Агәырӷьаратә хәылԥаз ахь иааԥхьан: аҟазараҭҵааҩцәа, аҟазара амаҵ азызуа, аетнологцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, иара убас аҟазара абзиабаҩцәа.
Алашьцареи аӡын мшы иацу ахьҭеи иазхьамԥшкәа «Аицгәырӷьара» ашҟа имҩахыҵыз акраамҭа афымцалашара азԥшра шрықәшәазгьы, гәамҵрак рхы-рҿы ианыԥшуамызт, агәалаҟазаара бзиа рыманы ажәабжьқәа еибыҳәо итәан.
Азал аҿы улаԥш рықәшәон Ҭырқәтәылантәи ари аусмҩаԥгатә ахалархәразы иааз ҳџьынџьуаа маҷҩымкәан.
Ус «Абхаз Деск» аиҿкааҩ, аиҳабы Битиуль Маршьан-ԥҳа агәырӷьаратә хәылԥазы аартуа, имҩахыҵыз «Бзиала шәаабеит» ҳәа раҳәо иааркьаҿны ирзеиҭалҳәеит реиқәшәара зызкыз. Дазааҭгылеит акыр шықәсқәа раԥхьа Аԥсны иҿиаз ажәытә аԥсуа кәашара, ҳтәылаҿы зеиқ́әырхара алымшаз, аха Ҭырқәтәылаҟа иахгаз ҳџьынџьуаа рҿы еиқәхаз аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳ́әра, арҿиара хықәкыс ишрымоу.
Анаҩс, аԥсуа милаҭтә рҳәагақәа рхархәашьа бзианы издыруа, шықәсык иалагӡаны ажәытә аԥсуа ашәақәагьы ацҳәашьа зҵаз Очамчыратәи аҿар рыҩны ахәыҷқәа асценахь ицәырҵит. Урҭ инарыгӡеит акымкәа-ҩбамкәа ашәақәа. Рықәгылара хацдыркит хәыҷгьы-дугьы еицырдыруашәа «Азамаҭ» ала, иагьхдыркәшеит ажәытә аԥсуа кәашареи ҳаамҭазтәи аԥсуа кәашареи рмелодиақәа рыла. Ахәаԥшцәа арҭ аҩ-мелодиак рынагӡашьа даара агәахәара рнаҭеит, рнапеинҟьабжьы азал иҩныҩуан.
Ахәылԥаз аҩбатәи ахәҭахьы ииасын. Асценахь инаԥхьан ажәытә аԥсуа кәашареи «Аураашьеи» рыҿиареи рҭоурыхи рылацәажәаразы аспикерцәа Кудреҭ Палба, Нури Кәарҷиа, Марина Муратукуа.
Кудреҭ Палба инарҭбааны дазааҭгылеит хаҭала акәашара аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы ҭыԥс ианнакыло, иара убас акәашарақәа рыҿиареи урҭ зыдҳәалази, иахьынтәаауеи, ахы ахьыҵнахызи.
Уи иажәақәа рыла, акәашара – адинхаҵареи аԥсабаратә цәырҵрақәеи ирыдҳәалоуп. «Акәашара – Аураашьа» –ижәытәӡатәиу аԥсуа кәашароуп. Уи ҵакыс иамоу ажәытәан ауааҳәа уны аицхыраара иахылҵыз аусура, «ауааҳәала ауаа реицхыраара» иахыҵхырҭоу кәашароуп, «Аураашьа» ашәа ацҳәаны инарыгӡоз кәашароуп. «Афырашьа» – ари амацәыс зысыз икәшаны икәашоит, амацәыс иахылҿиааз қьабзтә кәашароуп. Ақьабз ҳцәыӡзаргьы, ҳақәымныҟәозаргьы, урҭ рҟнытә еиқәхаз ируакуп ари акәашара», – иҳәеит уи.
Кудреҭ ицәажәараҿы дазааҭгылеит иара убас акәашара «Аибаркыра», шынарыгӡоз. Ажәытә аԥсуа кәашара иаҵанакуа аӷәылаба ала (аӷәы алаба ала иасны) акәашара ҳлеишәа, ҳқьабз шаныԥшуа, уи ахатә ԥҟарақәа шамоу. Еиҳабы-еиҵыбла аӷәы адтәалара шаҭаху, акәашарахь иназыԥхьогьы хазы ауаҩы дшалху, «зхы иҭашәаз, ааԥхьарада дықәланы акәашара аԥҟара ишарбам. Ажәытә аԥсуа кәашара ҩ-хәҭакны еихшоуп. Актәи аҟны: ашәа ацырҳәоит аӷәы иасуа (уи ауаажәларратә усзуҩ Октаи Чкотуа «Арӷызра» ахьӡуп ҳәа аԥсш́әахь иеиҭеигеит Кудреҭ Палба, ицәажәара). Аԥсны жәлар рартистцәа Алексеи Аршбеи Циала Чкадуеи азал аҟнытә «Азазара» ахьӡуп ҳәа азгәарҭеит.
Аҩбатәи ахәҭа зегьы рзы еилкаан, уи ашьацәкьарақәа ирықәгыланы еимаада акәашара акәын.
Кудреҭ Палба, ицәажәара ахыркәшараан иҳәеит: «Аҿар акәашарақәа ахьынарыгӡоз, еизарҭас иахьрымаз, иахьеиқәшәоз, иара убас, аус ахьеицыруаз, ауааҳә ахьыруаз акәын, аха еиҳарак – ачарақәа рҿы. Аиқәшәара, ачара еснагь ихдыркәшоит акәашара «Аураашьа» ала. Ари акәашара ашьҭахь, даҽа кәашарак анагӡара ҟалом», – иҳәеит уи.
«Зыӡбахә ҳамоу ажәытә аԥсуа кәашара еиуеиԥшымкәан инарыгӡоит. Иахьа урҭ рхатә ҷыдарақәа рымоуп. «Ҵабалаа рыкәашара» ҳәа иашьҭоуп еиҳа ижәытәу акәашара, ҳаамҭазтәи– «Адаԥазараа рыкәашара» ҳәа. Шықәсык инацны иҵуеит ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» абзоурала напхгара зысҭо акәашаратә гәыԥ Аԥсны еиҿкаауижьҭеи. Ҳара хықәкы хадас иҳамоу ажәытә́ аԥсуа кәашара аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәра, аԥсҭазаара, аҿиара аҭара ауп» – лҳәеит Марина Муратукуа.
«Хәы-змам ҳамҭоуп Аԥсны иаҳзеиқәмырхакәан, иаҳцәыӡхьаз, ажәытә аԥсуа кәашара ҳџьынџьуаа, ҳашьцәа Ҭырқәтәылантәи иахьаҳзааргаз, ара иахьрыладырҵәо. Аҟазара ҳахьыҟазаалак ҳаидызкыло акоуп.
Уи аганахьала ҳаигәныҩра, ҳԥышәеимдара аԥхьаҟа ҳмилаҭтә ҟазара еиҳагьы иӡырнагоит, аҿиареи, аизҳареи анаҭоит» - иҳәеит Жәлар Рырҿиара Ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа. «Аицгәырӷьара» ахәылԥаз мҩаԥысит даара агәалаҟазаара бзиеи аԥхарреи аҵаны.
Уи ахыркәшамҭаз еиҿкаан Ажәытә аԥсуа кәашара анагӡарала. Аҿар ҩыџьа-ҩыџьала еицыкәашон еибарԥшны. Амш акыр ахәларахь ишнеихьазгьы, афымцалашара аныцәагьы алашарбагақәа аркны акраамҭа аҿар кәашон, уахь имҩахыҵызгьы еилшәарада, урҭ гәахәарыла, напеинҟьарыла ирзыԥшын. Ус, зегьы рнапқәа еибаркны иаацәырҵит «Аураашьа» икәашо. Уи акәхеит, ахәылԥаз хыркәшахеит ажәытә аԥсуа леишәа, ақьабз ишаҵанакуаз. «Аураашьа» акәашара анагӡарала.́
А. Хәырбыц-ԥҳа