Аслан

Аслан

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Москвеи Урыстәыла зегьи Рпатриарх Лаша Кирилл Имшира идиныҳәалеит.

Аспортсмен қәыԥш

Абҵара 23, 2023

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Таитәи абокс азы адунеи аԥхьахә згаз Нестор Гадлиа, – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа зегьы Жәларбжьаратәи рымш рыдиныҳәалеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазгәарҭеит Астудент Имш. Астудент имшны иԥхьаӡоуп абҵарамза 17. Ари арыцхә шьақәырӷәӷәан 1941 шықәсазы ақалақь Лондон,астудентцәа реизараҿы.

Аԥсныпресс. Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит зыла иамбо Жәларбжьаратәи  Рымш.  Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла  ахантәаҩы  Езаабеи Қаԥба  аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит.

Иахьа имшира азгәеиҭоит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ауаажәларратә аҳәынҭқарратә усзуҩ Анзор Кәакәа-иԥа Мықәба.

Аԥснытәи амузыкант, аҿарпын арҳәаҩы Асхад Воуба, раԥхьаӡа акәны ихы алаирхәит иуникалтәу иреиҳаӡоу амузыкалтә проект «ВСЕОНИ».

Шәача ақалақь аҟны Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи  атәылаҿацә  Аусбарҭа Хадеи рнапхгараҭара,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи, агәҽанызаара рыҭареи азҵаарақәа рыла аҳәаа иаԥну аусеицуразы реилацәажәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрессмаҵзура.

Абҵарамза 8, 2023 шықәсазы Ҟрым, Ленин ихьӡ зху араион аҿы имҩаҧысит алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатә, уи 1941-1945 шықәсқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз афырхаҵа, Аҧсны аҵеи Ризабеи Хьыбба иҧсыбаҩ иҧсадгьыл ахь адәықәҵара иазкын.

Амшын еиқәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара ахьӡала абҵарамза аҧхьатәи амшқәа рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысит IХ-тәи аурыс-аҧсуа хәыҷтәы екологиатә форум «Ҩ-ҳәынҭқаррак мшынк аҿықәан» - ҳәа хьӡыс измаз.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me