Абҵарамза 11 рзы Аҟәа иҟалаз ацәгьауразы гәҩарас ирымоу аанкылоуп

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба абри азы аусутә еилацәажәараҿы адырра ирҭеит ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Апрокурор хада Адгәыр Агрба иҳәеит ацәгьоура ҟазҵаз шеилкаау.

Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит зыԥшрак ҟамҵакәа ашьауӷатә усеилыргара шхацыркыз. Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи ацәгьаура иалахәыз ауаа рышьақәыргылареи раанкылареи рзы анапынҵақәа шрыҭаз, еиҭеиҳәеит аусҭҵаара амҩаԥысшьа атәы.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аоперативтә маҵзурақәа иаха ишьақәыргылан иааныркылеит ацәгьаура ҟарҵеит ҳәа гәҩарас ирымақәаз, урҭ Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аамҭалатәи аанкыларҭахь инаган, имҩаԥган аоперативтә-усеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа.

Агрба иажәақәа рыла, аринахыс имҩаԥгахоит ацәгьаура иалахәыз егьырҭ рышьақәыргыларазы ауснагӡатәқәа.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар иазгәеиҭеит, ахара зыдҵоу руаӡәк Урыстәылатәи Афедерациаҿы (Адлер) дшаанкылаз. Уи алыршахеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура иабзоураны. Уажәы уи Аԥсныҟа иаагара азҵаара аӡбара иаҿуп.

Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ирыдиҵеит ари аус ҷыдала иацклаԥшырц.

«Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, иҟаҵоу ацәгьоура иамоу ахҟьа-ԥҟьа ду ҳасаб азуны, ари аус ҷыдала ахылаԥшра амазароуп. Иҳаҩсыз аҩымш реиԥш, аус ахылаԥшра хаҭала схахьы изгоит. Иҿыцу адыррақәа раҳасабырба ирласны исышәҭаларц аҳәара ҟасҵоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусуразы. Ари ахьӡи-ахьымӡӷи ирусуп аҟнытә ацәгьауцәа ирласны рыԥшаара аҵак ҷыда аман. Сгәаанагарала азинхьчаҩцәа аус бзианы ируит. Зҽалызкааз аусзуҩцәа аџьшьара рыҭатәуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ацәгьоуцәа ирыхәҭоу ашьауӷа шрықәҵатәу.

«Даара акраҵанакуеит ари аус зегьы ирбо-ираҳауа аҟазаара, ҳауаажәларра ирдыруазароуп ас еиԥш иҟоу ацәгьоура нагӡаны ишыҭҵаахо, ацәгьоуцәагьы шахьырхәхо», – азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада апрокурор хада идиҵеит иҭырҵаауа аматериалқәа реизгара хаҭала ахылаԥшра аиҭарц.

Абҵарамза 11 рзы иҟалаз ацәгьоура иахҟьаны хә-ҩык ахәрақәа роуит, аӡәы ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me