Геннади Аламиа 75 ш. ихыҵуеит

Апоет, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа 75 ш. ихыҵуеит. Зыԥсҭазаара зегьы, арҿиара еиԥш, зыԥсадгьыли зыжәлари рымаҵ аура иазызкыз мшаҽнеиԥш, адоуҳатә культура дазааԥсоит, илагалагьы шьардоуп.

СССР-и, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла еихьӡарақәа ҳасаб рзуны Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп, ианашьоуп «Ахьӡ аԥша» аорден II аҩаӡара. Нхыҵ-Уаԥстәылатәи ареспублика Аланиа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥша». Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи Н. Џьусоиҭи ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Амилаҭтә литературатә премиа занашьоу Геннади Аламиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рҟны еиҳау аихьӡарақәа изыԥшызааит. Апоет ииубилеи инамаданы аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит агазеҭ «Аԥсны» акорреспондент Алиса Гәажәԥҳа иазлырхиаз аиҿцәажәара.

– Ауаажәларратә усура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны шәџьабаа маҷӡам, аха еиҳарак шәеицырдыруеит поетк иаҳасабала. Убас шакәугьы аханатә иахьынӡаадыруа, алитература ала ахырхарҭа шьҭышәымхӡеит. Ишԥаҟалеи уахь шәхьаԥшра? – Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны аҵара анысҵоз директорс дыҟан зеӷьыҟамыз аматематик Иуана Саӡба. Уи илеишәагьы џьбаран, аха аматематика азанааҭ алшәымхыр ҟалом ҳәа иҳадицаломызт. Сара схәыҷаахыс афизика амаҭәар даара бзиа избон, иагьсыцааиуан. Абжьаратә ҵара аныхсыркәша ашьҭахь афизика-математикатә факультет сҭалоит ҳәа Иуана Саӡба ианиасҳәа даара деигәырӷьеит, уахь аҭаларазгьы сазыҟеиҵон. Ажәакала, исҭахыз афакультет сҭалеит. Амала, усҟан аҵара ҳзырҵоз ақырҭуа милаҭ еиуаз арҵаҩцәеи сареи ҳмааибит. Еиҳарак Гәылуа зыжәлаз ақырҭуа рҵаҩ аԥынгылақәа сиҭон, аԥышәарақәа рыҭираҿгьы дысԥырхагахон, зны исирҭиуамызт, даҽазных сыхәшьара еиҵеитәуан. Сгәы аныԥҵәа, исыӡбеит, Москватәи алитературатә институт ахь схы сырхарц. Ашкол санҭазгьы ажәеинраалақәа зыҩуан аҟынтә, уи здыруаз аӡәырҩы исыдыргалахьан. Аха саб дақәшаҳаҭмызт Москваҟа сцара, хаҭала, Алитературатә институт сҭалара. Апоетесса, ҳҭаца Нели Ҭар-ԥҳа иҟасҵаз алхраҿы адгылареи ацхыраареи сылҭеит, сгәы азҭалҵеит. Зегь раԥхьагьы, саб дазаалгеит.
Алитературатә институт ахь сиасра, уи азанааҭ алхраҿы исԥырхагамхаӡеит физика адырра. Алитературагьы џьара-џьара афизика излеиԥшу ыҟоуп. Афизика аҟны азакәанқәа рдырра, раартра шыҟоу еиԥш ауп ԥсабаратәла алитератураҿгьы аартра шыҟоу. Ажәакала, апоезиа-афизика иаҩызоуп, аартроуп. Абасала, иуҳәар ҟалоит сыԥсҭазаараҿы апоезиеи афизикеи еидҳәалахеит ҳәа.
– Еиуеиԥшым, акыр ажурналқәеи агазеҭқәеи редактор хадас шәрыман, иахьа ажурнал «Аԥсны аҟазара» ада, егьырҭ зегьы шьаҭанкыла ишеиҿкаатәыз, ахьӡ инаркны, ахырхарҭа, аҵакы уҳәа зегьы ирызхәыцтәын, ишԥеидыжәбалоз?– Редактор хадас сызмаз агазеҭ «Аидгылара» аҵакы, ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы, ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы иааннакылаз аҭыԥ ззымдыруа дыҟам, сгәанала. Хаҭала, ажурнал «Черкесский мир» акәзар, Жәларбжьаратәи Ачеркесстә Ассоциациа аиҳабыс иҟаз Иури Калмыков исыдигалеит. Уи иҭахын Кавказ ажәларқәа ҳаидкылара хықәкыс измаз ажурнал аԥҵара, аҭыжьра. Уи акәхеит, х-бызшәак: аурыс, англыз, аҭырқәа бызшәақәа рыла иҭыҵуаз, Адунеи зегьы аҟны аԥхьаҩцәа ироуртә еиԥш хаҭабзиара ҳаракыла еиҿкааз ажурнал аҭыжьра напы асыркуеит, хьӡысгьы иасҭеит «Черкесский мир». Уи ҭсыжьуан Маикоп, Москва, Ҭырқәтәыла. Ажурнал Москва еиԥш Парижгьы ишҭаҩыз ала 4-5 шықәса рыла адунеи зегьы иахыҵәеит ҳәа уҳәар ауеит. Уажәгьы иҵәахны исымоуп Австралиа инаркны Канаданӡа ҳџьынџьуаа рҟнытәи исоуаз ашәҟәқәа.
Ажурнал «Абаза» редакторс саннеи, 5-6 номер ҭижьхьан Витали Шариа. 10 шықәса инареиҳаны снапхгарала иҭыҵуан ажурнал «Абаза». Ахырҽхәара сцәаҩам, аха ишыҟаҵәҟьаз иаҳҳәозар, ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа даара ибзианы ирыдыркылаз журналуп. Уи ҭыҵуан еиҳарак аԥсышәала, иара убас англыз, аурыс, аҭырқәа бызшәақәа рылагьы аҩымҭақәа анылон.

– Аиҭагара усхкы аҟны акәзар, шәлагала бзиа ыҟоуп. Еиҭажәго аҩымҭақәа ралԥшаара шԥамҩаԥысуеи?
–Алитературатә институт аҟны аиҭагареи апоезиеи ргәыԥқәа срылахәын. Уаҟа, аԥышәа исоуз схы иасырхәеит. Аха сара иеиԥынкыланы еиҭагатәу аҩымҭақәа зегьы реиҭагара саҿӡам, уалныгьы исыдӡам. Еиҭазго аҩымҭақәа, хаҭала сара исгәаԥхо, сгәы иақәшәои, исзааигәоу аҩымҭақәеи роуп. Сеиҭагамҭақәа иреиуоуп: Косҭа Хетагуров иҩымҭа «Ауаԥс ԥхьарца», Заур Налоев, Расул Гамзатов, Алим Кешаков, Микаель Чикатуев уҳәа рҩымҭақәа.

– С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит акымкәа еиҭажәгахьо апиесақәа. Адраматургиа ажанр абанӡашәзааигәоу?
– Хаҭала, апиесақәа рыҩра сҽазысымшәацт. Еиҭазго апиесақәагьы ақәыргыларазы зеиҭагара аҭахны исыдыргало роуп. Схатәгәаԥхарала аурысшәахьтә аԥсшәахь еиҭазгаз А.С.Пушкин итрагедиа хәыҷқәеи Михаил Булганов иҩымҭа «Мастер и Маргарита» урҭ аӡәгьы иқәимыргылацт, ус ишьҭоуп иеиҭаганы.
Имаҷымкәан еиҭазгахьеит Шекспир ипиесақәа, урҭ акырынтә иқәдыргылахьеит. «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп», «Зыхшыҩ зызрыцҳароу» уҳәа ирацәоуп иқәдыргылахьоу сеиҭагамҭақәа. «Аҟрал Лир» еиҭаганы ишьҭеижьҭеи акыр ҵуеит, аха макьана ақәыргылара залмыршахацт.
– Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараан, Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара», Аԥсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа, Кавказ Ажәларқәеи Рконфедерациеи рҟны уҳәа, ажәлар реидкылара, рымҩақәҵараҿы агәаӷьреи ахшыҩи аарԥшра анаҭахыз аамҭазы ишәылшаз маҷым. Иааркьаҿны акәзаргьы, шәырзааҭгылар ҳҭахын урҭ рахьтә хҭысқәак?
– Хаҭала, «Аидгылара» анеиҿыркаауаз, аԥхьа «афронт» ахьӡырҵар рҭахын, егьырҭ атәылақәа рҿы ишыҟаз иаҿырԥшны. Аха «афронт» ажәа ацәгьара ахырхарҭа аныԥшуа сахәаԥшуан аҟынтә, ажәа афорум» рыдызгалеит, иагьрыдыркылеит. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» ҳәа ишьақәгылеит.
Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» зызкыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара акәын. Уи ҳажәлар еидызкылоз мчын, еиҿкааран. Ахьӡгьы иаҳәоит иахьагьы уи ада ԥсыхәа шҳамаӡам. Исгәамԥхо ахымҩаԥгашьагьы ҳԥылалоит иахьа, аха ауаатәыҩса рхымҩаԥгашьа ақәӡбара сҭахым… «Аидгылара» – иуадаҩыз аамҭазы ҳажәлар еидызкылаз форумуп, аха уи ашәарҭа иахылҿиааит ҳәа аҳәара иашаны исыԥхьаӡом. Аха, ацәгьарагьы, иҵоурамгьы ауаҩы абзиа рылибаауазароуп, абзиа иашьҭоу абзиа данымԥшыр ҟалаӡом.
Аԥсуа-абаза жәлар Жәлрабжьаратәи Рконгресс, Кавказ Ажәларқәа Рконфедерациа рҟны аусурагьы хықәкыс иамаз ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаӡәыкны ҳаидкылара, ҳаигәныҩра, агәыбылра ҳабжьаҵара акәын.

– Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет депутатс иара убас, уи Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс шәусура аҟны ишәԥылаз ауадаҩрақәа ыҟан, ҳәарада. Аха урҭ рацәазма, насгьы риааира злашәылшоз?
–Ҳәарада, урҭ аамҭақәа даара иуадаҩзы аамҭан. Иага ус иҟазаргьы, сара иуадаҩыз уи аамҭа-иреиӷьу шықәсқәаны – исыԥхьаӡоит, избанзар усҟан издыруан сызҿыз, сзызкыз… Сахьаҭахыз сыҟан, исуалыз, исыдыз, исыхәҭаз анагӡара сазыхиан.
Уи аамҭа аан В. Г. Арӡынба Аԥсны далагылан. Иҭҟьаз ахы раԥхьа иара илҟьон. Иара дызхысыз даҽа еиҳабык, ҵеик дахымсит. Адунеи зегь даҿагыланы даиааит уҳәар алшоит. Игәаӷьреи, ихшыҩи, иҟәышреи иалҵшәахьеит ҳажәлар иргаз Аиааира. Уи аус ицура мариаӡамызт, ихаҭыԥуаҩыс аҟаларагьы. В. Г. Арӡынба зхатә гәаанагара змаз, џьара гәрамгарак анибозгьы, игәы аныбжьажьоз ихала иҭҵааны, иԥышәаны дазнеиуан акәымзар, дхьазырҳәуаз амч аԥшаара уадаҩын.
Аусура иадҳәалаз азҵаарақәа рҟны, иҟалалаон ҳгәаанагарақәа анеиқәымшәалоз, аха насыԥс исшьоит усҟан уи иааигәа аҟазаареи, аамҭак ицанызаареи Анцәа ду иахьсаҭәаишьаз. 2009 шықәсазы Ҭырқәтәыла иҭсыжьыз «Арӡынба иаамҭа» зыхьӡу ашәҟәы аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Ихаҭара, инарҭбааны сазааҭгыланы илшаз илзыршаз ҭысҵаарц акәын хықәкыс исымаз. Уи аԥышәа ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы хәы змаӡам ԥышәаны инхароуп.
– Апоезиаҿы еиԥш, ауаажәларра усураҿгьы шәџьабаа, шәлагала рацәоуп. Шәара аԥхьа иргыланы поетны шәхы жәбома, мамзаргьы ауаажәларратә усура аԥыжәара ашәҭома?
–Зегь раԥхьаӡа–смаҭацәа рабду соуп, Мирод Гәажәба иҩыза соуп.
Саазқәылаз ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа: Б. Шьынқәба, А. Гогәуа, Т. Аџьба, Р. Смыр, рҩымҭақәа срыԥхьоит, сеиҭарыԥхьоит.
Хаҭала Д. Гәлиа ирҿиара сазааҭгылоит. Д. Гәлиа илшаз рацәаӡоуп. Иахьа адунеизегьтәи алитература ахьӡ анырҳәо, аԥсуа литература узавсран уҟаӡам.
Д.И.Гәлиа илеиҵаз амцажәла, алитература ду ахылҿиааит, иџьабаа иԥылеит. Ҿыцәаара ақәымзааит, нас, уи Амцажәла! Усҟан ҳмилаҭ аԥеиԥш лаша рзыԥшуп.
– Иҭабуп.

Аиҿцәажәара анылҵеит
Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me