Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыхьӡ еицамкуа

Март жәеиза рзы Гәдоуҭа, араион Акультуратә хан аҟны имҩаҧысит абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 ш. октиабр жәба рзы хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы.

Аиқәшәара иалахәын Аҧсны аҵара аминистр И. Габлиа, аџьеи адемографиатә политикеи рминистр Р. Аџьба, Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы Р. Лолуа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу, ажурнал «Аҧсны аҟазара» аредактор хада Г. Аламиа, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа, апоет иҭаацәа, иара убас аҵара-ааӡара амаҵ азызуа, ашколхәыҷқәа, алитература абзиабаҩцәа.

Ахәылҧаз аартын апоет иажәеинраала «Аҿар ргимн» иалху ашәа ала. Анаҩс аекран аҟны идырбан Т. Аџьба иҧсҭазаара угәалазыршәо, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы иҭыхыз афотосахьақәа.

Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыҧуаҩ В. Аҩӡба дазааҭгылауа иҳәеит:  «Т. Аџьба ирҿиара, насгьы аибашьраан хабарда ибжьаӡра, иҭаацәеи иҭынхацәеи реиҧш, хьаас ирымоуп иқыҭауаа зегьы. Уи дызхьымӡаз рацәазаргьы, ҳажәлар ирзынижьит ирҿиамҭа шьахәқәа, урҭ рыла ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхоит».

«Т. Аџьба ииубилеи аиҿкаара иахаҵгылаз, зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Аҿар рзы акырӡа рыҵаркуеит абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа, избан акәзар урҭ ааӡаратә ҵакы рымоуп. Ихадоу ируакуп ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи рхаҭақәа ахьалахәу, апоет иажәеинраалақәа ҿырҳәала иахьырҳәо», – иҳәеит Аҧсны аҵара аминистр И. Габлиа.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу иқәгылараан иазгәеиҭеит апоет  иҭынхаз иҩымҭақәа лагала дуны ишыҟоу амилаҭтә литератураҿы. «Т. Аџьба ипоезиа ласуп, бызшәа цқьала иҩуп, аҧсшәа иамоу абеиара рныҧшуеит. Ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа ракәзар, еиҵагыло абиҧарақәа реиҵааӡараҿы аҭыҧ ҷыда ааныркылоит, ахәыҷқәа рдунеи иазааигәоуп, ргәынкылара мариоуп. Т. Аџьба иахьа ихаҭа дҳалагыламзаргьы, ҳдоуҳатә культура иазынижьит хәы-змаӡам арҿиамҭақәа, убри алагьы ихьӡ абиҧарақәа ирыцзаауеит», – иҳәеит уи.

Т. Аџьба ипоезиа махәҭа-махәҭала ишеиларсу, ажәеинраалақәа зызкызаалакгьы рҿахәы нагӡаны ишырҳәо даҩымсит аҵарауаҩ – академик В. Кәаҕәаниа.

Апоет иқыҭа аҟнытә  – Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аиҳабы М. Аџьба иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахәылҧаз амҩаҧгара иазааҧсаз, иахаҵгылаз, зҽалазырхәыз зегьы.

Иныбжьаршә-аабжьаршәны Аҷандаратәи ашколхәыҷқәа даара исахьаркны ирыҧхьон Т. Аџьба иажәеинраалақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы дыҟан Аҟәантәи инеиз арҧыс – апоет имаҭа Наир Аџьба.

Ахәылҧаз аҟны рҟазара ддырбеит иара убас Аҷандаратәи ашкол аҟны еиҿкаау ахореографиатә гәыҧ (анапхгаҩы – А. Кәарҷелиа) акәашацәа, ашәаҳәаҩцәа ргәыҧ «Ахьышьҭра», насгьы Н. Чамагәуа напхгаҩыс дызмоу араионтә ансамбль «Риҵа», В. Ҭаниа инапхгарала Гәдоуҭа еиҿкаау ахәыҷқәа рыкәашаратә ансамбль «Аураашьа» уҳәа егьырҭгьы.

В. Ацанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me