Зхылҵшьҭра аԥсуаазтәыз

Шьыбжьон. Аҩны ашьҭахь ашәшьыра сыҵатәан ашәҟәы сзыԥхьоз сарааԥсан насҭха иқәысҵеит. Сылаԥш нарыдхалеит амра ашәахәа зқәыԥхоз сабдуи, уи иаби, ааигәа здунеи зыԥсахыз, саныхәыҷыз сзааӡаз сандуи рҳаҭгәынқәа.

Сгәы насыҵасын снеихеит уахь. Абар уажәы садтәалоуп аҳаҭгәын, сгәы хьухьуа дысгәаласыршәоит санду... Сабду дуаҩы гәыԥшқан рҳәоит, аха сара сихааным, аибашьра ашьҭахь агәыхь иахҟьаны идунеи аниԥсахуаз 64 шықәса ракәын ихыҵуаз. Исгәалашәоит саныхәыҷыз аинтерес шсымаз, егьи аҳаҭгәын аҿы анышә иамадаз саб иабду иҭоурых аҭҵаара. Исаҳахьан аӡәырҩы ирҳәоны уи иқыҭауаа рзы акыр аџьабаа ибахьан ҳәа, ихаҭа даҭырқәан, аха ԥыҭҩык аԥсуаа реиҳа Аԥсназы дааԥсахьан ҳәа.

Аҳаҭгәын иахагылоу ахаҳә иану аҩырақәа, уажәраанӡа рымаӡақәа рацәазҭгьы, уажәы хҭысла ибеиоу, имариамыз ԥсҭазаара дуӡӡак сзаадыртуеит.

Ари ахҭыс аҭоурых амшын нырцәынтә иалагоит. Аҵыхәтәантәи аурыс-аҭырқәа еибашьра анҵәамҭазы, Кавказ аурыс ир Ҭырқәтәыла адгьылқәак рнапаҿы ианааргаз, Трабзон ақалақь аҿы диит Ҳасан Мысҭафа-иԥа Коф-оглы. Уи Аԥсныҟа данықәнагалоз ихыҵуан 19 шықәса, медресе даналга ашьҭахь,  изанааҭ инақәыршәаны инапы алаикуеит ацҳақәа рыргылара. Усҟан аргылацәа аҭахын Амшын Еиқәа аҿықәала ииаргоз амҩа «Новороссиск-Баҭым». Ирҳәоит, ахәԥса бзиа ршәон ҳәа анаплакы иазҟазоу рзы. Уи акәхеит, зан дыԥсхьаз,  заб ҿыц аҭаацәара иалалаз Ҳасан дҭалоит Аԥсныҟа иаауаз аӷба. Уи аԥхьа днанагеит Жәандәрыԥшь, Чкәакә Џьыгрыц игәараҭаҿы. Џьыгрыц иаҳәшьа Дәрыԥшь Ҭраа дырҭацан. Уи агәараҭа иатәу Ҭарба Ҷыма излеиҭеиҳәо ала, иабду Ҭарба Тыгәи уи иԥшәма Чкәакәԥҳаи ирыман хҩык аԥацәа: Сиҭ, Ҭемыр, Ҳашьым. Арҭ аҷкәынцәа лассы-лассы ран илыцны лабраа рахь ицалон. Қәрала уамак зыбжьамыз Ҳасангьы даргьы еишьцылан, еиҩызцәахеит. Зны-зынлагьы дара рахьгьы дааны даангыло далагеит. Чкәакәԥҳа лан ахәыҷқәа шеинаалаз ианылба илыдылгалеит: «Бара абри арԥыс агәыбылра икит, ибҭахызар дга, дыбзыбозар».

Уи нахыс Ҳасан диасуеит нхара Дәрыԥшьҟа. Зыԥсаҭа бзиахаша Чкәакәԥҳа, Ҳасан лыҷкәынцәа реиԥш дылбон даҽа ҩажәа шықәсанӡагьы. Зыхшыҩ бзиаз, аԥсуа бызшәалагьы, ҭырқәшәалагьы ицәажәоз, аҩра-аԥхьара здыруаз, амедресе иалгахьаз арԥыс ахәаџьара адагьы ахәҳаахәҭра далагоит. Ҭырқәтәылаҟа дцон-даауан, аба ааигон. Дәрыԥшь иааиртит адәқьангьы, ахәҳаахәҭра напы аиркуеит. Актәи Адунеизегьтәи аибашьра цон, ахныҟәгара мариамызт, уимоу, аԥсы ирҽеираз қьафынк аахәараҵәҟьа уадаҩын. Ҳасан, изларҳәо ала, дуаҩ қьиан, аԥара змазгьы аӡә иакәын аҟнытә ацхыраараз идгылоз мап рцәикуамызт, абзиарақәа ззиуазгьы уас дышьҭырхуан, хәԥҳас дҟарҵон. Убас, изларҳәо ала, жәеизаҩык ахәԥҳас дрыман (уи аиуара сҭаацәа иахьагьы идырӡуам). Урыстәыла ареволиуциа аныҟала, Ҳасан Асовет мчра аагара дадгылеит, 1917 шықәсазы Џьырхәа ақыҭан еиҿкаахаз «Кьараз» далалоит. 1921 шықәсазы аԥҳа хәыҷи дышрымаз, аҩбатәи аԥҳа лира дахыԥсаауеит аԥхьатәи иԥшәма Ақәпалԥҳа. Ҳасан иԥшәма данирҽеи, лашьцәа, дҿоуп, амҩа иаҳҭап ҳәа дганы Џьырхәа лабраа рҿы анышә дарҭоит, ахәыҷы анышә дамардоит аҩын ду ҳәа ирыԥхьаӡоз Ҭараа рҿы. Ашьҭахьгьы Қәпалаа рҟынтә Ҳасан иԥшәма лашьа иԥа Қәпалба Шагә иаҳәшьаԥҳа Марицеи лыуацәеи иԥсы ахьынӡаҭаз игәы рзыбылуан, рыцәгьа-рыбзиа еилан. Арҭ зегьы рышьҭахь, Ҳасан ихәыҷы Марица аҩын дуаа дырзааныжьны иаб иахь Ҭырқәтәылаҟа данцоз, иӡбеит иҩны школс Дәрыԥшьаа ириҭарц, усҟан аԥхьатәи школс Ҭаркьыл Басиаҭ иҩны аҿы иҟаз уадазаҵәык иакуамызт азы.

Ԥыҭрак ашьҭахь Ҳасан еиҭа дхынҳәуеит иԥҳа лахь Дәрыԥшьҟа, абрыла иашьа – Аҳмеҭ диманы. Иҩны усгьы ашкол алхын, аха Ҭраа рыҿгьы аҩеишьцәа абанӡанхалоз, ақыҭа аиҳабыра анхацәа адгьылқәа шаны ианрырҭоз, Асовет мчра азықәԥаҩ Ҳасангьы иашьагьы нхарҭа ҭыԥс иалырхуеит Хыԥсы нырцә Ҵааха, изыргәаҟуаз аӡгьы меигӡарахда иахьроуаз. Ҳасан ҿыц аԥсҭазаара далагоит иргылаз аҩнахьы дааигоит Барганџьиаԥҳа Катиа. Ҳасани Катиеи хҩык ахшара рхылҵит: Раазим, Назира, сабду –Ремзи.

«1927 шықәса маи мзазы Дәрыԥшь ақыҭаҿ иаԥҵан аиҩызаратә хеидкыла-раԥхьатәи аколнхара «Кьараз» Уи еиҿкааҩцәас иаман: Коф-оглы Ҳасан, Ҭаниа Камшьышь, Ҭарба Миша, Ҭаниа Даҳаир, Ҭаниа Қамсыс, Ҭаркьыл Ҳаџьмеҭ».

«Абраҟа сажәа ахы асыркыр сҭахуп, рывсрагьы ахәҭаны исыԥхьаӡом Аԥсны аколнхарақәа раԥҵара ахы ахьҵысыз раԥхьатәи ақыҭақәа ишреиуоу Дәрыԥшь». Нас 1951 шықәсазоуп арҭ аколнхара ссақәа реидҵарала ианышьақәгыла аколнхара-миллионер «Дәрыԥшь».

Ҳасан азеиԥш ус азы ихы дшамеигӡоз шаҳаҭра руеит усҟантәи агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҿы лассы-лассы иӡбахә зҳәо астатиақәа. Убас, 1932 шықәса ииун 26 азы К. Аџьба, З. Ҭарба, В. Ҭарба ирыҩуан: «Уажәы ҳколхоз (Кьараз) аҿы хантәаҩыс иамоу Ҳасан Коф-оглы иоуп. Ари дахагылеижьҭеи рацәак ҵуам, аха аколхозаа русура аҿы ԥхьаҟа аиӷьхарақәа рымоуп».

 Мҩашьарыда иуҳәар ҟалоит Ҳасан Коф-оглы гәыла-ԥсыла даԥсуахеит, аԥсуа жәлар рразҟы дазықәԥаҩхеит, ихылҵ рааӡараҿгьы аԥхьа иргылоз ауаҩреи аразреи ракәын ҳәа. Дызгәалашәо зегьы ирҳәоз акакәын: зқыҭауаа ирывагыланы активла аԥсҭазаара ҿыц зчаԥоз, ауаа ирыцхраауаз аӡәы иакәын ҳәа.

1937-тәи ашықәс хьанҭақәа раан, ишдыру еиԥш, ишәарҭан «Кьараз»  иалақәаз рыԥсҭазаара, иуздыруамызт узыхдырҟьоз, иушьҭаланы ианааиуаз, аха Бериа макьаназ уи илаԥш дыҵамшәацызт. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ишдыру еиԥш, Аԥсныҟа раагара хацыркын ақырҭцәа. Бериеи Сталини ирҭахыз Амшын Еиқәа ахықә иқәынхоз ититултәым амилаҭ зегьы ықәцаны рҭыԥ аҿы агырқәеи ақырҭцәеи рнырхара ҩнапыкала иаҿын. Уи азоуп 1949 шықәсазы абырзенцәеи аҭырқәцәеи аӡәгьы аанмыжькәа, еидыҳәҳәаланы Абжьаратәи Азиаҟа идәықәырҵо изалагаз. Арахь иаҵанакит Ҳасан иашьа Аҳмеҭгьы иаргьы. Усҟан, иҟалап рыжәла рыԥсахызҭгьы еиқәхар, иҟоуп ус ажәла аԥсахра  иеиқәнархаз ԥыҭҩык. Изҭахыз, арҭгьы ус ҟарҵарц рабжьаргеит, аха ирымуит.

Арҭ ашықәсқәа рзы Ҳасан иҷкәынцәа Раазими Ремзии ирылдыршар акәхеит раҳәшьцәеи рани рхылаԥшра, амла рамыркра. Еивагыланы доусу ирылшоз напы адыркит. Раазим иаб иеиԥш аихалых аибыҭара далагоит, акыргьы ирҳауан уи ала, аха аӡәырҩы ус дрыцхраауан. Иҟоуп издыруа иахьа уажәраанӡагьы Ҵааха иқәу ацҳа иара шиакәу изыҟаҵамҭоу.

Сабду Ремзи иаб идәқьан дықәгылан ахәҳаахәҭра напы аиркуеит. Иагьа иуадаҩхазаргьы ргәы кармыжьит.

Ишнеиуаз аколнхарақәа анеидырҵа, Раазим иҭаацәеи иашьеи ашкол иахьазааигәоу аҩны дыргыларц азы, ақыҭа аиҳабыра адгьыл рырҭеит, иеивагылан аҩны ду аргылара иалагеит. 1956 шықәсазы аишьцәа раб дахьыҟаз Томсктәи аобласт аҟынтәи ажәабжь роуит, ахара шидым, дшоурыжьыз ала. Дааргоит ҳәа уа иахьнеиз, еилыркаауеит Ҳасан ишицыҟаз иашьа Аҳмеҭ идагьы Тос-оглы Ҳасани уи иҷкәын Ҳақи. Урҭ уа ирыбжьалаз аиашьара иахьа уажәраанӡагьы рхылҵ еиқәырханы иааргоит.

Изгәалашәо изларҳәо ала, Ҳасан дгьежьны данаагьы иҷкәынцәа ицырхрааны напы аиркуеит ачаӡырҭа аартра. Уи ача ӡны ауаа ириҭон, иҟалап иԥсы ҭаны дахьыгьежьыз азы уи ала иҭабуп ҳәа Аллаҳ иеиҳәозҭгьы. Раазим ихылҵуеит ааҩык ахшара. Урҭ зегьы аԥсуаауп. 1961 шықәсазы аишьцәа рыҩны ҿыц аргылара иалганы нхара уахь ииасхьан. Сабду Ремзи динасыԥхеит Аҷандарантәи аҭыԥҳа Халиа Цуца Кәыкәына-иԥҳа. Иара убри ашықәс азы ақыҭа аиҳабыраҿ ашәҟәы ықәырҵоит хазы ицар шырҭахыз ала, иагьиасуеит иахьа уажәраанӡа ҳахьынхо аҭыԥ аҿы идыргылаз аҩнахьы. Дәрыԥшь агәаны анхара иалагоит ԥсуаҵасла зхәыҷқәа зааӡаз аԥсуаа Коф-оглықәа. Ирхылҵуеит ҩыџьа аԥацәеи х-ҩык аԥҳацәеи. Ҳасан имаҭацәа рыла игәы раҳаҭны идунеи иԥсахуеит 1970 шықәсазы. Даҽа аа-шықәса рышьҭахь нырцәыҟа лымҩа дықәлоит, иԥшәма Барганџьиа Катиагьы.

Издыруада, абас Ҳасан иеиԥш шаҟаҩы Аԥсни аԥсуааи рҭоурыхтә мҩа рыцеиҩызшаз, рхылҵгьы Аԥсны наӡаӡа ирџьынџьхаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан Ҳасани иашьа Аҳмеҭи рмаҭацәа, рхы иамеигӡа рыԥсадгьыл рыхьчон.

Абас, иахьа Ҳасан иашьеи иареи рхылҵшьҭра 30 ҭаацәа инареиҳаны Аԥсны ахи-аҵыхәеи иахьыгӡаны инхоит. Ргәараҭақәа рҿы аԥсышәоуп иуаҳауа, уаԥсыуам ҳәа зоуҳәаз уамашәа уибоит.

 

Лана Коф-оглы,

ААУ афилологиатә факультет

ажурналистика аҟәша

аҩбатәи акурс астудент

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me