Аслан

Аслан

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа рыла еиҿкаау ансамбль «Нарҭ» рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи афестиваль «Op Roakeldais» ҳәа изышьҭоу. Уи рашәарамза 24 инаркны 30 рҟынӡа Нидерланды имҩаԥысуан.

Ансабль «Нарҭ» аԥҵан 2019 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ақалақь Сақариа аԥсуа-адыга ҿар. Уи адунеи атәылақәа зегьы рҟны еицырдыруа, акәашаратә коллективқәа рыбжьара, ицәырнагеит аԥсуааи адыгааи ркультура ҷыда.

«2023 шықәсазы Польша имҩаԥысыз афестиваль ҳалахәын, сынтәа ҩынтәны Нидерланды имҩаԥысуа ҳхы алаҳархәоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳмилаҭтә кәашарақәеи амузыкеи рыла егьырҭ алахәылацәеи ахәаԥшцәеи ҳкультура ахьынӡаҵаулоу реилыркаара, уи аҵакы рызнагара. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳақәгыларақәа рыла аԥсуааи адыгааи ртрадициақәеи, рҭоурыхи, есыҽнытәи рыбзазареи раарԥшра, акультурабжьаратәи ҳаимадара арӷәӷәара» - ҳәа азгәеиҭеит ансамбль ахореограф Ерсин Кәыҵниа.

Саида Ҳаразиа

Google аиҭагара афункциа «Translate» акырӡа аҽарҭбааит ҳәа адырра ҟанаҵеит. Уаҟа 110-бызшәа ҿыцқәа агәылагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: аԥсуа, авар, ачечен, ауаԥс бызшәақәа.

Ԥхынгәымза 4 2006 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа аԥҵан.

Кан Ҭаниа ианашьахеит Урыстәыла ахада Иаҳаҭыртә шәҟәы.

Аусԥҟа анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы, анашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит иацы Кремль. К.Ҭаниа аҳаҭыртә шәҟәы иоуит аԥсуа-абаза милаҭ аҿиара ацхрааразы аиҿкаара "Алашара" ахада иаппарат анапхгаҩыс даныҟаз Урыстәыла ауаажәларразы акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирзынархоу илшамҭақәа  рзы.

«Даара ҳаҭыр ду сзақәуп, аҭакԥхықәрагьы сыднаҵоит иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы иналукааша анапхгаҩы Владимир Путин иҟынтәи ари аҩыза аҳамҭа аиура", — иҳәеит К.Ҭаниа, ианашьахаз «ҭабуп» ахҳәаауа.

Беслан Қәҭелиа ашьхыцқәа рахь имоу абзиабара ихәыҷра аахыс ицуп. Иара уажәгьы ибзианы игәалашәоит иани иаби ацха шырыԥшуаз, иахьа иара уи аус иациҵоит.

Ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Abkhas Desk» – раԥхьаӡа акәны проектк аҳасабала еиҿкаан 2018 шықәсазы, анаҩс, 2021 шықәсазы ауаажәларратә екологиатә еиҿкаараны ашәҟәы иҭагалан.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥсуа адраматә театр азал ду аҿы еиҿкаан 2024 шықәсазы ибзиаӡаны зҵара хзыркәшаз аушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә. Уи еиҿнакааит Аԥсны аҳәынҭқарра аҵара Аминистрра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭаҟны 31 шықәса раԥхьа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра амш аҽны Ахьӡ-Аԥша Абаҟаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ииун мза 25 рзы Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысит атуриндустриа ахаҭарнакцәа злахәыз аиԥылара.
Араҟа ирылацәажәон Аԥсны иахьа атуризм аҭагылазаашьа, насгьы ирзааҭгылан дара русураҿ ирԥыло ауадаҩрақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me