Ақәҵара 2012 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аԥҟарақәа арҿыцуеит. Иҿыцу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, аусшәҟәы апункт 6 шьҭарнахыс иалагалоуп хазхаҭалатәи ахаҿқәа ирызку ацҵа.
Абнатә фонд адгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь риагаразы ашәатәқәа мҩаԥгахоит аиуристтә хаҿқәа рыла еиԥш хазхаҭалатәи ахаҿқәагьы рыла. Урҭ ареспубликатә биуџьет ахь иалагалахоит.
Адгьылтә хәҭақәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь риагаразы ашәатәы алагалара азиншьақәыргыларатә усшәҟәқәа рыҭаразы ихымԥадатәиу ҭагылазаашьаны иҟоуп.
Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа адҵа рыҭоуп иақәнагоу ашәатәы амҩаԥгарада аусшәҟәқәа рыҭара аанкылареи адгьылхәҭақәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь риагаразы адырра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь анашьҭреи. Абнатә нхамҩазы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа ашәатәқәа рымҩаԥгара ахылаԥшра анаҭалоит, иара убас убри азы адырра араионқәа рхадарақәа рахь рынашьҭра алнаршалоит.
Иарбоу аиҭакрақәа ареспубликаҿы иҟоу адгьылтә ресурсқәа хырҳарала рҳәаақәҵареи ахылаԥшра арӷәӷәареи иазырхоуп.