Аррамаҵура – уалԥшьоуп

Аԥсны аррамаҵзурахьы аҿар рнаԥхьара иаамҭоуп. Арԥарцәа макьана ирымоуп аамҭа арратә комиссариат ахь анеира. Ирҭагылазаашьоузеи иахьа Аԥсны аррамаҵзура иахысуа, ирымоума агәазыҳәара рыԥсадгьыл аҿаԥхьа ирыду руалԥшьа анагӡаразы, ицәгьоума аррамаҵура ахысра, абарҭқәа реилкаара ҳҽазаҳшәеит.

Баӷбаран иҟоу архәҭаҿы ҳнеит шьыбжьон, уи аамҭазы араҟа арра иахысуа арԥарцәа гәыԥҩык БМ-21 иадгыланы акы иалацәажәон, иахәаԥшуан,  излеилаҳкааз ала, аруаа атехника ахархәашьазы аҵара иахысуан. Ирылагылаз адҵаҟаҵаҩ аҿақ-аҿақ ҳәа ибжьы гон. Ҳара ҳазбаз асолдаҭцәа рҽаадыриашан, ацәаҳәа иаақәгылеит. Иҳацнеиуаз акомандир ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Мурад Гәниа ишәахәҭаз аԥсшәа нараҳәан, иаҳзеиҭеиҳәеит ҳахьыҟоу аҭыԥ атәы.

Аҭыԥантәи архәҭаҿы х-архәҭак ыҟоуп - БМ 21, ДТ 30, М 120, иара убас аимадара иазку авзвод. Хазы игылоу ахыбраҿы аштаб ыҟоуп, афицарцәа ахьтәо, иара убас арратә техника ахьгылоу апарк. Ари архәҭахь иақәшәо аруаа еихыршоит акомандирцәа. Еиҳа махәҿала иӷәӷәоу, иаҳа иахьыуадаҩу дақәшәоит.

Ҳзыхҭыгәлаз арԥарцәа «Град» ҳәа изышьҭоу БМ- 21 амашьына аус аруны аҭыԥ ахь иааганы, аракетақәа зықәгылоу амашьына ахәҭа ахысразы идырмазеиуан. Ари зегьы шаҟа лассы ирзыҟаҵо доусы иус идыруан. Иубарҭан,  адҵа акырынтә ишынарыгӡахьаз.

Аруаҩ Аслан Џьугьелиа 22 шықәса ихыҵуеит. Аҳәынҭкарратә университет аҿы иҵара аныхиркәша ашьҭахь ауп аррахь данааи. Мызқәак роуп изаанхаз, иаарласны имаҵзура хиркәшоит.

«Сықәра маҷым азы раԥхьа санааи ҭыԥк аҿы аанхара даара исцәыцәгьан. Ҳаамҭа зегьы ара иаҳхаҳгоит, аҩны иашьцылахьоу уи ицәыцәгьамхар залшом. Уаҳа иуадаҩыз ҳәа са сзы акгьы ыҟаӡамызт ара», -  иаҳзеиҭеиҳәоит Аслан.

Иара ашкол данҭаз изаатәу арратә ҽазыҟаҵаразы амаҭәар изырҵоз ирҵаҩы Мизан Адлеиба, иахьа дахьыҟоу архәҭаҿы афицарс димоуп. Аслан иҳәоит, уи ибзоураны арра агәыбылра шикыз.

«Сзықәшәаз архәҭа, БМ 21, аинтерес сзаҵан. Атехника еснагь сазгаган, уи бзиа избоит. Сара схаҭа исҭахны ари агәыԥ салалеит. Атехника ду сгәаԥхон еснагь. Иансызҳа уи ақәтәаразы алшара ансоу, мап скуазма. Уи мариаӡам, аха даара уаршанхоит», - иҳәоит Аслан. 

Иара иагәаанагарала, аҷкәынцәа арра рҽацәыԥхьаркуеит рҭаацәа азин рырҭоит азы. Аус злоу ааӡароуп, агәра ганы дыҟоуп иара.

«Ауаҩы еиликаауазароуп аррахь ацара шахәҭоу. Ара иуҵо, еилукаауа рацәоуп. Град ала ахаан сымхысцызт, уи сҵеит. Ашьха ҳцеит, ахысрақәа ҳаман. Изҭаху изы ари зегьы аинтерес аҵоуп. Аашьаҩ дахьугалакгьы даашьаҩуп. Арра уааӡоит. Ухымҩаԥгашьа, уцәажәашьа зегь рыла уаԥсахуеит. Дарбанзаалак иуалԥшьа наигӡароуп, ус иԥхьаӡаны арра сцеит. Уи сацәшәо, сацәыԥхашьо сыҟамызт», - иҳәеит Аслан ҳаниҿцәажәоз.

Архәҭақәа зегьы рҿы еиԥш, аруаа раамҭа еихшоуп сааҭ-сааҭла. Рышьыжь алагоит асааҭ фба рзы абҩарҵәырала. Нас ацәаҳәа иқәгылан реиҳабацәа реилаҳәашьа ангәарҭалак, шьыжьхьа рымоуп. Анаҩс иҷыдоу аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Аклассқәа рҿы итәаны раԥхьа атеориа иахысуеит, ашьҭахь, апарк ахь иааганы, атехника адәахьы иргыланы аус адулашьа ддырҵоит.

Аҷкәынцәа асабшеи амҽышеи рҭаацәа рахь ирышьҭуеит. Иара убас ацәгьа-абзиа аныҟоу, рҭаацәа рҟынтә аҳәара анааилак, аамҭала иаурышьҭуеит. Егьыс, мызкы-ҩымз аҩныҟа изымцогьы дубап, ус еиԥш иақәшәаз, архәҭаҿы иҟоу аԥҟара еилеигеит ауп иаанаго. Арраҿы ихадоу алеишәоуп. Аԥҟаԥҵа анеилеигалак асолдаҭ, уи иашьҭанеиуеит иахьырхәра. Ус еиԥш ҟалалоит, асолдаҭ имаҭәа ишакәым ишәызар, даныҷаԥшьо аамҭазы дыцәазар. Усҟан аруаҩ аҩныҟа ацара азин имаӡам. Зынӡа злеишәа зырцәгьаз, аҟарс (агауптвахта) изыԥшуп.

Шьыбжьонтәи акрыфара ашьҭахь аҷкәынцәа рыԥсы аашьаны еиҭа ацәаҳәа иқәгылоит. Аҷаԥшьаҩцәа аалхны, асааҭ хәбанӡа рҵара иазыхынҳәуеит. Асолдаҭцәа рхы ианақәиҭу ателербага иахәаԥшыр рылшоит, ма аспорт иазкуп. Асолдаҭцәа иааиԥмырҟьаӡакәа архәҭаҿы иҟоуп. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иалгахьоу шықәсык арра ихигоит, егьырҭ зегьы рзы - шықәсыки бжаки рзыԥҵәоуп. 

Аруаҩ Ҳаџьараҭ Горзолиа 20 шықәса ихыҵуеит. Ԥшьҩык аиҳәшьцәеи аиашьеи имоуп. Иара агронџьныртә факультет аҿы аҵара иҵон, аҩбатәи акурс аҿы дтәоуп, аха арреи иҵареи аилагӡара аницәыцәгьаха, аамҭала иҵара аанижьит. Аха, арра дшаалгалак, игәы иҭоуп иҵара дазыхынҳәырц. Ҳаџьараҭ Урыстәыла дшыҟаз ауп аррахь ааԥхьара шизааз. Иан адырра анилҭа, лажәа дахымԥеит. 

«Сан аҭел дасны исалҳәеит, ашьыжь ара узбароуп ҳәа. Сҭаацәа еснагь ирҳәон, ахаҵа арра дцароуп ҳәа, уи идыру усын сара сзы. Сабгьы сымцар иуӡомызт. Иаргьы абраҵәҟьа арра дахысуан», - еиҭеиҳәоит дԥышәарччо Ҳаџьараҭ. Иубарҭан, аҷкәын ҳахьиҿцәажәоз дшацәыԥхашьоз, аха икомандир иҟынтә иоуз адҵа наигӡар акәын.

Аруаҩ 12 мзы ҵуеит арра дыҟоижьҭеи, еиҭа фымз изынхеит. Ҳаԥхьаҟа иара анхара иҽазикыр иҭахуп, игәы иҭоуп ашәырҵлақәа рацәаны еиҭаҳаны иааӡаларц. Архәҭаҿы иаамҭа шихиго атәы ҳзеиҭаҳәауа Ҳаџьараҭ иҳәоит, архәҭаҿы иҟоу зегьы қәралеи ҟазшьалеи ишеиԥшымгьы, зегьы шеиҟароу.

«Ирҳәалоит, баша шықәсык сыԥсҭазаара сцәыӡуеит, арра сызцари ҳәа, аха уи сақәшаҳаҭым сара. Ара аҩыза дурҳауеит. Ухаҭа ухымҩаԥгашьа аҽеиҭанакуеит, ухшыҩ ҵархоит. Ҳара-ҳара ҳанеицәажәогьы, иаҳа ирхааны, иаҳа ҳҽырҭынчны, аихаҵгылара аарԥшуа ҳаизыҟоуп. Ҳаишьцыларцаз рацәак аамҭа аҭахым. Жәак ааимаҳкыргьы, иаразнак ҳҭыԥ ахь ҳааиуеит. Ҳҽырцәгьаны ҳаизыҟаӡам. Ҳлеишәа иацклаԥшуеит акомандирцәагьы, дара еснагь иҳавагылоуп, иҳабжьоит», - иҳәоит Ҳаџьараҭ.

Ииашаҵәҟьаны, асолдаҭцәа еснагь рылаԥш рхуп афицарцәа. Ара иахьынӡаҟоу, урҭ роуп руалԥшьа анагӡараҿы еиҳабык иаҳасабала ирывагылоу. Урҭ иагьырҭаацәоуп, иагьырҩызцәоуп. Афицарцәа зегьы иахьа имҩақәырҵо реиԥшҵәҟьа ианраамҭаз арра иахысуан. Уи атәы ибзиан ирдыруеит азы, иааиуа арԥарцәа ҳаҭырла ирзыҟоуп. Хаҭала иҳацыз аподполковник Мурад Гәниа Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа даушьҭымҭоуп. Баӷбарантәи архәҭаҿы авзвод акомандир инаиркны абатареиа акомандаҟаҵаҩ иҟынӡа днаӡеит. Нас, Невски ихьӡ зху Урыстәыла арратә ҵараиурҭахь дрышьҭит. Уи далганы деиҭахынҳәит архәҭахьы. Арахь иааиуа аҿар аус рыдиулоит. Машәыр ҟарымҵарц драбжьоит. Армаҭәа ҵакыс иамоу деилиркаауеит.

«Аԥхьа ианааилак, иахьаанагаз рзеилымкаауа ҭынч иныҟәоит. Нас мызкы аҩныҵҟа ршьара иқәлоит. Ркомандирцәа аус рыдырулоит. Мызкы ахьтә знык ахысрақәа рахь иаҳгоит. Арахь ианааиуеи арра рыхганы ианцои зынӡагьы еиԥшӡам. Аҷкәынцәа иаҳа ихацәахоит. 2012 шықәса раахыс ара сыҟоуп, аԥышәа иснарбоит – ара еишьцылаз аҷкәынцәа нас реиҩызара карыжьӡом, издыруеит, аиашьара зыбжьазҵазгьы», - иҳәоит Мурад.

Аха, иҟоуп, даҽа ҿырԥштәқәакгьы, архәҭахь иаанаганы, нас ргәамбзиара иахҟьаны агоспиталь ахь инанаго. Урҭ иахәҭоу ашәҟәқәа анеиқәдыршәалак, арра ааныжьны ицоит. Ажәакала, изҭахым, ииулак архәҭаҿы даанымхарцаз иԥшаауеит аҿыҵга.  Иаанхаз ракәзар, рхазы идырны ирымоуп, иахьа раамҭа зықәдырӡуа иахәҭоу усны ишыҟоу, уимоу, уалԥшьаны ишрыду.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me