Аиааира – Аԥсназы иреиҳаӡоу малуп

Аԥсны ахьӡ аҭыгара, акультура аиқәырхара, иреиҳаӡоу аихьӡарақәа раарԥшра – ари уалԥшьоуп зегьы рзы. Ааигәа Харитон Агрба диацлабуан Мексикатәи аспортсмен Хосе Мигель Боррего «Лига ставок. Ночь чемпионов IBA» «Сириус» имҩаԥнагаз атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны. Араҟа иԥшьоу аԥхьахә игеит Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба.


Харитон Агрба – Аԥснытәи апрофессионалтә спортсмен, Урыстәыла имҩаԥысуаз аицларбақәа рҟны абираҟ даҵагыланы дықәгылеит. Ақәԥаратә ҭыԥ аҟны днеиаанӡа Харитон данцәырҵуаз аламҭалазы наҟ-ааҟ ивагылан ԥсыуа маҭәала еилаҳәаны ҩыџьа араԥарцәа, ари гәадуроуп, ари насыԥ дууп Аԥсны жәлар рзы.
Аԥснытәи аспортсмен апрофессионалтә еицлабрақәа 14 мҩаԥигахьеит. Аиԥш зеиԥшу аицлабраҟны аԥсуа спортсмен иигаз аиааира даараӡа акраҵанакуеит. Уи даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ҳмиалҭ рыҩныҵҟатәи ргәамч, ргәеиҵамхара. Аҿар аиааиразы ирылшо аныҟарҵо, ртәыла ахьӡ аҭгара рҽаназыршәо, уи ҳтәыла аӡыргаразы мҩа лашоуп. Адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы Аԥсны ахьӡ ахьраҳауа еихьӡара дууп.
Харитон Агрба илиршеит имариамыз аицлабраҿы аиҵамхара, агәкамыжьра, аҭакԥхықәра идыз еилкааны аиааира агара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me