Ахәыҷқәа рзы аҭыжьымҭа ҿыцқәа

«Арбаӷь ҟаԥшь»

Ааигәа аԥхьаҩцәа ироуит Д. И. Гәлиеи Т. Шь. Аџьбеи рхьӡқәа зху Аҳәынҭқарратә премиақәа занашьоу, алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа ирызку иажәабжьқәа реизга «Арбаӷь ҟаԥшь».
Ашәҟәы аҭыжьра алыршахеит агәыҳалалратә Фонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны. Аизга еиднакылоит ажәабжьқәа жәба: «Ардәына», «Иацтәи амш абжьы», «Алиқә», «Арбаӷь ҟаԥшь», «Ҵис аҿы аӡәӡәоит», «Агәы абжьы», «Асас», «Забацәа рыгәнаҳа иаҵоу», «Ахьшь». Ашәҟәы иацуп Аԥсны жәлар ры­шәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иаԥхьажәа «Абаҩхатәра иаша ашьаҭа».
Ашәҟәы аҿы еизгоу ажәабжьқәа даҽазныкгьы идырҵабыргуеит абаҩхатәра злоу апоет, апрозаик Анатоли Лагәлаа ирҿиара амҽхак, уи аганқәа. Шьахәла ицааиуеит ахәыҷқәа рдунеи иазааигәоу аҩымҭақәагьы раԥҵара. Аҭыжьымҭа иагәылоу ракәзар, аԥсуа ԥсҭазаара аҟнытә иаагоуп, аԥхьаҩцәа хәыҷқәа аднаԥхьалартә иҩуп, амилаҭ-цәа рхоуп. Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыла ицәыриго ахҭысқәа алитература абзиабаҩцәа игәныркылартә еиҿыбаауп.
Аҭыжьымҭа сахьа хкыла еиқә­иршәеит асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа. Атираж 500 цыра ыҟоуп.

«Аҳамҭа»

Абас ахьӡуп апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лхәыҷтәы жәеинраалақәа реизга ҿыц.
Апоезиеи апу­блицистикеи ре­иԥш, апоет акыр ҵуеит ахәыҷқәа рықәра иаҵанакуа ажәеинраалақәа аԥылҵоижьҭеи. Урҭ ажурнал «Амцабз» аҟны илкьыԥхьуеит.
Ааизга иагәылоу ажәеинраалақәа рҟны ицәырылго Аԥсадгьыли, ахатәы бызшәеи, ани рахь абзиабареи, аԥсабареи, насгьы аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, ауаҩытәыҩса ицәаҩа ҟазшьа бзиақәа ирымаданы иаарԥшуп.
Убас еиԥш иҟоу ажәеинраалақәа иреиуоуп: «Аԥсшәа», Сан исалҳәон», «Амра», «Ақәаԥсата», «Ааԥын», «Асы шкәакәа», «Ашәҭқәа сырҭеит ҳамҭас», «Аиаҵәара ҳбаҳча иахыҵәеит», «Цгәык сымоуп ихәымбыблӡа», «Ҵис Хырсыр», «Сласба», «Аҳәыс», «Ахьаԥарч», «Акәҷышь», «Адырганҵыхәа» уҳәа егьырҭгьы.
Ашәҟәы аԥшшәы змоу аса­хьақәа рыла иҩычеит В. Ҵәыџьба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me