Анхацәа раалыҵ аныҳәаҽны

Зхатә ҷыдара змоу, зегь реиҳа ицқьоу аӡыхьқәа рхы ахьыҵырхуа, аԥсуа мца жжаӡа иахьеиқәу ақыҭа даҽакы иалаҩашьом. Араҟа ауп ааԥсара зқәым анхаҩы адгьыл дахьықәаарыхуа, арахә ахьиааӡо, ишьхымзагәара «аҽыуаҩ дызрыкәымшо» иахьгылоу.

Ҳҭоурых адаҟьақәа изларҳәо ала, аԥсуаа жәытә-натә аахыс адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи рнапы рылакын. Урҭ неолит аамҭазы иҿиаз, иахьагьы аизҳара змоу бзазара хкқәоуп. Иахьагьы шәырҵлала ибеиоу анхаҩы ибаҳчаҿ аҵла абыӷьқәа рыҽрылырҳәҳәаны амра ҳақәыԥхандаз ҳәа иԥшуеит еиуеиԥшым ашәырхкқәа, амхқәа рҽеиурыжьуеит, анхаҩы ица анбаҳарҭәуеи ҳәа ҭагалан иазхәыцуа.

Ашәырҩа амра шәахәақәа аҽреиԥштәны ашәеилаҵа азааигәара иқәуп, аџьынџьыхәа еилыԥхаауа жәпаҩык ауаа аднаԥхьалоит, уи иазааигәаны ашоурамш азы угәы хааӡа иҟазҵо, ихьшәашәаӡа иҟоу ашәырӡы хкқәа ықәгылоуп, анаҩс аҩы, ауҭраҭыхқәа уҳәа… Абарҭқәа зегьы рыла иҩычан ииуль 13 рзы, Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи еиҿкаан Очамчыра ақалақь 2524 шықәса ахыҵра инамаданы. Араҟа ицәырган анхацәа рџьабаа зныԥшуа, аԥсуа қыҭаҿы иаадрыхыз аалыҵқәа акыр. Амшын аԥшаҳәаҿы игылаз аишәақәа ҩычан чеиџьыкала, дара ирыдеизалан игылан ауаа рацәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥсшьаҩцәагьы. Ари ацәыргақәҵа џьырмыкьак аҳасабала еиҿкаан, изҭахыз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ирыхәаԥшуан, даҽа шьоукы урҭ аархәон. Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа рҟынтә ахатә аарыхра знапы алаку аӡәырҩы еизнагеит уи.

«Есышықәса ҳҽалаҳархәуеит ари аусмҩаԥгатә», - ҳәа азгәалҭеит лцәажәараҿы ацәыргақәҵа иалахәыз Мадонна Киут-Амҷба. Лара лажәақәа рыла, лҭаацәараҿы иҟарҵо аалыҵ цәыргахахьеит Аԥсны анҭыҵгьы: Ҭырқәтәыла, Македониа уҳәа. Лара иҟалҵо ашәхкқәа даара азҿлымҳара рымоуп ҳәа азгәалҭоит. Аԥсуашә инаҷыданы иҟалҵоит «Качотта» захьӡу ашәхкы.

 «Иҳалшо ала аус ҳуеит, уус гәадурыла уаназнеиуа, уџьабаа бзабааны иуԥылоит», -  лцәажәара иацылҵон Мадонна Киут-Амҷба. Лара лҭаацәараҿы имаҷымкәа арахә рааӡоит, Ҵабал ирымоуп рхатәы ферма. Уи инаҷыданы ари аҭаацәара ирымоуп рхатәы шьхымзақәа, акәтааӡарагьы рнапы алакуп. Дара ақыҭанхамҩатә ус гәык-ԥсык ала иазнеиуеит, уамеигәырӷьар ауам рымч-рылша азышьҭны аус шыруа. Ари даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ақыҭанхамҩа аус агәыҳаҵҳаҵара шаҭаху, насгьы уи иахьагьы аҭыԥ ду шыннакыло аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы.

Иара убас зеишәа џьынџьыхәала иҩычан игылаз, Кәтол ақыҭаҿ инхо Мадина Ашәба иазгәалҭеит лара лнапы злаку аус ҭакԥхықәрала дшазнеиуа. Аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа акыршықәса ҵуеит лхы рылалырхәуеижьҭеи.  Аԥсны анҭыҵгьы аԥсуа цәа зыҟәну лара лаалыҵ агьама рбахьеит, уи агьама ахьырбахьоу ируакуп Ҟрым. Уа ицәырылгаз аалыҵ азы аԥхьахә ланашьан. Лара еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәеи аџьырмыкьақәеи лыҽрылархәра далагеит Аҟәа, «Гәыма» имҩаԥысуаз  ацәыргақәҵақәа руак аҿы лаалыҵ ацәыргара ала. Арасеи акакани ирылху аџьынџьыхәа инаҷыданы Мадина Ашәба иҟалҵоит ақалмышь рҩа.

Аԥсуа аалыҵ утәылаҿы мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы ахә аныршьо – ари малуп, зџьабаа аду изгьы гәышьҭыхгоуп, атәылазгьы хьӡы рҳагоуп. Адунеиаҿ иҟоу аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳара ҳтәыла иамоу абеиара анӡыргахо дарбанызаалакгьы дамыргәырӷьар ауӡом.  Избанзар, Аԥснытәи аҳауала иааӡоу, аԥсуа дгьыл иахылҿиааз аалыҵ, ари раԥхьа инаргыланы аԥсуа ичеиџьыка ауп, игәбылра зду, иџьабаала иааирыхыз, уи имилаҭтә хаҿра зныԥшуа акы акәны иҟоуп.

Ацәыргақәҵа иалахәыз илаԥш иҵамшәар залшомызт хкы рацәала ашәырӡқәа, аԥсуа еишәа зда ԥсыхәа амам, аманшәалареи аизҳареи рзы ишьҭырхуа аҩы, зегь реиҳа зыфҩы хаау ашәҭқәа ирылҵыз ацха, иара убасгьы Кәтол – Ҭоумышь иаадрыхуа «эко-чаи»… уҳәа убас иҵегьы аалыҵ хкқәа.

Дарбанызаалак ари ацәыргақәҵа игәы шьҭнамхыр ауамызт, аиҳабацәа аҿиареи аизҳареи ирықәныҳәо ишьҭырхуан аҵәцақәа, аҿар шәаҳәон, икәашон, рыбжьы гон аԥсуа милаҭтә музыкатә рҳәагақәа.

Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара ихадоу акы акәны иҟоуп. Анхаҩы иԥхӡаша зызкаиҭәо аалыҵқәа ӡырнагоит, анаҩсгьы гәкамыжьрыла иус иациҵарцаз агәеизҳара иоуеит, ауаа еиднакылоит, ақыҭанхамҩа ихадоу аҭыԥ шыннакыло даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит.

 Мадина Амҷԥҳа,

ААУ афилологиатә факультет

ажурналистика аҟәша

аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me