Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәларбжьаратәи афестиваль аҽалархәразы

Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагеит аиԥылара Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иалахәхараны иҟоу аԥсуа делегациеи дареи.
Аделегациа иалоуп 100-ҩык ауаа. Аҿар рацәажәарахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.


Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аиԥылара аартуа аилатәара алахәцәа ирыдиныҳәалеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль рҽаладырхәырц еиԥш аҭагылазаашьа ахьроуз.
Афестиваль мҩаԥысуеит хәажәкырамза 1 инаркны 7-нӡа, «Сириус» аҵакырадгьыл аҟны. «Шәара ишәоуеит аҭагылазаашьа еиуеиԥшым еицырдыруа ауаа шәрабадырыртә еиԥш, шәыҽԥышәшәарц шәылшоит еиуеиԥшым аспорттә хкқәеи, аекономикеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, аҭҵаарадырреи рҟны. Ҳара иаҳхамышҭуазар ауп ҳажәлар шанысыз кыр аџьабаа зцу амҩа. Иреиӷьыз ҳаԥсадгьыл аԥацәа ҭахон, ҳара зхы иақәиҭу атәылаҿ ҳанхаларц азы. Шәара ишәымоуп аҭагылазаашьа бзиа шәхы дшәырдырырц азы. Аҳәара ҟаҳҵоит иреиӷьӡоу аганқәа рыла шәхы аашәырԥшырц, избанзар шәара ихьыԥшым амилаҭрацәатә аҳәынҭқарра шәахаҭарнакцәоуп», – иҳәеит Ҭ. Ҳагба Ҭ.
Уи иазгәеиҭеит убасгьы ашықәс шбеиазаауа аҿартә политика иаҵанакуа ахҭысқәа рыдагьы жәларбжьаратәи аспорттә еицлабрақәа рыла.
«Ааигәа Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин иԥылараҟны аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, Аԥсны еизгоу амилаҭтә гәыԥ рхы шаладырхәуа БРИКС ахәмаррақәеи жәларбжьаратәи «Аиҩызаратә хәмаррақәеи». Ҳаспортсменцәа ироуеит аҭагылазаашьа аспорттә ҳәынҭқарра дуқәа рспортсменцәа ԥхьагылаҩцәеи дареи еиндаҭларц», – иҳәеит Ҭарашь Ҳагба иқәгылараҿы.
Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Цкәуа Жәларбжьаратәи аҿартә фестиваль алахәылацәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиара дуқәа.
«Ари акрызҵазкуа хҭысуп Аԥсны азы. 100-ҩык аҿарацәа қәыԥшцәа рхы аладырхәуеит афестиваль. Урҭ рыбжьара зықәра наӡам 10-ҩык ыҟоуп. Избан акәзар афестиваль аҟны иҟоуп ахәыҷтәы программагьы. Афестиваль ахалархәра, азыҟаҵаразы иаԥҵан амилаҭтә зыҟаҵаратә еилакы», – иҳәеит Р. Цкәуа. Иара иазгәеиҭеит, афестиваль аҳәаақәа: «ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа амҵәышәмпыл ала атурнир, уи рхы шаладырхәуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә униваерситет акоманда.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны аҿар, иара Аԥсны зегь азы ари зеиԥшыҟам алшарақәа ишыруаку. Уи шаҳаҭра ауеит амҩа иаша ҳшану, Аԥсни Урыстәылеи ажәларқәа реиҩызара шыҟоу, уи еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахо азы. Сара агәра згоит Аԥсны ахаҭарнакцәа ишаадырԥшуа иреиҳау ахаҭашьатә ҟазшьақәа – ауаҩреи, аинтеллектуалреи, хымԥада аспорттәи лҵшәабзиақәа», – иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Иара убас, уи иазгәеиҭеит атәыла анапхгара аполитикатә зҵаарақәа рыӡбара ишаҿу, аԥсуа спортсменцәа жәларбжьаратәи аспорттә еицлабрақәа рҟны рхы аладырхәыртә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵаразы.
Урҭ азҵаарақәа ирызкны иааиуа амчыбжь азы аԥыза-министр далархәны имҩаԥгахоит аилатәара.
Уаанӡа ҳахьзымнаӡоз аҳаракырахь уажәы шьаҿа-шьаҿала ҳхалоит иҳәеит ахада, аспортсменцәа аихьӡара бзиақәа рзеиӷьашьо.
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль – зегьреиҳа зымҽхак ҭбаау хҭысуп адунеи аҟны.
Афестиваль иаднакылоит 20000-ҩык урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи аԥыза қәыԥшцәа жәларбжьаратәи аусеицура, акультура аҭҵаарадырра, аҵаралашара, агәыҳалалра, абаҩрҵәыра уҳәа еиуеиԥшым аҿартә қәра иаҵанакуа ахеидкылақәа рхаҭарнакцәа.
Мышьҭабзиала!

Аманда Анталаа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me