Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашьапылампылтә сезон – 2024

Ашьапылампылтә сезон – 2024 аартра иазкын иахьа, аҩаша, хәажәкырамза 5 рзы, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа, аҟәатәи «Динамо» акаԥдан Аслан Багаҭелиа, Ашьапылампылтә Клуб «Гагра» акаԥдан Асҭамыр Ҵышәба Sputnik Abkhazia апресс-центр аҿы ажурналистцәа ирырҭаз апресс-конференциа.


Ашьапылампылтә сезон ҿыц аатуеит хәажәкырамза 7 рзы, Аҟәа ақалақь, астадион «Динамо» аҿы, 2023 шықәсазтәи Ахраҿаду агара азы Аҟәатәи «Динамои» 2023 шықәсазы Аԥсны иачемпионхаз ашьапылампылтә клуб «Гагреи» рыбжьара имҩаԥысуа аиԥылара ала.
Шабаҭ Логәуа агәра ганы дыҟоуп уи аинтерес аҵаны ишымҩаԥысуа. «Арҭ акомандақәа еиԥылахьан 2011 шықәсазы Ахраҿаду агара азы. Усҟан аиԥылара 2:2 ҳәа ихыркәшахеит, инацҵаны ироуз аамҭа иалагӡаны акоманда «Гагра» аиааира агеит. Сгәы иаанагоит, ари аиԥылара усҟан имҩаԥысыз аҵкьыс еиҵамкәа аинтереси аибарххареи шаныԥшуа», – ҳәа иҳәеит иара. Аслан Багаҭелиа Аҟәатәи «Динамо» акоманда ашьапылампыласыҩцәа асезон аламҭалазтәи аҽазыҟаҵарақәа ирхысхьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Сгәа иаанагоит, акоманда имҩаԥысраны иҟоу асезон ибзианы иазыҟаҵоуп ҳәа», – иҳәеит уи.
Акоманда Гагра» акаԥдан Асҭамыр Ҵышәба акоманда аҩныҵҟа иҟалаз аиҭакрақәа дрылацәажәеит. Уи иажәақәа рыла, акоманда аилазаара аиҳарак аҽаԥсахит, иҿыцу ауаа алалеит. «Урҭ макьаназы ирацәаны имыхәмарӡацт ҳкоманда аилазаараҿы, убри аҟнытә ари аҭагылазаашьа иааиуа абыжьбатәи асезон амҩаԥысшьа ианыԥшыр алшоит. Аха убри аан иазгәасҭар сҭахуп ҿыц иалалаз аҷкәынцәа ицәгьамкәа ишыхәмаруа, агәыӷрагьы ҳамоуп иааиуа асезон аҿы, – иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥш, уажәгьы ақәҿиарақәа раарԥшра шҳалшо, ҳҽазаҳшәалоит аԥхьахәтә ҭыԥқәа зегьы раанкылара. Сара сгәаанагарала, ари ахәмарра аҿы еиҳа зҽазыҟазҵаз иоуп аиааира агара зылшо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Асҭамыр Ҵышәба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me