Ашьыжьтәи ашәаԥшь иацгыло

15 шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит Асҭанда Чачибаиа сахьаркыратә напхгаҩыс дызмоу ахәыҷтәы ансамбль «Ашара» еиҿкаауижьҭеи. 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа еидызкыло ари ансамбль шоит х-гәыԥкны: аиҵбыратә, абжьаратә, аиҳабыратә. 4 шықәса раԥхьа «Ашара» афилиал Гәдоуҭа ақалақь аҿгьы иаартхеит.

Ахәыҷтәы ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Асҭанда Чачибаиа ахәыҷқәа амилаҭтә кәашара дырҵараҿы, абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа рааӡараҿы, аҟазарахь агәыбылреи адырреи рызнагараҿы илывагылоуп ахореографиа арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа: зан лзанааҭ алызхыз Асҭанда лыԥҳа Самира Ҭодуа-ԥҳаи аԥышәа змоу ахореограф Руслан Лакрбеи.
Асҭанда Чачибаиеи ҳареи ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, аханатә лгәы ишҭамыз ансамбль аиҿкаара, уи дшазымхәыцуаз.
«Хықәкыс исымаз, абаҩхатәра змоу ахәыҷқәа амилаҭтә кәашара дырҵара, уи агәыбылра дыркра акәын. Аха акәашарахь, аҟазара амаӡакәа раҵхрахь ихьаԥшуаз ахәыҷқәа есааира рхыԥхьаӡара еизҳауа ианалага, ансамбльк аҳасабала ашьақәыргыларахь схьанарԥшит. Аԥсны аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аныҳәатә концертқәеи аконкурсқәеи рахь ааԥхьарақәа ҳарҭо ианалага, азныказы «Асклиада» ҳәа хьӡыс иаҳҭеит, аха уи шьақәырӷәӷәамызт. Ус, ҽнак, шарԥазӡа аҭел дысзасит апоет, саншьа Рушьбеи Смыр. Исзымбатәбараха, иџьашьаны, «бзиароу, шьыжь шаанӡа сабоугәалашәеи?» – ҳәа сиазҵааит. Иара аҭакс дыччо, «Асҭанда иахьанахыс бансамбль «Ашара» ахьӡуп… Быԥши, адәахьы шаҟа иԥшӡоу ббап ашьыжьтәи ашәаԥшь», – иҳәан аҭел ирцәеит. Уи акәхеит, ансамбль «Ашара» ахьӡ иит апоет Р.Смыр ибзоурала. Сгәанала, ашьыжьтәи ашәаԥшь, амш ҿыц ибзианы аԥылара ахаҿроуп амш зегьы. Исҭахуп ахәыҷтәы ансамбль «Ашара» рҟазара еизҳаларц, еснагь ашьыжьтәи ашәаԥшь иацгылаларц, амш иахаҿхарц», – лҳәеит ансамбль «Ашара» асахьаркыратә напхгаҩы, уи ахьыӡ шиз аҭоурых ҳзеиҭаҳәо.
Асҭанда лажәақәа рыла, ансамбль «Ашара» 15 шықәса ахыҵра аиубилеи азгәаҭара ргәы иҭоуп ноиабр мзазы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имаҷым ахәыҷтәы ансамбль акәашацәа хәыҷқәа реихьӡарақәа, урҭ Аԥсны анҭыҵ изныкымкәан ҳмилаҭтә ҟазара ӡырыргахьеит, аԥхьахәқәагьы маҷымкәан иааргахьеит. Еиуеиԥшым Жәларбжьаратәи аконкурсқәа: «Дружба народов», «Московское время», «Шаг к мечте», «Радость планеты» уҳәа рхы рыладырхәхьеит, Аиааирақәагьы ргахьеит. Ааигәа, урҭ алахәын, Шәача имҩаԥысуаз, Жәларбжьаратәи афестиваль «Лазурная волна». Асҭанда излаҳалҳәаз ала, ансамбль «Ашара» уажәы хәынтәны рхы аладырхәит ари афестиваль. Иҳаҩсыз ашықәс азы иранашьан иреиҳаӡоу аҳамҭа – «Гран-При», сынтәа – актәи аҭыԥ.
Ансамбль «Ашара» Аԥсны анҭыҵ гастроль ҳасабла ицахьеит, ахәаԥшцәа рҟазара ддырбахьеит: Москва, Санкт-Петербург, Грозныи, Казан, Ростов, Краснодар, Новороссиск, Шәача уҳәа убас егьырҭгьы.

Ҳаиҿцәажәараан Асҭанда иазгәалҭеит, абаҩхатәра змоу ахәыҷқәа рҟазара аизырҳаразы хаҭала, агастрольтә ныҟәарақәа реиҿкаараҿы изныкымкәан ацхыраара шрырҭахьоу Аԥсны анапхгара, ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рахьтә аӡәымкәан-ҩыџьамкәан. Инаҵшьны иазгәалҭеит уи, Грозныи ақалақь ахь рцара аан хаҭала, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ибзоурала атранспорт ала ишеиқәыршәаз, иара убас, – Гәдоуҭа араион Ахадареи Риҵатәи Амилаҭтә парк анапхгареи аматериалтә цхыраара шрырҭаз.
«Амилаҭтә кәашара зҵарц зҭахны сара сахь имҩахыҵуа ахәыҷқәа еилыхрада сырзыҟоуп. Урҭ зегьы изласылшо ала аус рыдызулоит. Абаҩхатәра злам ахәыҷгьы аган иаваҵара ахәҭаны исзыԥхьаӡом. Аҟазарахь, акәашарахь зшьаҿа еихызго зегьы, ҳәарада, еицырдыруа, иартистцәа дуқәаны ишзыҟамло еилкаауп, аха зхазы изҵарц зҭаху ауаҩы, чарак аҟны, аԥсуак иаҳасабала аԥсуаҵас дкәашартә аҭагылазаашьа изаԥҵара, ирҵара ахәҭаны исыԥхьаӡоит. Ахәыҷқәа еиуеиԥшым, досу баҩхатәрак-баҩхатәрак рылоуп. Акәашара ахырхарҭаҿы, ахәыҷы ицааиуам ҳәа ихьаагатәым, даҽа хырхарҭак аҿы ибаҩхатәра ааирԥшыр илшоит. Акызаҵәык, ахәыҷы ихатәгәаԥхарала иалихуа – кәашароума, шәаҳәароума, иарбан хырхарҭазаалак аҟны, абаҩхатәра иламзаргьы, даԥхьырҟәҟәаатәым, дымҩақәҵатәуп. Аԥхьаҟа зегьы аамҭа, аԥсҭазаара иунарбоит...» – дҳацәажәон Асҭанда.
«Аҟазарауаҩ, зхы аҟазарахь изырхаз, зыԥсҭазаара уи иазызкыз илоу абаҩхатәра инаҷыдангьы ихымҩаԥгашьагьы ҿырԥшыгазароуп», – инаҵшьны иазгәалҭеит Асҭанда ҳаиҿцәажәараан. Анаҩс, уи дазааҭгылеит, хаҭала, ахәыҷтәы ансамбльқәа рҿы икәашо аҟазацәа хәыҷқәа рыбжьара аҭыԥ змоу, напхгаҩҵас агәынамӡара лызҭо ахымҩаԥгашьақәа, аԥсуа, аҟаза иаҭәам, абаҩхатәра лазырҟәуа ацәажәашьақәа.

«Еиуеиԥшым ахәыҷтәы ансамбльқәа рҟны икәашо ахәыҷқәа рыбжьара «Шәара шәзыкәашаӡом, шәансамбль акгьы иаԥсам, ҳара ҳшәеиӷьуп», - ҳәа реиндаҭларақәа раԥыхразы, урҭ ҳаҭыр еиқәырҵартә, бзиа еибабартә, акәашара дырҵара инаҷыдангьы ааӡаратә ҵакы змоу абжьгарақәа рылагьы анапхгаҩцәа рацәажәалозароуп. Ахәыҷқәа рҿаԥхьа, анапхгаҩцәа иргәамԥхо, ииашам ҳәа ирыԥхьаӡо агха-ԥхақәа ирылацәажәатәым, сгәанала. Иахәҭаны исыԥхьаӡоит аҟазара иадҳәалоу, азҵаатәқәа, аԥҳәызба лнапы шлырԥшӡаша уҳәа, ансамбльқәа рыбжьара иалагалоу еиуеиԥшым аиҭакрақәа еиҳа ииашоу алхра, аҵаҳәара уҳәа, хаҭала, анапхгаҩцәа алацәажәартә, ргәаанагара рҳәартә, ииашоу акы аҟны иазааирц аҭагылазаашьа аԥҵазар бзиан, ихәарҭан», – лҳәеит лгәы иҵхоз азҵаатәқәа дрылацәажәо.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо уи иазгәалҭеит ахәыҷқәа ахьазыҟарҵо рхатә хыбра ахьрымам иахҟьаны ауадаҩрақәа шрыԥгыло, иахьа рҽахьазыҟарҵо аҭыԥ қьырала ахә шахыршәаауа. Аха, иага уадаҩра рԥыларгьы, бзиа ирбо аҟазара аус карыжьуам, уи аихаҳареи аӡыргареи рзы ирылшо зегь шыҟарҵо.
«Ашара» анапхгара аԥхьаҟа агәҭакқәа рацәаны ирымоуп, ҳазну ашықәс анҵәамҭазы ааԥхьара рымоуп Санкт-Петербургҟа, Жәларбжьаратәи афестиваль, «Шаг к Мечте» ахь. Амилаҭтә ҟазара аӡыргараҿы ирзеиӷьаҳшьап, нас, ашьыжьтәи ашәаԥшь иацгыло «Ашара» ақәҿиара дуқәеи аихьӡарақәеи.

Алиса Гәажәба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me