Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Февраль 5 ашьжьымҭан Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Уи иахҟьаны ауаа рацәаны иҭахеит ахәрақәа роуит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реилазаара анапхгара алархәны есымчыбжьатәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны арҽеиратә усурақәа рылҵшәақәа ртәы иҳәеит – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.
Аҧсныпресс. Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҟны икьыҧхьуп 1990 инаркны 2022 шықәсазынӡа амҩа-транспорттә хҭысқәа ртәы зҳәо астатистика. 1992-1993 шықәсқәа ртәы зҳәо аинформациа ыҟаӡам, избанзар усҟан Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра мҩаҧысуан.
Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьауӷатә ус хацнаркит Аԥсны Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ 324 ахәҭа 1 (Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахыҵра), ахәҭаҷ 273.3 ахәҭа 2 (амассатә информациа ахархәагақәа рыла Аԥсны атерриториатә акзаареи аламкьысреи реилагара иазку аусқәа реиҿкаара) иазԥхьагәарҭауа ацәгьоура аҷыдарақәа рыла Гамисониа Руслан Фамиль-иԥа иганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада асаит.
Аҧсны акультура аминистрра Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы аконкурс рыланаҳәеит зметраж кьаҿуи адокументтәи фильмқәа раҧҵаразы. Абри акәын изызкыз акультура аминистрраҿы имҩаҧгаз апресс-конференциа. Аминистр Даур Ақаҩба иеиҧш, уи иалахәын акиностудиа «Аҧсуафильм» аиҳабы Виачеслав Аблоҭиа, асценарист Ҭемыр Кәакәасқьыр, Аҧсны аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емзар Ашуа.
Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит.
2022 шықәсазы Аҧсны Апенсиатә фонд ала апенсиақәеи, ацхыраагӡақәеи, иҵегьы аҧарашәарақәеи рзы иоушьҭын 1 миллиардки 276 миллиони 933, 5 нызқь мааҭ. Ари 2021 шықәсазы аасҭа 76 миллиони 513 5 нызқь мааҭ рыла еиҳауп, иҳәеит Аҧсныпресс аҟны Апенсиатә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы рхатәы биуџьеттә малқәа рыла иаархәеит 1 миллионки 133 нызқь мааҭ иаҧсоу алабораториеи аҳәса рконсультациеи рзы ашьақәгыла.
Ари ашьақәгыла рхы иадырхәоит аоперациа ззыруа, иҧырҟауа ахьышьҭоу уҳәа апалатақәа рҿы, иара убас рхы иадырхәоит ахирургиа, ахаҧыцхәышәтәра, ахшараиура аҟәшақәа, ииз ахәыҷқәа ирызку аҟәшақәа рҟны.
Абри инаваргыланы, Арсепубликатә хәышәтәырҭа анапхгара иаархәеит аелектронтә микроскопқәа 7. Урҭ рыла еибырҭеит амедицинатә усҳәарҭа алабораториақәа 3.
Аҧсны атәылахьчара Аминистрраҿы еихыршьалеит 2023 шықәса ианвар азы архәҭақәа разыҟаҵара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа, – иаанацҳауеит Аминистрра асаит.
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара аилакқәа рхантәаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Иара убас аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазылбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи.
Аиԥылара иалахәыз рылацәажәеит ҳазну ашықәс азы иарбанзаалак аилак азакәанрҿиаратә усура апланқәа. Иара убас ирылацәажәеит иахьа ҳажәлар ргәы иҵхо хра злоу азҵаарақәа.