«Аҟәа Опен – 2024»

Ашахмат Жәларбжьаратәи амш аламҭалаз, Аҟәа Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҟны иаатит, 100-ҩык инареиҳаны Аԥсны араионқәеи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟнытә, уи аспорт хкы иазҿлымҳау ахәыҷқәеи аиҳабацәеи еидызкылаз, есышықәсатәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Опен-2024».


«Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом» ҳәа шырҳәо еиԥш, иазгәаҳҭап Жәларбжьаратәи ашахматтә ассоциациа еиҿкаауижьҭеи сынтәа 100 ш. шҵуа. Уи ауасхыр шьҭаҵан ииуль 20,1924 ш. рзы, Париж VIII аолимпиатә хәмаррақәа анымҩаԥысуаз. 1966 ш. инаркны аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟны иазгәарҭоит ари амш. Жәларбжьратәи ашахматтә ассоциациа демократиатә хеидкылоуп, девизс иамоуп «Ҳара ҭаацәарак ҳауп» ҳәа.
Аԥсны ашахмат афедерациа аԥҵан иаҳхысыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан, уи хадара азиуан аҳәынҭқарратә усзуҩ Иура Самсон-иԥа Ҷанба. Аҟәа имҩаԥысхьеит акымкәа, зҵаки заҳаҭыри ҳараку ашахматтә турнирқәа. Убасгьы, Аԥсны иаҭаахьеит аӡәымкәа, зыхьӡ еицырдыруа ашахматасҩцәа, иаҳҳәозар: Давид Бронштеин, Михаил Таль, Мент Ларсен уҳәа.
1992-1993 ш.ш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь еиҭашьақәыргылаз ашахмат Афедерациа иахьа уажәраанӡагьы напхгара азиуеит, еиуеиԥшым абиԥарақәа ари аспорт хкы радыԥхьалареи, уи азҿлымҳара аларҵәареи рҟны зылшамҭақәа рацәоу Константин Ҭыжәба.
Аԥснытәи ашахмат асцәеи уи абзиабаҩцәеи рзы аҳамҭа дуун 2026 ш. рзы адунеи аекс-чемпион Анатоли Карпов ҳтәыла иаҭаара. 2004 ш. раахыс есышықәса Аԥсны ақалақьқәа зегьы рыҟны традициак аҳасабала имҩаԥысуеит ашахматтә фестиваль «Аԥсны Опен».

Ҳтәылаҿы ишазгәаҭоу еиԥш, ари аспорт хкы гәыблыла иазыҟоуп, иазҿлымҳау рацәаҩуп аиҳабацәа реиԥш урҭ ирыҵагыло абиԥарақәа рахьтәгьы. Убри агәыблра аизырҳара ауп иахықәкы хадаз ииуль 12 инаркны 14-нӡа имҩаԥысуаз еиуеиԥшым ақәратә ҩаӡарақәа ԥшьба ирыҵанакуаз ашахмат асҩцәа ахьеиндаҭлоз атурниргьы.
Актәи амш азы рыхшыҩ ҵарреи рхәыцра аҵаулареи раарԥшразы еиндаҭлон 7 шықәсанӡа зхыҵуеи, 9 шықәса зықәра еиҳами. Актәи ақәратә ҩаӡараҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа еихшахеит:
1 аҭыԥ – Георги Мосикиан (Шәача) Алеқсандр Гәыргәлиа (Аҟәа). 2 аҭыԥ – Еснаҭ Агрба (Аҟәа), Саломеиа Хонӡиа (Аҟәа). 3 аҭыԥ – Никита Антонов (Ростов), Софиа Шамба (Аҟәа).
9 шықәса иреиҳам рыбжьара: 1 аҭыԥ – Глеб Хынҭәба (Гәдоуҭа) Амира Агрба (Гәдоуҭа). 2 аҭыԥ – Атом Паравиан (Аҟәа) Емили Гәлариа (Гәдоуҭа). 3 аҭыԥ – Сандро Гелениӡе (Москва) Анна Палаванӡиа (Аҟәа). Урҭ зегьы ахраҿақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан.
13 ш. зхыҵуа рҟынӡа зықәратә категориа ыҟаз еиндаҭлон атурнир аҩбатәи амш азы, уи рхы аладырхәит 40-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Қьемал Тос-оӷлы (Гагра) Софиа Кособокова (Красноиарск); аҩбатәи Арсени Егоров (Пицунда) Полина Марченко (Аҟәа); ахԥатәи – Дамир Адлеиба (Аҟәа) Мира Смыр (Афон Ҿыц). Урҭгьы зегьы аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан.
Атурнир ахыркәшаратә амш аҽны аиааира иазықәԥон зықәра наӡахьоу. Аицлабра хадаҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит Евгени Красильников (Челиабинск), Сергеи Миносиан (Очамчыра), Артиом Табариан (Аҟәа), Тристан Кәарацхьелиа (Аҟәа), Артур Буиуклиан (Аҟәа).

Амилаҭтә реитинг змоу ашахмат асҩцәа рыбжьара иалкаахеит: Роланд Бигәаа (Аҟәа), Альберт Карапетиан (Гәдоуҭа) Тимур Шьанаа (Очамчыра).
Ашахмат асра аветеранцәа рҟны: Валери Шангин (Челиабинск), Иури Зиновьев (Ростов), Талгат Шаинуров (Казан).
Жәаф шықәсанӡа зхыҵуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи реицлабраҿы аиааира згаз иреиуоуп: Аинар Хәырхәмал (Очамчыра), Сарида Лакәытаа (Аҟәа), Нестор Багаҭелиа (Аҟәа), Полина Марченко (Аҟәа), Богдан Турков (Аҟәа), Сариа Лакоба (Гәдоуҭа).
Атурнир аԥҟарақәа инарықәыршәаны аиааира аанызкылаз зегьы аҳраҿақәеи, аҳаҭыртә бӷьыцқәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан.
Агәалаҟазаара бзиеи алахҿыхреи аҵаны ихыркәшан изаамҭанытәиу «Аҟәа Опен-2024».
Ҽааныԥшӡала!
А.Амзацба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me