Ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц аррамаҵура иалалаз рахь ихы нарханы иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу аруаа!
Ишәыдысныҳәалоит шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа ишәыдышәкылаз иԥшьоу аҭоуба — Арратә ҭоуба.
Шәара еснагь ишәгәалашәозар ауп аҭоуба знык шакәу ианрыдыркыло. Аԥсны аибашьҩы ҳәа ахьӡ ҳаракны, гәадурала иныҟәыжәгалароуп.
Иахьа шәанылоит ишәымоу агәаӷьра, шәҟазшьа ӷәӷәа, шәгәымшәара аазырԥшуа амҩа ҿыц. Шәкомандаҟаҵаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа ишәыдырҳәало агәыӷрақәа наӡахааит.
Ишәхашәмыршҭлан шәыԥсадгьыл ишәыднаҵо ауалԥшьа анагӡара шхымԥадатәиу.
Ишәыдысныҳәалоит!»
Аԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭоуба здызкылаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ иԥа — Леон Бигәаа.


