Раԥхьатәи аԥсуа скульптор

Раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәызба – аскульптор, знапкымҭақәа еицакра ақәым Марина Ефрем-иԥҳа Ешба диижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Уи лгәалашәараз Аԥсны Абанк амузеи аҟны имҩаԥган лусумҭақәа рфотоцәыргақәҵа.


Марина Ешба диит Лондон, 1924 шықәсазы аԥсуа револиуционер, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Ефрем Ешба иҭаацәараҿы. 1951 шықәсазы далгеит Москва аҟазаратә институт. Аа-шықәса иара убра Москватәи асахьаҭыхцәа Реидгылаҿы скульпторс аус луан.
Марина Ешба лаԥҵамҭақәа рахьтә зегь реиҳа еицырдыруеит лаб Ефрем Ешба ибаҟа. Уи ықәгылоуп Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа агәҭаны. Иара убас, Лыхны ақыҭан -Аџьынџьтәылатә еибашьра 1941-1945 ш. рзы иҭахаз Афырхацәа рмемориал.
Иара убри адагьы Марина Ешба авторс дрымоуп аскульптуратә аԥҵамҭақәа: Фазиль Искандер, Гәлиа Кьычба, Татиана Гәылиа, Џьума Аҳәба уҳәа иналукааша ауаа рскульптурақәа. Лара лоуп зегь раԥхьаӡа аԥсуа сахьаҭыхҩцәа рҟнытә Москва 1960 ш. ацәыргақәҵа аԥшьызгаз. Уи ашьҭахь Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла дахагылеит.
Иҟоуп иалукааша аҽа ганкгьы аскульптор Марина Ешба лырҿиамҭақәа рҿы. Лара иаԥылҵеит асовет медалқәа, Некрасов диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз амедал, Москва иазку амедал, аҩы афестиваль анымҩаԥыргоз. Афотосахьақәа рцәыргақәҵаҿы иҟан Марина Ешба иаԥылҵаз амедалқәа ааба.
Аҭааҩцәа еилыркааит раԥхьатәи аԥсуа скульптор Марина Ешба лхатә биографиа, ироуит имаҷӡазаргьы лхаҭаразы, лырҿиаразы аинформациа. Ҳәара аҭахым, Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруаз Марина Ешба лырҿиара цәыргақәҵак ала иузаартуам, аха уи лагамҭоуп.
Иахьа, Марина Ешба лскульптуратә усумҭақәа еиқәханы иҟоуп ҳмузеиқәа рҿы, игәыхьуп лара лусумҭақәагьы ацәыргақәҵатә зал аныбылуаз иахьалаблыз. Аха имаҷым аскульптор ду Марина Ешба лыхьӡ анаӡаӡатәраз илҭынхаз, урҭ Аҟәа, Лыхны, Гәдоуҭа уҳәа рҭыԥ ԥшьа ылырххьеит, сасгьы, аԥшәымагьы зегьы еицырдыруеит.

Наира Сабекиа 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me