Аилатәара иалахәыз алацәажәеит иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 110-шықәса аҵра иазку афестиваль аиҿкаара.
Иара убас, иазааҭгылеит афестиваль асаит аԥҵара, автор иҩымҭақәа рҭыжьра, реиҭаҭыжьра, Ҷлоутәи абжьаратә школи апоет иҩны-амузеии рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.
Амузеи ашҭаҿы Баграт Шьынқәба искульптура шьақәыргылахоит.
Анаҩстәи аиԥылараҿы еиҳа инарҭбааны ирылацәажәахоит иҟаҵоу ажәалагалақәа.
***
«Ахаҳә еиҩса» – абас ахьӡуп Баграт Шьынқәба ироман.


