Адныҳәаларақәа зегьы рҿы иазгәаҭан Sputnik Аԥсны зегь реиҳа ахархәара змоу, ауааԥсыра зызҿлымҳау информациатә хыҵхырҭаны ишыҟоу. Уи ус иҟаларцаз, жәа-шықәса ирылагӡаны аусура ду нагӡан, акырӡа аџьабаагьы адбалан. 2014 шықәса рзы Sputnik анаадыртуаз, раԥхьа аусура иалагаз дыруаӡәкуп Алина Жьиԥҳа. Лара уи аамҭа лгәаларшәо илҳәоит, Аԥсны аинформациатә маҵзура ҿыц шаатуа раԥхьаӡа акәны илазҳәаз Инал Лазба шиаку. Sputnik аханатә еиднакылеит хҭак еицҭазыршәуаз ауаа. Уи иабзоураны аусура ашьақәгылара мариахеит. Аԥхьатәи амшқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа аус зуа ирҳәоит, аколлектив аҿы еснагь ишыҟоу аидгылара, аихаҵгылара. «Sputnik Аԥсны» аханатә аус азызуа лаҳасабала сгәы азыбылуеит даара. Еиҳарак сгәы иахәо уи ауп, хаҭала сара иназгаз зегьы иахьа уажәраанӡа ргәы ақәкны аус руеит – Бадраҟ Аҩӡба, Рада Ажьиԥҳа, Саида Ажьиԥҳа, Анжелика Кьахьырԥҳа. Раԥхьатәи ҳнапхгаҩы Инал Лазба убас еиԥш ҭагылазаашьак аԥиҵон - имырхьаакәа, аамҭа кьаҿк ала адырра ҿыцқәа гәнаҳкылартә еиԥш. Нас иаразнакала ҳахгьы иаҳархәартә. Еидикылаз аколлектив зегьы ҿарацәан, иахьа уажәшьҭа абжьаратә абиԥарахь ҳаҵанакуеит ҳаиҳараҩык, аԥышәа аганахьала аизҳара ҳауит имаҷымкәа. Амаҵзура ахаҭа даара аҽарҭбааит, акыр еиҵыҵит уаалагьы, лшаралагьы, уи гәахәара дууп», - азгәалҭоит Алина. Алина авторс дамоуп Sputnik Аԥсны» апроект - «Ахьыуардын», аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку. Иара аԥсышәала ицәажәаз ателеграм-каналқәа ируакхеит. Ари хҭыс дуун лара Алина лхаҭа лзы, иааидкыланы аредакциазгьы. «Ахьыуардын» аканал аартра аидеиа сызцәырҵит Аԥсны анҭыҵ саныҟала, ковид аамҭақәа рзы. Аха усҟан иҭзыжьуа редакторс сыҟан, уи амаҵуреи иарбанзаалак даҽа уски реилагӡара ауӡом, ԥшь-напык умамзар, ҩ-хык ухагыламзар. Урыстәыла арратә операциа ҷыда ҳәа изышьҭоу ианалага, есааира избо сҟалеит ажәабжьқәа «сшырфоз», есыҽнытәи адунеи аикәшара хьӡашьа шамам. Сымч, сылша, егьа ихәыҷызаргьы, аӡәы имҩасуа иақәсырӡыр шысҭахым. Даара акыр еидхәыцланы, сазааит смаҵура аныжьра шысҭаху. Иаартны иасҳәеит ҳнапхгаҩы Руслан Бганба иҟоу абри ауп ҳәа. Беилкаауп, аха уи ада бнапы злабкырц ибҭаху акрыҟазар, аамҭа бымоуп, бхәыц аниҳәа, абри апроект идызгалеит. Дақәшаҳаҭхеит, даара адгылара ду сиҭеит, иахьагьы-уаҵәгьы ҭабуп ҳәа иасҳәоит», – лҳәоит лара. Sputnik ахықәкы хадақәа ируакуп Аԥсны анҭыҵ инхо ҳаӡбахә раҳаратәы аҟаҵара. Аԥхьаҩцәа ажәабжьқәа ирласны, ишыҟаҵәҟьоу рызнагара. Алина Аԥсны дшадҳәалоугьы, Москва дынхоит. Ҳтәылаҿы имҩаԥысуа зегьы Sputnik ала еилылкаауеит. «Аԥсны иҟоу ажәабжьқәа реилкааразы Sputnik хыҵхырҭа хадас исымоуп, асоциалтә ҳақәа, ателеграм-каналқәа – аԥсышәалагьы урысшәалагьы. Аҩнусқәа санырҿу арадио-еиҿцәажәарақәа аҿаскуеит, аефирқәагьы бжьасыжьуам, уи сусура иахьсыднаҵо азы акәым, уа сыҟоушәа сгәы иабоит. Аԥсны сшыҟамгьы, саҟәыгам сусура абзоурала», - иазгәалҭоит Алина. Иҳәатәуп, Sputnik еиҟараны аԥсышәалагьы урысшәалагьы ицәажәо шинформациатә хархәагоу. Сынтәа иаԥҵан ателеграм-канал ҿыц, ҷыдала аԥсышәала ицәажәо ажәабжьқәа рзы. Арадио акәзар, аурыс редакциеи аԥсуа редакциеи рсааҭқәа еиҟароуп. Есыҽны, хә-сааҭк аефир ахь ицәырҵуеит ҩ-бызшәак рыла. Sputnik - жәларбжьаратәи амаҵзура «Россиа сегодня» иахәҭакуп. Аофис хада Москва иҟоуп. Sputnik цәажәоит 32 бызшәа рыла. Аредакциақәа адунеи зегьы иалаԥсоуп, жәа-тәылак инареиҳаны рҿы иаартуп. Убри аан Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперациа иахҟьаны, Мраҭашәаратәи аполитикцәа Sputnik ииашам аинформациа рыланарҵәоит ҳәа ишьаны аусура ааныркылоит. «Sputnik Аԥсны» ианыԥшит ари аҭагылазаашьа. Асоциалтә ҳақәак рҿы иҟаз рдаҟьақәа аркуп. Аматериалқәа раларҵәаразы русура ахырхарҭақәа рыԥсахит. Еиҳарак хшыҩзышьҭра зырҭо ателеграм- канал ауп. Уа ирымоуп 38 нызықьҩык инацны анапаҵаҩцәа. Аԥсуа жәабжьтә канал акәзар, уажәоуп уи амҩа иананыла, рхыԥхьаӡара аизырҳара иаҿуп. Иахьазы 360-ҩык ыҟоуп. «Ахьыуардан» ҩышықәса иалагӡаны 1 190 «ақәтәахьеит». Еиҭа ахыԥхьаӡарақәа ртәы ҳазааҭгылозар, жәа-шықәса ирылагӡаны, амаҵзура асаит аԥсуа даҟьаҿы икьыԥхьуп 41 515 материал. Аурыс даҟьаҿы – 87 890. Уи адагьы Sputnik адаҟьаҿы иркьыԥхьуеит авидеоқәа, афотосахьақәа, аинфографикақәа. Урҭ зегьы аԥхьаҩцәа иаразнак ирылаҵәоит. Иааидкыланы амаҵзура аҿы аус руеит 40-ҩык рҟынӡа. Sputnik Аԥсны жәа-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҿы уи анапхгаҩы Руслан Бганба иазгәеиҭеит, иамоу аҩаӡара зыбзоуроу уи аусзуҩцәа шраку. Зусура аанзыжьуагьы, дахьцалакгьы Sputnik инаҭаз аԥышәа ихы ишаирхәо. Иҳәеит, егьырҭ Аԥсны иҟоу ажурналистцәеи Sputnik аусзуҩцәеи ирыбжьоу аимадареи, аиҩызареи игәы ишаахәо. Sputnik аколлектив жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәаларцаз Москвантә дааит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура «Россия сегодня» аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Андреи Благодыренко. Иара иҳәеит, «Sputnik Аԥсны» аартра раԥхьатәи апроектқәа ишыруаку. Аҟәаҟа данаауа дзыҿцәажәо ауаа Sputnik ахә ҳаракны иахьыршьо иара изы ишгәадуроу. «Sputnik апроектқәа ируакуп Sputnik PRO - ҳԥышәа егьырҭ ажурналистцәа иахьрымаҳдо. Уи зыҟаҳҵогьы уи ауп, иааҳакәыршаны зыҩаӡара ҳараку ауаа аныҟалалак, ҳара ҳусзуҩцәагьы ирызҳауеит. Усҟан акьыԥхь збо зегьы даҽа гьамак аархәоит, ахаҭабзиарагьы ҳаракхоит», - иҳәеит Андреи Благодыренко. Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Sputnik аусзуҩцәа дрыдныҳәало иҳәеит, есыҽны Sputnik дшацу. Дрыԥхьоит ажәабжьқәа, дазыӡырҩуеит арадио. «Sputnik шьақәгылеит. Аусзуҩцәа ҟазацәоуп. Урҭ аидгыла имҩаԥнаго аицлабрақәа рҿы лассы-лассы иалкаахоит. Исгәаԥхоит «Ахьыуардын» - бызшәа цқьала иахьцәажәо, аматериалқәа шазнархио. Sputnik ҿырԥшыгоуп аԥсышәала ажәабжьқәа рызнагараҿы», - иҳәеит Руслан Ҳашыг. Ииашаҵәҟьаны, жәашықәса ирылагӡаны Sputnik ҳтәылаҿы аус зуа аинформациатә хархәагақәа рыбжьара иаанакылеит акы иаламҩашьо аҭыԥ ҷыда. Ари аамҭа иалагӡаны аусзуҩцәа Аԥсны ахи-аҵыхәеи иахьымнеиц ҭыԥ ыҟам. Есыҽны атәыла аԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа ахҭысқәа рыӡбахә аҳәара иазы.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com