Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит.
«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан Адлеиба.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Мшаԥымза 4 инаркны 7 аҟынӡа Аахыҵ-Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны акультура Амшқәа. Цхинвал ақалақь аҿы аҿар ртеатри, жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбли ықәгылараны иҟоуп.
Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны акультура Амшқәа раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит мшаԥымза 5 рзы. К. Л. Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инанагӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Аибашьра ахымш рҽны». Мшаԥымза 6 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Рҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара азгәаҭоуп.
Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.
Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иаҿуп. «Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкааразы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рпроблема аӡбаразы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», – ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иааз Аахыҵ-Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.
Хәажәкырамза 20 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә усеицураҿы жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа. Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мақсим Литвинов.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Имшира идиныҳәалеит.