«Акакаҷ» ахацыркра

Ааигәа агалереиа «Ауада» аҟны имҩаԥган «Акакаҷ» захьӡу, итрадициатәу, ижәытәӡатәиу аԥсуа-адыга хьиратә лыхымҭақәа рӡыргара иазкыз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Ари амилаҭтә напҟазара акыршықәсқәа раԥхьа аҿиареи ахархәареи аман ҳтәылаҿы, аха, рыцҳарас иҟалаз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ҳара ҳҿы еиқәымхеит, амала мшын нырцә амҳаџьырра иагаз ҳџьынџьуаа рҿы еиқәхеит. Анапҟазара аԥсуа-адыга жәларқәа ишаҳтәыз дырзомызт ахархәара азҭоз. Ҳџьынџьуаа Есен Кәыџбеи Бехиџье Баӷбеи рыбзоурала ҩаԥхьа аԥсҭазаара аиуит, ихацыркхеит аханатә аҿиара ахьаиухьаз аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы. 2018 шықәса азы урҭ Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаадыртит итрадициатәиу, ижәытәӡатәиу аԥсуа-адыга хьиратә лыхымҭақәа рыҟаҵара, рԥашьа дырҵара иазкыз акурсқәа. Ҭырқәтәылантәи иааны, ари анапҟазараҿы зхы ԥызшәарц агәахәара змаз абиԥара ҿа ирызнаргон, иддырҵон Есен Кәыџбеи Асиа Иаӷани. Урҭ напылатәи аџьа ахархәара змоу ахьиратә лыхымҭақәа рыҟаҵара иалагеит, раԥхьа– араӡын рахәыцқәа рцынхәрас абҩа ахархәарала.
«Иҵаӷоу араӡын рахәыцқәа рхархәарала ахьиратә лыхымҭақәа раԥҵара зынӡа имариамзаргьы, дааракгьы иуадаҩым уи анапҟазараҿы ауаҩы ихы аԥышәаразы, аарԥшразы агәаҳәара анимоу»,– лҳәеит «Акакаҷ» аиҿкааҩцәа руаӡәк, адизаинер Стелла Саӡ-ԥҳа ҳаиҿцәажәараан.
Уи лажәақәа рыла, лҩызцәа, ицәыргақәҵаз аекспозициақәа равторцәа: аҟазараҭҵааҩ Елена Лабахәуеи, асахьаҭыхҩы Мактина Гогиеи лареи шықәсык аҩнуҵҟала араӡны рахәыцқәа рыла аԥашьа ҵаны, напылатәи аџьа ахархәарала раӡныла ихырҷоу, иԥоу 60 усумҭа, – ахьиратә лыхымҭақәа цәырыргеит.
Ацәыргақәҵаҿы иҟаз ахьиратә аалыҵқәа рколлекциа аҟны уаҩ илаԥш адхалон еиуеиԥшым акомпозициақәа рыла иаԥҵаз, итрадициатәуи ҳаамҭазтәи аԥашьа хкқәа рхархәарала еиҿыбааны инапылаҟаҵароу ахәдахаҵақәа, анапхаҵақәа, агараҿы икнарҳауа, алаԥшцәгьа аҟәыгара иазку акнаҳақәа уҳәа итрадициатәиу ижәытәӡатәиу аԥсуа-адыга лыхымҭақәа. Аколлекциа дырбеион ахархәара змаз аԥсабаратә хаҳәқәагьы.
10-хкык рыла, еиуеиԥшым аԥашьақәа рхрархәарала аус зыдулоу, зхаҭабзиара ҳараку араӡны рахәыцқәа рхрархәарала иаԥҵоу аколлекциа аҟны ихәҳахо ахәдахаҵа ма анапхаҵа, аԥсуа традициатә орнаментқәа рыла иҟаҵоу асахьаҭыхҩ Баҭал Џьопуа иусумҭа иалху акасқәа ирылаҳәаны аҳамҭа рхиахоит.
«Акакаҷ» ахьӡ ахаҭагьы ишәа-иза иазнеит. Уи аидеиа авторцәа ахацыркҩцәа Елена Лабахәуа-ԥҳаи, Стелла Саӡ-ԥҳаи Мактина Гогиа-ԥҳаи еиқәышаҳаҭны иалырхит аҵаки аҭоурыхи змоу, ажәытә аԥсуа ажәа, хаҭала еиҳа ари анапҟазара ианаалоит, иазааигәоуп ҳәа азгәаҭаны.
Ацәыргақәҵа аартраҿы, аӡәи-аӡәи хеибарҭәаауа рықәгыларақәа рҿы иазгәарҭеит, хықәкы хадас ирымоу – ҳмилаҭтә ҟазара, ҳнапҟазара, иж́әытәӡатәиу, итрадициатәиу аԥсуа-адыга хьиратә лыхымҭақәа рыҟаҵара ҳаԥсадгьыл аҿы, ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа аҿиара аҭара, ҳкультуратә ҭынха аиқәырхара шакәу.
Ацәыргақәҵа аартын декабр 4 рзынӡа. Уахь имҩахыҵыр рылшон ари анапҟазара ҳаҭыр ақәызҵо, иазҿлымҳау зегьы

Алиса Гәажә-ԥҳа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me