Иналукааша аҵеицәа ируаӡәкыз

Еицырдыруа аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Симон Пиотр-иԥа Басариа диижьҭеи 140 шықәса ҵит.


Зыԥсҭазаара ганрацәала еиларсу аҭоурыхҭҵааҩ, апублицист, арҵаҩы Симон Басариа Аԥсны иналукааша аҵеицәа дыруаӡәкын.
Симон Басариа диит 1884 ш. декабр 8 рзы иахьатәи Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
1897 ш. Аҟәатәи ашьхарыуаа ршкол даналга, иреиӷьу аҵаҩы ҳәа дыԥхьаӡаны, Горитәи арҵаҩратә семинариахь дрышьҭуеит. Уаҟа иҵара хиркәшоит 1902 шықәсазы, рҵаҩысгьы аусура далагоит Ҟәбантәи аобласт Касиевское ақыҭантәи ашкол аҟны, араҟа аурыс бызшәеи агеографиеи дирҵон. 1903 ш. акәзар, Армавиртәи иреиҳау алагарҭатә ҵараиурҭахь диаргоит. Егьырҭ арҵаҩцәа гәыԥҩыки иареи аиҳабыра шәырҿагылоит ҳәа ахара рыдырҵоит.
1910 ш. атехникатә дыррақәа Москватәи реилазаара аҟнытә жәлар рырҵаҩцәа ргәыԥ ду даланы аҳәаанырцә алагарҭатә классқәа рҟны аҵара аиҿкаашьа ҭиҵаауан. Нхыҵ-Кавказҟа даныхынҳә еиуеиԥшым ашколқәа рҟны аус иуан. Убасҟан ауп алитературагьы дазхьаԥшуа даналага. Екатеринодартәи ажурнал «На Кавказе» аҟны ицәырҵит Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа алалара 100 ш. ахыҵра иазкыз истатиа «Забытый край». Убри нахыс аҭҵаарадырра дазҿлымҳахеит. Кавказ иҭыҵуаз аҭыжьымҭақәа жәпакы ирнылон еиуеиԥшым истатиақәа. Аԥсны акәзар, истатиақәа анырҵон агазеҭқәа: «Сухумский вестник».

1917-тәи февральтәи ареволиуциа ашьҭахь С. Басариа Армавиртәи ауаажәларратә шәарҭадара акомитет аилазаара даларҵеит. Аԥсны – ижәлар гәакьа рмилаҭтә ҿиара аидеиақәа дрызҿлымҳахоит. Игәыӷрақәа адиҳәалон Кавказ ашьхарыуаа еидҵоу Реидгылеи Аԥсны Жәлар Рсовети. Аха хара имгакәа иполитикатә дунеихәаԥшра иԥсахит, Асовет дацәхьаҵит, аменшевиктә диктатура даҿагыланы ақәԥара аԥшьигоит. 1918 ш. февраль азы Аҟәа Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара аҽазышәара ашьҭахь Арра-револиуциатә комитет далалоит. Аха иаарласны ҩаԥхьа Нхыҵ-Кавказҟа дцоит. 1920 ш. декабр мзазы ауп Аԥсныҟа даныхынҳәыз. Амала ақырҭуа мчрақәа рҟнытә игәиҽанырҵахьан иполитикатә усура иацимҵарц азы.
1921 ш. март азы Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла С. Басариа аҵара Жәлар ркомиссариат аҟны аусура дрыдыркылеит. Аԥсны амилаҭ-ҳәынҭқарратә шьақәгылашьа азы абольшевикцәа раԥхьатәи ршьаҿақәа дрыдгылеит. 1921 ш. март 31 рзы Аԥсны ихьыԥшым Асоветтә Социалисттә Республика ҳәа ирылаҳәан. 1921 ш. ноиабр 16 рзы РКП(б) Ацентртә Комитет Кавбиуро иазханаҵеит Аԥсны економикалеи политикалеи ихьыԥшым еиҿкаараны ашьақәгылара. Убри нахыс, 1921 ш. декабр 16 рзы ССР Қырҭтәылеи ССР Аԥсни рыбжьара аидгылатә еиқәшаҳаҭра бжьаҵан, уи ашьаҭала ареспубликақәа рҽеидыркылеит афедерациатә ҟазшьа аманы.
Аԥсны Асоветқәа актәи реизара ду аделегатс иҟаз С. Басариа ареспубликақәа реидылара даҿагылеит, анаҩсгьы политикала реизааигәатәра дадгыломызт. Ари аҭагылазаашьа Аԥсны ахьԥшымра ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа дахәаԥшуан, ҳтәыла аетно-демографиатә ҭагылазаашьагьы аԥсахуеит ҳәа иԥхьаӡон. Иара идунеихәаԥшреи амчрақәа русуреи анеиқәымшәоз иаахтны игәаанагара иҳәон. Аханатә еиԥш, С. Басариа арҵаҩратә усуреи атәылаҿацәҭҵаареи инапы рылакын, аҭоурых-етнографиатә ҵакы змаз аԥшаарақәа мҩаԥигон.
1923 ш. иҭижьит аԥсуаҭҵаара иаҵанакуаз ашәҟәы «Аԥсны агеографиатә, аекономикатә, аетнографиатә еизыҟазаашьақәа». Ари аҭыжьымҭа иаанарԥшуан С. Басариа Аԥсны аҭоурых азҵаатәы иазкны Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьаҿы идунеихәаԥшышьа, иагьышьақәнарӷәӷәон Аԥсны ахьыԥшымра азин шамоу.
1925 ш. аҭҵаарадырра Аԥснытәи агәыԥ аԥсуаҭҵаара асекциа напхгара аиҭон. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан С. Басариа Қырҭтәыла арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара аинститут Аԥснытәи афилиал аиҳабыс дыҟан.
С. Басариа харада ахара идырҵеит. Қырҭтәылатәи НКВД Арратә трибунал иаркыз аилатәараҿы иреиҳаз ахьырхәра – ашьра иқәырҵеит. Аԥсны аҵеи хьӡырҳәага иԥсҭазаара ҿахҵәеит 1942 шықәса маи 27 рзы. 1958 ш. август 7 рзы СССР Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа арратә коллегиа иаднакылаз аӡбамҭала дыриашан.
Симон Пиотр-иԥа Басариа инапы иҵиххьаз аусумҭақәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы хазы шәҟәқәаны иҭыжьын.

В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me