Усҟан апартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Бӷажәба Михаил Ҭемыр-иԥа КПСС Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ хада Хрушьчов Никита Сергеи-иԥа, Кубатәи аԥыза Фидель Кастро. Аделегациа иалахәыз ҩажәаҩык рҟынӡа инаӡон.
Ҭаркьыл Маҳҭи иԥшәма Барцыц-Ҭаркьыл Шьами фҩык ахшара рааӡеит: Расим, Радион, Ҭинаҭ, Екатерина, Владимир, Котик. Анцәа дзықәныҳәаз ҭаацәаран. Аха Маҳҭы иԥшәма Шьами иареи анааидтәалоз, рԥа Радион Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалаӡыз ихьаагара иацыз алаӷырӡ рзыҵәахуамызт… Маҳҭы иԥшәма ихы налықәкны, ус иҳәон:
– Иазхоуп, шаҟаҩы рышәқәа акыз бхабмыршҭын. Егаҩы ҳреиӷьуп. Афырхаҵа ихьҵәуаӡом. Иага аамҭа царгьы, уи аҭоурых дазаанхоит, ҳәа лыгәшәа иҳәон. Маҳҭи иԥшәма Шьами ашәшьыраҿы итәаны рыхшара гәадурала ирыхәаԥшуан. Уи аамҭазы ргәаҵа иаҵаҵәахыз Радион изкыз ахәыцрақәеи ацәажәарақәеи рахь иниасуан. Агәыӷра хәыҷы ирымаз рҽаҭаны адәы иқәын. Ус ахшара реиҳабы Расим аҭаацәара далалеит. Инасыԥхаз Царгәыш Наҭелеи иареи хәҩык ахшара рхылҵит: Руслан, Анзор (Ноник), Рита (Мыскәа) Изольда, Елизавета. Зегьы Дәырԥшьтәи абжьаратә школ иоушьҭымҭацәоуп. Ашкол ианалга еиуеиԥшым азанааҭқәа шьҭырхит.
Руслан Расим-иԥа Ҭаркьыл диит 1950 шықәса лаҵарамза фба рзы Дәырԥшь ақыҭан. Даныхәыҷыз инаркны иарбан спорттә хкызаалакгьы дрызҿлымҳан. Иара А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟ́әатәи арҵаҩратә институт дҭалеит. Аҭоурыхтә факультет далгеит. Иҵара ашықәсқәа раан аҟыбаҩ ҷыда илаз ааирԥшит. Руслан аҭыџьшьҭыхра асекциахь дныҟәон. Ишицааиуаз аниба, ихы-иԥсы адҵаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон. Инаԥшуаз изааигәаз, иҩызцәа «Угәахәтәы Анцәа уахьигӡааит» ҳәа, испорттә мҩа иақәныҳәон.
Раԥхьатәи аспорттә ԥышәара ӷәӷәа дахысит ақалақь «Жиолтые Воды» аспорттә Хан аҟны атлетика хьамҭазы Асовет Еидгыла аҿар реицлабрақәа анымҩаԥысуаз. Ари аицлабра Москвеи Ленингради еизгаз ркомандақәа адунеи аҿы Европеи Асовет Еидгылеи ррекордсменцәа, аспорт азҟазацәа алахәын.
Руслан Ҭаркьыл 1970 шықәса жьҭаарамза аказы, уи аҽны ԥшьашан, – иҳәеит, изааигәаз Аԥсны еицырдыруа, СССР аспорт азҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз атренер Бениа Ӡыкә Маҳмед-иԥа. Усҟан 16-ҩык аспортсменцәа еиндаҭлон. 135 килограмм аҭыџь шьҭырхыр акәын. 16-ҩык иалахәыз аҭыџьшьҭыхыҩцәа рҟынтә ашьҭыхра зылшаз Руслан Ҭаркьыл иоуп. Иара усҟан инагӡаны 20 шықәса ихымҵӡацызт. Руслан ахьтәы медал иаҭәашьахеит. Ахԥатәи аетап аангьы даҽа қәҿиара дук аарԥшра илиршеит. Раԥхьатәи ақәгылара аан аҭыџь ишьҭихыз аасҭа ԥшь-килограммк еиҳан. Аҩбатәи ахьтәы медал игеит.
Руслан Ҭаркьыл аҭыџьшьҭыхҩцәа қәыԥшцәа рыбжьара есааира аиааирақәа рыла ихьӡ адунеи иахыҵәон. Ахьтәы медалқәа ҩба анига ашьҭахь СССР аминистрцәа реилазаараҿы иҟаз абаҩрҵәыреи аспорти рхеилак адипломқәа ианаршьҭеит.
Руслан Ҭаркьыл аспортсмен қәыԥш ҵыхәаԥҵәарада адунеи акәакьқәа рҟынтә ааԥхьарақәа рацәаны изаауан, хыԥхьаӡаралагьы ирацәан. Урҭ рахьтә иалкаахаз иреиуоуп, аҿар рыбжьара аҭыџьшьҭыхра адунеи жәларбжьаратәи аицлабрақәа Банд-Бланкенбург имҩаԥысуаз аицлабра иалахәымз СССР, Германиатәи Адемократиатә Республика, Польша, Бельгиа, Болгариа, Куба, Италиа, Чехословакиа уҳәа атәылақәа жәпакы.
1975 ш. ԥхынгәымзазы Асовет Еидгыла ажәларқәа рхаҭарнакцәа злахәыз аԥхынтә спартакиада цон. Уахь инаԥхьан: Украина, Туркмениа, Литва, Латвиа, Естониа уҳәа убас егьырҭ ареспублика еидгылақәеи, ақалақьқәа – Москва, Ленинград рҟынтәи иалԥшааз аспортсменцәеи ркомандақәа. Араҟа еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рыла аспортсменцәа рыҽԥыршәон: атлетика ласы, аҳәеилышьра, аӡаҿы ампыл асра, амҵәышәмпыл, анапылампыл, акробатика уҳәа.
Аспартакиадаҿы Руслан Ҭаркьыл ақәҿиарақәа ааирԥшит. Аҭыџьшьҭыхцәа еиԥылаз зегьы, иара убас Литватәи аспортсмен Мачерикис зыжәлаз дыриааит. Иара Мачеркис, Руслан иаҵкьыс 10 килограммк рыла деиҵахеит, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, араӡнытә медал игеит. Ахԥатәи аҭыԥ Москватәи аспортсмен Вализаров иааникылеит. Уи аџьазтә медал ианаршьеит.
– Аԥсуа ҷкәын, 22 шықәса ирҭагылаз Ҭаркьыл Руслан – иҳәеит Бениа Ӡыкә, – ачемпионреи арекордқәа рышьақәыргылареи ахы ахьаиркыз Аԥсноуп. Акырынтә Аԥснытәи иреиӷьу акоманда далахәны Қырҭтәыла Аиааира зго ҳәа имҩаԥысуаз аицлабрақәа иҽрылаирхәуан. Уаҟа хыԥхьаӡара рацәала ареспублика арекордқәа шьақәиргылеит. Иара аҭыџьшьҭыхраҿы аихьӡарақәа имаз ирыциҵон. Ихы аус адиулон, ааԥсарак изымдыруа ԥхьаҟа, еиҳау ҳаракырахь дхалон. Усҟан, Руслан Ҭаркьыл Аҟәатәи арҵаҩратә институт аԥшьбатәи акурс аҿы аҵара иҵон, аспортгәыԥ «Ганҭиади» далагыланы дықәԥон. Иара акапан хьанҭабжа змаз, аспортсменцәа реицлабрақәа дрылахәын. Хынтәшьҭыхратәи аихшьаала ала 492,5 килограмм шьҭихит, актәи аҭыԥгьы ааникылеит. Иара убас аҭыџьшьҭкәыцәаараҿы Руслан арекорд ҿыц (аҭыџь 150 килограмм акапануан) шьақәиргылеит. 1971 ш. ақалақь Софиа имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿгьы ахьтәы медалқәа ԥшьба игеит.
Руслан Ҭаркьыл истудентра ашықәсқәа раан иҵара аанмыжькәан, бзиа иибоз аспорт хкқәагьы иҽырхьигӡон, иҵарагьы иациҵон. Ԥшьышықәса рыҩнуҵаҟа ақәҿиара дуқәа иманы, бзиа иибоз иԥсадгьыл ахь дхынҳәуан. Аԥсны ахы-аҵыхәа уи иеихьӡарақәа ирызҿлымҳан, еигәырӷьон.
Руслан Ҭаркьыл жәаҩантә СССР арекордқәа шьақәиргылеит. Ҩынтә адунеи арекордсмен иакәны дҟалеит, Асовет Еидгылеи Қырҭтәылеи рҟны дчемпионхеит. СССР еизгаз аолимпиатә команда далан. Иԥшәма Нели иареи ҩыџьа ахацәарԥар рааӡеит: Ҭенгизи Адгәыри. Рҩыџьгь ҭаацәароуп. Имаҭацәа быжьҩык рыԥсҭазаара иԥсҭазааран. Имаҭа илхылҵыз иара изы дыхәшәыцын.
Руслан ахаан зылахь еиқәны иумбоз, адауаԥшь иаҩызаз аибашьҩы, гәкаҳарак имаӡамкәа ижәлар рыгәҭа дгылан.
Руслан Ҭаркьыл зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз, аибашьраҿы ахаҵара аазырԥшыз Леон иорден занашьаз… Зхатәы еибашьратә ҭоурых аиҭаҳәара зҟазшьамыз, иааигәа игылаз рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз еибашьҩын. Иԥеиҳаб Ҭенгиз дивагыланы Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы деибашьуан.
Руслан Ҭаркьыл Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба изааигәаз, уи идҳәалаз ахҭысқәа акьыԥхь аҿы иҟам ирацәаны издыруаз, аԥсуа хаҵан. Иахьатәи аамҭазы Руслан иеиԥш иҟоу рыԥшаара уадаҩуп. Уи игәаҵантә иаауаз, зыжәлари зыԥсадгьыли иргәыцәыз, игәыблреи ицқьареи дыздыруаз зегьы наӡаӡа ирыцзаауеит.
Руслан Ҭаркьыл аспорт адагьы Аԥсни аԥсуааи ирызкыз азҵаарақәа зегьы рҟны ижәлар рыгәҭа дгылан. Уи иажәа, ихәыцра, идунеихәаԥшра ҭбаан. Дызнысыз имҩа ҭоурыхла иқәҵоуп. Еснагь ҳажәлар дырҵеи иашаны даанхоит.
Ааигәа С. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысит Руслан Ҭаркьыл изкыз агәалашәаратә еиԥылара «Ауаҩы лаша». Ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит: Апполон Думаа, Аслан Кобахиа, Апполон Шьынқәба, Геннади Ҵәыџьба, Џьума Габуниа, Валикәа Гобечиа, Рафаель Амԥар, Аслан Ҭаркьыл. Ақәгылаҩцәа зегьы уи иҭоурыхи ихаҭареи ирзааҭгылеит. Иҭаацәа амузеи ҳамҭас иарҭеит Руслан Ҭаркьыл аибашьраан данырхәыз ихаз акәылӡхылԥеи, ихы иалырхыз ахи, Леон иордени. Иқәгылоз зегьы ирҳәон уи иаԥсуареи, ихаҭареи, иуаҩреи, иҟаиҵаз аус дуқәеи рзы наӡаӡа аҭоурых дшазынхо. «Аиԥылараҿы жәлар рансамбль «Риҵа» ажәлар рашәақәа нарыгӡеит. Имаҭацәа Асидеи Аминеи Ҭаркьылаа Руслан Ҭаркьыл изкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Аиԥылара аԥхарра ду аҵаны имҩаԥысит. Уаҟа иара изкны ицәыргақәҵаз ипатреҭқәа 175 ыҟан. Иаҭааз зегьы урҭ ирыдгыланы акакала ирыхәаԥшуан, иргәалашәоз аҭоурыхқәа еиҭарҳәон. Руслан Аԥсны изызҳауа абиԥарақәа рзы дҿырԥшыганы наунагӡа длашаӡа, деихаччауа рыбла дыхгылазаауеит.
Гугуца Џьыкырба