Амилаҭтә хаҿра (асимволика) аҵак ҷыда аиҭон Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба. Уи хаҭала агерби абираҟи равтор, Леон иорден занашьоу асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа дидыртәаланы убарҭ рыхәҭақәа зегьы инҭкааны хаҭала дрылацәажәон.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәырӷәӷәан 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа амч аанкылареи, ССР Аԥсны 1925 шықәсазтәи Аконституциа аиҭашьақәыргылареи рзы аӡбамҭа анрыдыркыла ашьҭахь, 1992 шықәса ииуль 23 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы.
Аԥсны абираҟ хаҿра рызнауеит Кавказ ажәытәӡатәи ашьагәыҭтә етносқәа ируаку аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра арҿиара аетап хадақәа. Абираҟ аҿаԥхьа ишьамхнышгыланы, игәыдкыланы ҳаибашьцәа цон ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә Щџьынџьыла ахақәиҭтәрахь.
Ахада Сергеи Багаԥшь аҵак ҷыда аиҭон аҳәынҭқарратә символқәа рӡыргара. Хьыӡҳәала убри аҟнытә, Аҳәынҭқарра Ахада иҭыԥ ахь даннеи раԥхьатәи ашықәс азы 2005 шықәса ииуль 3 аҽны инапы аҵаиҩит ииуль 23 – Аҳәынҭқарратә Бираҟ Иамшны рылаҳәаразы Аусԥҟа.
2013 шықәса ианвар 4 азы абаза жәлар рбыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Кахәын Гожев Ахада Алеқсандр Анқәаб инапаҿы ииҭеит Аԥсуа-абаза жәлар I Рконгресс амҩаԥгараан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Адыль-Гиреи 1992 шықәса октиабр азы ииҭаз Аԥсны абираҟ раԥхьатәи аҿырԥштәы.
Абасала, 20 шықәса ааҵуаны, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут – абираҟ Аԥсныҟа ихынҳәит. Ҳазну аамҭазы уи ҵәахуп Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш. Уаҟа иазгәаҭоуп:
«Акыр иаԥсоу ҳажәлар! Ҳаҭырқәҵара дула, гәырӷьарыла ишәыдысныҳәалоит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш.
1992 шықәса ииуль 23 наунагӡа ҳтәыла аҭоурых ианылеит Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби анышьақәнарӷәӷәаз иамшны. Ари ҟалеит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рахь ҳажәлар ирымаз агәазыҳәара иахаҿны.
Ҳара ҳбираҟ – баша ҳәынҭқарратә символым, ари аԥсуа-жәлар ркультуратә ҭынха беиа, ажәытәӡатәи рҵасқәа, рқьабзқәа, рхьамҵра иашьаҭахеит. Уи иаҳгәаланаршәоит рыԥсадгьыл аԥеиԥш азы зхы иамеигӡоз ҳабдуцәа рхаҵара, ҳарҭ ҳахьтә дарбанзаалак ҳтәыла ашәҭыкакаҷразы иду аҭакԥхықәра. Абираҟ анышьақәдырӷәӷәа ашьҭахь, мчыбжьқәак ааҵуаны аԥсуа жәлар ԥышәарак ӷәӷәак ирзаҩызахаз аибашьра иақәшәеит. Аха абри абираҟ ҳхаргыланы иҳалшеит ахьыԥшымреи аиааира агареи. Иахьа ҳара ҳбираҟ Аԥсны асуверенитет, аҭынчра аамҭазы ҳаихьӡарақәа ирхаҿроуп, ҳажәлар ираҭәоу аԥсҭазаара роурц азы ҳарҭ зегьы ҳаицҿакны, иҟаҳҵаша-иаҳуша ҳгәаланаршәоит.
Абри акырӡа зҵазкуа амш аҽны Аԥсны ауааԥсыра, аҩызцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, аманшәалара. Наунагӡа иҳаракны иаҳхашәыршәырлааит ҳбираҟ!
* * *
Иара убас Аԥсны жәлар Абираҟ Амш рыдиныҳәалеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба.