәи 13.
Зегь раасҭа имаҷны рхы аладырхәуеит Гагра араион анхацәа, аха уи џьашьатәӡам. Избан акәзар, ақыҭа нхамҩа уаҟа егьырҭ араионқәа рҿы иамоу аҩаӡара амаӡам. Акомиссиа ахаҭарнакцәа апроектқәа зегьы рыдыркылеит, макьана еилырымҧшааӡац. Ақыҭа нхамҩа аминистрра акәзар, акомиссиа аусура ажәалагала ҳасабла иабжьыргеит, аҧышәаратә ҟазшьа змоу акәымкәа, ахашәала аазго, еиҳа ифеидоу, ҳҭыҧқәа ирнаало апроектқәа ҳасаб рыҭазарц. Иара убасгьы уажәазыҳәан мап ацәкуп арахәааӡара иадҳәалоу апроектқәа. Арахә қыҭак аҿы иаахәаны даҽа қыҭак аҿы анхаҩы иҭара, ақыҭа нхамҩа аҿиара иатәӡам, ҳәарада иззаархәо ихы иаирхәап, аха зеиҧшла анхамҩа ашьҭыхра уи аныҧшӡом. Зықәра маҷу арахә зҭиуа ҟалар, иааҳхәар ҳалшоит аҟынтә уи апроект нҳажьит», – иҳәеит иара.
Ҵыҧх, ҵыҧхцәа аҳәаанырцәынтәи азауад жәла иатәыз арахә ааганы ауаа ианрырҭоз атәы дазааҭгыло еиҭеиҳәеит, ари апроект алҵшәа аиуит ҳәа шизымҳәо. Убри аан арахә аҭыҧ рнымаалеит ҳәагьы иузшьаӡом, избан акәзар, Гагра араион аҿы иҟоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыла аус зуа аферма ду. Уаҟа ирымоу арахәжәла хыхь зыӡбахә ҳәо аиуа ауп. «Аферма ртәуп Ҳагәышьаа, рхатә џьабаала, рхатә ҧарала иҟарҵеит. Уи зысгәалашәаз уи ауп, аиҧш зеиҧшу Аҧсны акәым анҭыҵгьы иуадаҩуп аҧшаара. Иҿыцӡоу атехнологиақәа ахархәара рызуп, ҩышә-хы инарзынаҧшуа арахә рымоуп. Ҳара иахьынтәиааҳгаз ауп даргьы иахьаархәаз. Уажәы ааигәа ҳаҟан аспециалистцәа ҳаманы, уеигәырҕьап аферма. Ари аҿырҧштәы заазгаз аилыркааразы ауп, арахә ргәы бзиазар аханатә, аҭыҧ рнымаало иҟаӡам», – иҳәеит ақыҭа нхамҩа аминистр.
«2021 шықәса рзы актәи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭаҭарсҭанынтәи иаагаз арахә уажәыгьы ауаа ирымоуп. Анаҩс иааргоз амҩа иахьықәыз аҧхасҭа маҷымкәан ироуит, насгьы аахәарҭа аҭыҧ аҿы амашьына ианақәдыргылоз ахылаҧшра рыгхеит. Арахә ахьааҳхәаз аферма авба аҭоуп, ҳашшыҧхьыӡ инақәыршәаны Ҭаҭарсҭан арбитражтә ӡбарҭа аӡбамҭала ахараҧса рықәҵоуп, миллионки бжаки аҧара ҳбиуџьет ахь идыргьежьраны иҟоуп. Ари апроект иманшәалахаз ирхыҧхьаӡалам. Ҳара ҳазыхиаӡам хыҧхьаӡара рацәала арахә харантәи раагара. Иҳамаӡам уи аҟаҵаразы иаҭаху атехника ҷыда. Арахә мчыбжьык еиҳаны амҩа ианықәу, амашьынаҿы аӡы ржәыртәеиҧш, аҭәа рфартәеиҧш алшара рымазар ауп. Аҳәааҿгьы ахысразы иарбоу аамҭа аҩныҵҟа иахыгатәуп. Убысҟан ауп ианалыршахо ргәабзиара ҧырхага амҭакәан раагара. Акритика рацәаны иацын ари апроект, аха иара аманшәаламхара иобиективтәу амзызқәа ацын», – ҳәа азгәаиҭеит аминистр.
2024-тәи ашықәс дазыгьежьуа иҳәеит ирыдыркылаз 419 проект аус рыдуаларазы ишаҧҵоу аа-гәыҧкны ишоу акомиссиа. Урҭ зегьы араионқәа ирҭаалоит, апроектқәа рынагӡашьа хылаҧшра арҭалоит. Зегь реиҳа ирацәаны , ҧшь-гәыҧк Очамчыра араион иадҵоуп. «Ари аус аҿы даара ацхыраара ҟарҵоит араионқәа рхадацәа, аҭыҧантәи ақыҭанхамҩатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, урҭ ҳныҟәарақәа рҿы иҳацуп. Апроектқәа змоу анхацәа ирҭаху амаругақәа рзаагара моу, аҵәҩани аандакреи рҿынӡа зегьы рзыҟаҳҵоит», – иҳәоит Беслан Џьопуа. Убри аан иазгәеиҭоит, аханатә ақыҭанхамҩа аминистрра арҭ апроектқәа ианрылагаз, аӡәырҩы ргәы ишаанагоз аҧара рнапаҿы иддыркуеит ҳәа. Уи инамаданы раҧхьатәи ашықәсқәа рзы апроектқәа ҧхьаӡашьа рымамкәан ирацәан. Аха, рнапаҿы ишырмоуаз анеилыркаа, еилышәшәеит, иаанхаз иишаҵәҟьаны аусура зҭаху, ахахәара иашьҭоу роуп.
Беслан Џьопуа иҳәоит ақыҭанхамҩа ашьҭыхра атәы ҳаналацәажәа зегь реиҳа изызхәыцтәу акәны ишыҟоу анхацәа раалыҵ ахьырҭиша аҭыҧқәа реиҿкаара. Шықәсык-ҩышықәса рыҩныҵҟа уигьы азнеира, аҭыҧ ақәҵара азгәаҭоуп. Даҽакалагьы ҟалашьа амаӡам, избан акәзар аҵиааӡара иадҳәалоу апроектқәа даара ирацәоуп. Ус анакәха, анхаҩы иџьабаа алҵшәа злаибо ахашәала иоурц азы деиқәыршәатәуп иахьиҭиша аҭыҧқәа рыла, уи аҟаҵаразы ирызхәыцтәуп еиҳа иманшәалоу амҩақәа.
«2024-тәи ашықәс алагеижьҭеи иҵуа ҩымз роуп. Ҳәарад, арҭ апроектқәа иҵегь изныкымкәа рыӡбахә шьҭаҳхраны ҳаҟоуп. Избанзар, Аҧсны адгьыл чашәрақәа ирықәынхо, ирықәаарыхуа анхацәа рзыҳәан аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара аиура цхыраагӡа дуны иҟоуп. Насгьы, арҭ аусурақәа астратегиатә ҟазшьа рымоуп. Ақыҭаҿы иҕәҕәаӡа зшьапы иқәгылоу анхаҩы иҭыҧ дахыҵны дцаӡом. Издыруада, адгьыл агәыбылра иамаз гьежьыр. Ҳқыҭақәагьы уаанӡа ирхыз аҧсы рхалар», – иҳәеит аминистр.
Елана Лашәриа