Мышьҭабзиала, Ашықәс ҿыц!

Мышқәак роуп иаанхаз, Абзиараз, Агәылшьап иаҵәа ҳәа 2024-тәи ашықәс наскьаган, Бзиала уаабеит 2025-тәи Амаҭ иаҵәа Ашықәс Ҿыц аҭаларазы.
2024-тәи Агәылшьап ашықәс, хаҭала, аԥсуа жәлар гәаҟра дук ҳзаанамгазаргьы, ҳаԥсҭазаара хынҭа-ҩынҭарала иҭәын, иуадаҩыз шықәсны имҩаԥысит. Ашықәс анҵәамҭаз, аҵыхәтәа шааигәахаз адырызшәа Агәылшьап даара аҽаҟьеит, ҳтәыла алашьцара аханарԥеит, аполитикатәи аекономикатәи ҭышәынтәалара шьақәнаҟьеит. Аха акызаҵәык – ауаажәлар ачҳара аарԥшреи аҭынчра аиқәырхареи рылыршо иааиуеит. Афымцалашара аҭагылазаашьа еиӷьхеит уажәазы.
Инҳажьуа ашықәс ауадаҩрақәа шацызгьы, ҳазҭало Ашықәс Ҿыц гәыӷра шәкы адаҳҳәалоит. Ишырҳәо еиԥш, «Агәыӷра аҵыхәтәанынӡа иԥсӡом»…
Аԥсҭазаараҿы амаҭ абара агәахәара знаҭо шамахамзар уаҩ дуԥылом, аха китаитәи агороскоп излаҳәо ала, амаҭ – ҳаҭыр зқәу, ԥстәы лыԥшаахуп. Уи символра рызнауеит – аҟәышреи, аҟәыӷаџьбарареи. Иҟалап аҟәышра ҳәаақәызҵо агызмалрагьы ацзар! Ас еиԥш аҟазшьақәа рылаҟазаареи раарԥшреи рыла, ҳәарада, имариахоит аиҭакра бзиақәа ралыршара.
Хаҭала, Амаҭ иаҵәа – аҩызцәа ирылукаауеит аҭынчра бзиа избо, ҟазшьалагьы ҭынч ашьшьыҳәа еиқәтәоу акы акәны. Уи хықәкыла аҽазнашәоит аиҵыҵреи аизҳареи рзы аҭагылазаашьа аԥҵара, аиқәырхара.
Амаҭ ашықәс зынӡа имарианы им­ҩасуам, ачҳареи аӷәӷәареи аар­ԥш­тәуп. Амаҭ иаҵәа ҳаҩнуҵҟатәи агәҭынчра, ачҳара аарԥшра ҳаднаҵоит. Уи атәамбара, ахымхәыцра хырҳага злам акоуп. Амаҭ аҟәышра инаҷыдангьы зымшьҭа бзиоу акәны иԥхьаӡоуп. Хаҭала, Амаҭ иаҵәа Ашықәс азы еиҳа аманшәалара ззаанаго роуп ҳәа иршьоит аҭҵаарадырреи аҟазареи рхырхарҭақәа. Арҿиареи аҭҵаарадырреи знапы алаку ауаа рзы агәахәара зцу, еихьӡара бзиала ихаҭәаау шықәсхоит ҳәа азгәаҭоуп.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me