Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа иԥхьарцабжьы меихсыӷьырц

Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аԥсуа жәлар рмузыка-арҳәагақәа роркестрқәа XIII рреспубликатә фестиваль «Аԥхьарца». Уи азкын еицырдыруа аҟазараҭҵааҩы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа игәалашәара.


Афестиваль мҩаԥылгон ашәаҳәаҩ Инесса Григолиа. Уи хацыркын аҭыԥҳацәа рансамбль «Гәында» иалоу рашәаҳәарала.
Аконцерт иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рыҟнытә ансамбльқәа. Аво­ка­л­тә инструменттә ансамбль «Гәында», Очамчыратәи аоркестр «Ашәахәа». Авокалтә-инструменттә ансамбль «Башныхә» (асахьаркыратә напхгаҩы Лиубов Черқьезиа-ԥҳа). Жәлар рмузыка арҳәагақәа роркестр «Аиааира» (анапхгаҩы Диана Цәеиба), адауласцәа ргәыԥ (Џьырхәа ақыҭа) «Адаул» (анапхгаҩы Еснаҭ Сангәлиа). Борис Қәҭелиа – аԥхьарцарҳәаҩы, Симон Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟнытә «Ашәахәа» (анапхгаҩы Марина Шинелиа), Галтәи ансамбль «Самырзаҟан», (анапхгаҩы Иракли Џьумутиа), аоркестр «Аԥхьарца» (анапхгаҩы Даур Ԥарулуа). Адыга жәлар ринструменттә ансамбль «Насыԥ» (анапхгаҩы Хьечхо Руслан). Гәахәара дууп ари аҟазара хкы рхы азыркуа иахьалагаз аҿар рвока­лтә-инструменталтә трио «Агәыӷра». Уи иалоуп Асмаҭ Хаԥаҭ, Теона Ԥачлиа, Леон Ҳаҭхәа, урҭ аус рыдылулеит жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа.
Раԥхьаӡа акәны асценахь ишьаҿа еихигеит Гәылрыԥшьтәи арԥыс Ҳаџьараҭ Џьопуа.
Аиашазы игәахәара дууп ҳҿар жәлар рмузыка арҳәагақәа, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца ашәа хаа ахьацырҳәоз. Жәытә-натә аахыс аԥсуа иԥсҭазаара иадҳәалаз арҭ амузыкатә арҳәагақәа реиқәырхара, ԥхьаҟа рырҿиара ибзоуроуп асеиԥш афестивальқәа еиҿызкаауа, Иван Кортуа ихьӡ зху арҿиаратә центр анапхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Нури Кәарҷиа. Афестиваль хыркәшо иара иазгәеиҭеит сынтәа 13 шықәса зхыҵуа ареспубликатә фестиваль агәыӷра дуқәа шадиҳәало ҳажәлар рмузыкатә арҳәагақәа реиқәырхаразы. «Ҳара Аԥсны ахи-аҵыхәеи ҳахысуеит, напык иадамзаргьы жәлартә арҳәагақәа азырҳәо ҳара ҳзы хәызмаӡам ҟазацәоуп, асценахь ицәыраҳгоит, аус рыдаҳулоит, еиҳараӡак арԥарцәа арҿиарамҩа алызхыз ҳарзыгәдууп, ҳамҩақәҵаҩцәоуп.
Раԥхьаӡа «Аԥхьарца» анаԥшьаҳгаз, ҩ-гәыԥк ракәызҭгьы иҳамаз, иахьа уи еиднакылоит 12-гәыԥ инарзынаԥшуа. Насгьы ҳара Аԥсны аҳәаақәагьы ҳнархыҵхьеит, ҳаешьаратә республикақәа рахь жәларбжьаратәи афестивальқәа рахьгьы ҳцалоит», – ҳәа азгәеиҭеит арҿиаратә центр анапхгаҩы Н.Кәарҷиа.
Аконцерт хыркәшо Нури Ермеи­-иԥа­ Кәарҷиа уи зҽалазырхәыз зегьы адипломқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранеишьеит.
Еихсыӷьра ақәымзааит аԥсуа иԥхьарца абжьы. Ирацәахааит ҳажәлар ргәы шьҭызхуа ашәақәа.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me