Абаҩхатәрақәа цәырызго амҩа

Февраль 29 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Гәдоуҭа араион П.Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратәи ашкол аҟны имҩаҧнагеит алитературатә семинар. Уахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниа, апоетцәа Гәында Кәыҵниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, ­Абзагә Аҟалҕьба. Рҽаладырхәит агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Ахра Анқәаб, Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа.


Сынтәа алитературатә семинар абжьааҧны еиҧшымызт, избан акәзар алитературатә еиҧыларақәа мҩаҧысуеит аҧсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи иазку аусмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Убри аҟнытә, аиқәшәара еиҳагьы алахҿыхра иазнарҳауан.
Аҧхьа ажәа рыман Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа ирыҧхьаз араион ашколхәыҷқәа: Лыхнытәи абжьаратәи ашкол афбатәи акласс аҵаҩы Ҳанифа Гыцба даҧхьеит ажәеинраала «Исыбаргәузеи шьҭа сара!», Бгардәанытәи абжьаратәи ашкол ажәеизатәи акласс аҵаҩы Мурҭаз Ванаба – ажәеинраала «Аҽацә», Аџьамҽыҕратәи абжьаратәи ашкол ажәбатәи акласс аҵаҩы Милана Дбар – «Абри соуп сара», Дәрыҧшьтәи абжьаратәи ашкол ажәабатәи акласс аҵаҩы Миранда Кәыҵниа – «Сара схәышҭаара», Бамборатәи абжьаратәи ашкол аабатәи акласс аҵаҩы Мурҭаз Чачибаиа даҧхьеит «Хоџьан ду».
Уи нахыс асеминар ашҟа ииасит. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу иқәгылараан иазгәеиҭеит рырҿиаратә хеидкыла аусура ахырхарҭа хадақәа ишыруаку аҿар аус рыдулара, ақәыҧшцәа рыҩнуҵҟа абаҩхатәра ҿыцқәа ралҧшаара, урҭ рӡыргара ацхраара, абарҭқәа рыла гәҭакыс ишрымоу еиҵагыло абиҧарақәа алитературеи ахатәы бызшәеи рыбзиабара рылааӡара, рмилаҭ хдырра ашьҭыхра. Ишнеишнеиуа зҩымҭа хәыҷқәа раҧҵараҿы зшьаҿақәа ҟазҵо аус рыдулара иабзоураны акьыҧхь ашҟа ишнарго.
«Аҧышәа иаҳнарбоит аба­ҩхатәрақәа ралҧшаараҿы ицхыраагӡа бзианы ишыҟоу ашколқәа рҟны аус зуа алитературатә кружокқәа. Иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны Аҟәа ф-школк рҟны акружокқәа раартра ҳацхрааит, аусеицурагьы ҳабжьоуп. Убас, араионқәа рахьгьы ашколқәа аус рыцаауртә аҭагылазаашьа аҧҵара ҳахаҵгылоит.
2018 ш. акәзар, имҩаҧаагеит Аҧсны алитераторцәа ҿарацәа раҧхьатәи рсеминар, 50-ҩык инареиҳаны иалахәын. Сынтәа гәҭакыс иҳамоуп аҩбатәи асеминар амҩаҧгара. Араионқәа рҟны ҳаиҧыларақәа хықәкыс ирымоугьы убри ауп. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы иаартуп Алитературатә клуб, иара убас аус ауеит аҿар аус рыдуларазы акомиссиа. Араионқәа рҟны иҳамоуп Алитературатә клуб аҟәшақәа. Урҭ рнапхгаҩцәеи ҳареи ҳаимадара азеиҧш ус акырӡа иацхраауеит. Иахьа зҩымҭақәа иҳазрыҧхьо ашколхәыҷқәагьы аус рыдулара ҳазхиазаауеит», – иҳәеит уи.
Анаҩс рхатәы жәеинраалақәа ирыҧхьеит алитературахь раҧ­хьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо ақәыҧшцәа: Гәдоуҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟнытә – аабатәи акласс аҵаҩы Диана Оҭырба, ажәеизатәи акласс аҵаҩы Нестор Сангәлиа, ахәбатәи абжьаратәи ашкол ажәбатәи акласс аҵаҩы Альвина Гәымба, Елана Морчаӡе, Нила Чхабелиа, Алина Гьенаба, Џырхәатәи абжьаратәи ашкол аабатәи акласс аҵаҩы Алина Барганџьиа, ажәабатәи акласс аҵаҩы Сабина Барганџьиа.
Урҭ ирзыӡырҩуаз апоетцәа рабжьгарақәагьы рыгдмырхеит.
Лыхнытәи ашкол иаҭааз апоетцәа: Вахтанг Аҧҳазоу, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, Абзагә Аҟалҕьба, рхатәы жәеинраалақәа реиҧш, Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәагьы ирыҧхьеит.
Агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Ахра Анқәаб иқәгылараан дазааҭгылауа иҳәеит: «ашәҟәыҩҩцәеи ашколхәыҷқәеи реиқәшәара, реимадара акырӡа аҵанакуеит ақәыҧшцәа рышьақәгылараҿы. Хымҧада, иахьатәи аиҧыларагьы хәарҭара алазаауеит. Ҳаҧхьаҟа ас еиҧш иҟоу аҧшьгарақәа ирыцҵалатәуп».
Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа иакәзар, аханатә ашәҟәыҩҩцәеи ашколхәыҷқәеи реиҧылара аиҿкаара дахаҵгылеит. Ажәа анирҭагьы инаҵшьны иазгәеиҭеит уи аҵаҩцәа рааӡараҿы, рылаҧшҳәаа арҭбааразы, ахатәы бызшәа ҷыдала агәцаракраҿы цхыраагӡа бзианы дшахәаҧшуа.
«Ахәыҷқәа ирнаҭо рацәоуп ашәҟәыҩҩы лабҿаба данизыӡырҩуа. Зегьы ҳамчқәа еилаҵаны иаҧсоу аҵеира реиҵааӡара анҳалша, аҧеиҧш бзиа ашҟа ҳнанагоит. Ҳара ҳазхиоуп ааӡаратә ҵакы змоу еиуеиҧшым аиқәшәарақәа рхаҵгылара. Иаҳҭааз асасцәа даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит азҿлымҳара бзиа зауз аиҧылара ҳахьеицалахәыз азы», – иҳәеит уи.
Лыхнытәи абжьаратәи ашкол аиҳабы Изольда Чычба, аиҿкааратә усқәа знапы иану Ада Ҳамиҭ аҧхьа инаргыланы, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа аиқәшәара рыҽшазыҟарҵаз ҩашьомызт. Уи еиҳагьы идырлахҿыхит ашколхәыҷқәа инарыгӡаз акәашарала.
Аҵыхәтәан, Аҧсны ашәҟә­ыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу аиқәшәара еиҿызкаази уи зҽалазырхәызи иҭабуп ҳәа раҳәауа ашкол ҳамҭас иеиҭеит Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ифотосахьа. Аиҧылара иалахәыз ашколқәа ирызшан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла афотоальбом, иара убас ашәҟәқәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me