Лариса Макачааԥҳа 75 ш

Апоет, апублицист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачааԥҳа диит 1950 шықәса, ианвар 1 азы Гәдоуҭа араион, Абӷархықә ақыҭан.

Аацытәи ашкол аҟны абжьаратә ҵара анхлыркәша, лдыррарҳара иацылҵоит Қарҭтәи атехникатә институт аҟны, ааглыхра лас азанааҭ ала. Уи қәҿиарала даналга еиуеиԥшым аамҭақәа раан аус луан: Аҟәатәи аполиграфиа-аарыхратә еидҵараҿы, Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аԥсуа ҟәшаҿы редакторс.

Иаҳхысыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭазы апериодикатә кьыԥхь адаҟьақәа рҟны зҩымҭақәа рыла ицәырҵыз Лариса Макачааԥҳа иаԥылҵахьеит ахәыҷтәы жәеинраалақәа, ақәыргыламҭақәа, ажәабжьқәа уҳәа бызшәа мариала еихышәшәо, иззынархоу ашколқәранӡатәии, алагарҭатә школи ирыҵаркуа ахәыҷқәа рхатәы бызшәа агәыблра дзыркуа акыр аҩымҭа ссирқәа. Иҭыҵхьеит акымкәа урҭ еидызкыло лышәҟәқәа «Санхәыҷыз», «Раԥхьатәи аҵәҵәа», «Аԥсуа алфавит анбанқәа» уҳәа уб. Иҵ. Лажәеинраалақәа кьыԥхьуп иара убас, Аԥсуа поезиа антологиа» (Аҟәа, 2029 ш.) аҟнгьы. Лариса Заабеҭ-иԥҳа лыжәлар гәакьа рҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ируаку 1992-1993 ш.ш. рзтәи аџьынџьхеиқәырхаратә еибашьра аан, лқыҭа аҵеицәа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи, еиҵагыло аҵеира ргәалашәараҿы наунагӡа хашҭра шақәым арҵабыргуеит «Ԥшьышәи жәаха мши ҵхи» ахьӡны, Аҟәа 2008 ш. рзы иҭлыжьыз аизга

Инеидкыланы иуҳәозар, Лариса Макачааԥҳа лырҿиара зегьы иагәыцә хадоуп ауаҩра, ақьиара, аԥсадгьыл абзиабара, уи иашьагәыҭу лыжәлар гәакьа еснагь иашала рзыҟазаара.

Илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә гәаҳәара, агәалаҟазаара ҳаракы.

А.Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me