Аԥсны анапхгара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит аҵарадырра асистема аҿиареи абызшәа аиқәырхареи. Ари аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика иахьаҵанакуа аҵараиурҭақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи ирыдҳәалоу аусурақәа маҷымкәа имҩаԥысуеит.
Урҭ аобиектқәа ируаку акы акәны иҟалеит 1992 шықәсазы зусура нкылаз Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла аҿы игылоу ашкол ахыбра. Аҳаблаҿы инхо ауааԥсыра акыр шықәса ҵуеит аԥсуа школ хымԥадатәиуп ҳәа азҵаара шьҭырхуеижьҭеи.
Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҿы аԥсуа сектор аартуижьҭеи 30 шықәса шҵуагьы, аҵаҩцәа рзы аҭыԥ азхом, уи аҵаратә процесс акырӡа иаруадаҩеит.
«Убри аҟнытә Гагра администрациа Ахада Иури Хагәышь иҟаиҵаз ацхыраара иабзоураны араионтә биуџьет аҟынтәи 350 миллион аԥара азоужьхеит ари ашкол ахыбра аиҭашьақәыргылара. Гәык-ԥсык ала агәра аагоит аусура шаанкыламхо, иаарласны ари ашкол ҳаамҭазтәи астандартқәа зегьы ирықәшәартә аусура ишалаго,» - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиба.
Аргыларатә усурақәа рнапхгаҩы Рамаз Нарманиа иажәақәа рыла урҭ хыркәшахоит цәыббрамза 2025 шықәсазы.
«Уажәазы ашьыхратә усурақәа зегьы хыркәшоуп. Ахыби аԥенџьырқәеи ԥсахуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы аихшанҵа инақәыршәаны инаҳагӡап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - иҳәеит Р. Нарманиа.
Цандрыԥшьтәи ашкол аиҭашьақәыргылара – ари ашкол ахыбра аиҭашьақәыргылара мацара акәӡам иаанаго, уи аҵаратә инфраструктура аҿиареи, аԥсуа бызшәеи, акультуреи реиқәырхаразы акыр зҵазкуа шьаҿоуп. Еиҭашьақәыргылоу аҭӡамцқәа рыҩнуҵаҟа аҵарашықәс ҿыц алагара арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы атрадициақәа реиҭарҿиареи, амилаҭтә хаҿра арӷәӷәареи ирсимволны иҟалоит.
Аманда Анталаа