«Убри ауп ҳара ҳамҩа»

Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра  иеиҭаз аинтервиу аҟнытә  

— Мшыбзиақәа Аслан Гьаргь-иԥа! Иахьатәи ҳаиҿцәажәара ҳалагарц сҭахуп ҳзызгәдуу ахҭыс ала. Ишаҳдыруа еиԥш, ааигәа имҩаԥысит БРИКС имҩаԥнагоз Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа.

Уаҟа Аԥснытәи еизгоу акоманда раҧхьаӡа акәны рхы аладырхәит, 97 команда ахьыҟаз 13-тәи аҭыԥ ааннакылеит. Ари жәаҳәарада, ҳара ҳзы ихҭыс дууп, насгьы лҵшәа бзиоуп, аха ишаҳдыруа еиԥш, алҵшәа бзиа ахьыҟоу аџьабаа дугьы ацуп. Иахышәҳәаауеи ҳаспортсменцәа реихьӡарақәа, урҭ зыбзоуроу ҳәа шәгәы иаанагои? Насгьы аҿар рзы аҳәынҭқарратә политика ианыԥшыша алкаақәа ҳәа акыр ҟалома?
— Абзиара шәымаз, бзиала шәаабеит! Ҳәара аҭахума, ари даара хҭыс дууп. Ианҳаҳа уи аҩыза аспорт иадҳәалоу аус ду шыҟало, Урыстәыла аиҳабыра рҟны ааҧхьара ҟаҳҵеит иаҳҭахуп ҳаспортсменцәа рхы аладырхәырц ҳәа, аурыс ҳәынҭқарра ахадара ақәшаҳаҭхеит, убри иабзоураны абас еиԥш идуу жәларбжьаратәи аспорттә ҭагылазаашьа ҳхы алаҳархәит. Ҳәара аҭахума, ҳара ҳаспортсменцәа даараӡа ибзианы рхы аадырԥшит, урҭ разыҟаҵара азы ҳара ҳҳәынҭқарра иаунажьит иаҭахыз абиуџьет. Аҭыԥқәа иааныркылаз акоманда аганахьала даара ибзиоуп, даҽакала иуҳәозар ари иаанаго ҳара ҳҳәынҭқарра аспорт аганахьала азхаҵара аиуит ҳәа ауп. Ииашаны иазгәашәҭеит, даараӡа ирацәан аҳәынҭқаррақәа зхы алазырхәыз, ҳкоманда ибзианы рхы аадырԥшит, ҳаԥхьаҟа урҭ иҵегьы ацхыраара роуеит. Ижәдыруазар акәхап, иазгәаҳҭеит рџьабаа, атренерцәа азгәаҳҭеит, уи ҳара ҳзы изҵаара хадахеит, сара хаҭала хылаԥшра азызуеит, ҳаԥхьаҟа иҵегь еиӷьу аихьӡарақәа ҳауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аҿар рзы иҿырԥш дууп, ииашоуп, иақәнагоуп, адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам, ҳмилаҭ агәабзиара рымазароуп, Аԥсны зегьы ахьынӡанаӡааӡо спорттә дәҳәыԥш дууп, аӡынрагьы, аԥхынрагьы ара иҟоуп иҟауҵаша. Уажәы акы сшаҿу даҽакахьы сиасит, аха апрезидент ипрограммала ишьақәырӷәӷәоуп, ашколқәа зегьы рҟны шықәсык ҩышықәса рыҩныҵҟала захьынџьара иҟалоит аспорттә дәқәа. Избанзар уи амҩа иаша иқәнаҵоит, ауаҩы иҟазшьа ааирԥшыртә аҭагылазаашьа иоуеит, дыӷәӷәахоит доуҳала, дыӷәӷәахоит мчыла, уи дпатриотхоит Аԥсназы.

— Ҳаиҿцәажәара иацҵо ҳаиасыр сҭахуп аекономика иадҳәалоу азҵаарақәа рахь. Ишаҳдыруа еиԥш шәара ааигәа шәыҟан ақалақь Санкт­-Петербург, уаҟа аекономикатә форум шәалахәын, имҩаԥыжәгеит еиуеиԥшымыз аиԥыларақәа. Иарбан лҵшәақәоу абарҭ аиԥыларақәа ирымоу, насгьы абри Аԥсназы иаҳа ихәарҭоу, иаҳа Аԥсны аҿиара иацхрааша ҳәа иарбан иалышәкаауа?
— Ибзианы ирдыруазар ахәҭоуп шьҭа Аԥсны иқәынхо аполитика иазҿлымҳау ҳауаажәлар, ҳара иҳамоуп аполитикатә суверинитет, аха иахьа уажәраанӡа иҳамаӡам аекономикатә суверинитет. Абри аекономикатә суверинитет шьақәҳаргыларц азы даараӡа аус утәуп. Ибзиаӡаны иаҳдыруеит, ҳара ҳбанк ахатә ԥара амаӡам, економикала макьана уи ҳалшаӡом, убри аҟнытә Аԥсны иахәо аусқәа аекономика аганахьала аиҿкааразы ҳара ҳаилызкаауа, иҳацхраауа Урыстәыла ҳрышьҭоуп. Сара Питер сызцазгьы убри азыҳәан ауп. Иахьа Аԥсны ахҭысқәа иҟоу зегьы, ижәбо аргыларақәа, аизҳарақәа, асасааирҭақәа роума, аҳаирбаӷәаза аума, аихамҩа ҿиашьа иҟоу ашьақәгыларақәа роума, ақыҭанхамҩахь ицаз аԥара дуқәа, нас иалкааны ишәасҳәоит, абри зегьы убрахьынтәи иааз усуп. Абри зегьы зыҟаҳҵо убри ауп, ҳара ҳҳәынҭқарраҿы Аԥсны 140 нызқьҩык ауаа аусура зылшаша ықәынхоит, 50 нызқь роуп аус зуа официалла, 30 нызқь рҟынӡа иҟоуп убри аҩыза акатегориа «самозанятые» ҳәа, егьырҭ абжа Аԥсны иқәынхо иахьа аус ахьыруа рымаӡам. Шәазхәыц шәара аҭаацәа реиҳабы, ма зықәра 25 ш. зхыҵхьоу, иахьа аҭыԥ имаӡам. Абри зегьы зуалу, аусура аҭыԥ изыԥшаара, иҭаххар аус иур, иҭахымхар уи иара иалихыз мҩоуп, аха аҳәынҭқар иҟаиҵар ауп убри аҩыза аҭагылазаашьа аусурҭа аҭыԥ ҳтәылауаа ироуртә. Аусурҭа ҭыԥк аиҿкааразы иахьа иаԥсоуп аекономика аҿы бжьаратәла уахәаԥшуазар, 10-11 миллион мааҭ. Иаҳҳәап ахәыҷбаҳча ургылар 200 миллион мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп, ахәыҷбаҳча бзиа. Убра аус рулоит 18-20-ҩык ауаа рҟынӡа. 50-70 нызқьҩык рҟынтәи иаҳҳәап, ԥыҭҩык аусура рҭахӡам, 50- нызқьҩык аус рурц рҭахуп, 50- нызқь ҭыԥ аауртырц азы Аԥсны иалаҵатәуп 500 миллиард мааҭ аԥара, ҳара иҳарҳауа ашықәсазтәи абиуџьет 9 миллиард мааҭ роуп иҟоу, заҟа шықәса аҭахи убри мацара убрахь иҳашьҭуазар, уи ҳара ҳԥара, ҳара ҳамч иахьатәи мацара ҳақәӷәыӷны иаҳзыҟамҵо усуп. Сара абри анысҳәо сажәа даҽакала еиҭаргоит, ирҭахӡам, избанзар урҭ хықәкыс ирымоу ҽакуп. Сара хықәкыс исымоу убри ауп, ҳмилаҭ, ҳауаажәлар аусура зҭаху аус руроуп, рҭаацәа рҟны иҟазароуп иақәнаго зегьы, иахьа ахәыҷы иоуроуп.
Ачымазаҩгьы иоуроуп аҳақьым ихылаҧшра, 6- нызқьҩык ҳамоуп акьыба зыхьуа, Аԥсны 500 нызқь мааҭ, миллионк аҭахуп аӡәы ихәышәтәра, уахәаҧшыр абри зегьы иаҭахуп 5-6 миллиард, абри зегьы ҟаларц иаҭахуп аинвестициақәа. Аинвестфорум аҟны— Питер убри азоуп сзыҟаз. Аҩызцәа рырҳара, аинвестициақәа раагара. Уажәы Аԥсны имҩаԥысуа апрограмма аурыс ҳәынҭқар дҳацхрааны программа льгот-кредитла иҟаҳ­­ҵо ­а­хь­тә ақы­ҭанхамҩа иалаҳҵеит, проектк аҟны 800 миллион мааҭ, даҽа прое­ктк аҟны 700 миллионк, 6% ҳәа аԥара аурыс ҳәынҭқар иҳаиҭеит. 6% аурыс ҳәынҭқар иара ибизнесменцәа ириҭаӡом, уа 18% иаԥсахахьеит, убри аҩыза ацхыраара ҳзыҟарҵеит. Убасгьы убри ашьаҭала Очамчыра апроект дуӡӡа, миллиардк рҟынӡа зыхҭынҵахо ҳаҿуп, апорт аус аурц иҿыцу аусурақәа реиҿкаара, иҿыцу аусугақәа радгарала. Иаархәеит атехника, сара иаҳхысыз амчыбжь азы убра сыҟан, убри аҩыза атехника Урыстәылагьы ирымаӡам, акран ҿыц аархәеит, ишьҭызхуа 450 тонна. Абри зегьы ҳзашьҭоу убри ауп ҳауаажәлар беиахарц, аԥсҭазаара бзиа роурц, ауаҩы ичмазыҩхаз иахьа уимыцхраар дыҧсуеит, уи иҧсра аҳәынҭқарра амаҵ зуа ауаа, еиуеиҧшым амчра ахәҭақәа рыламыс аҟны иҟазаауеит. Иахьоуп арҭ азҵаарақәа аныӡбатәу, баша ацәажәара акәымкәа, аекономика шьҭыхтәуп. Аекономика шьҭаҳамхыр иҳамоуп апроблема атәылахьчара аганахьала. Ҳара ҩынтә ишьҭаҳххьеит атәылахьчара аминистрра абиуџьет, аха иазхаӡом, жәантә ишьҭыхтәуп.
15 нызықь мааҭ рыла ауаҩы ихы изныҟәгару? Исҳәо заҳауада акәымзар… Иаҭахым аусқәа ҳаларгалоит, иаҭаху акәымкәа. Шьоукы ус рҳәоит: Изаҳҭахи асасааирҭақәа? Аконкуренциа ҟалозаап. 1055 сасааирҭа ыҟоуп Аԥсны. Мрагыларатәи араионқәа рахь 28 роуп иҟоу, Гал араион цыракгьы ыҟаӡам, Тҟәарчал акы ыҟоуп, 26 Очамчыра иҟоуп. Гал араиони, Очамчыреи, Тҟәарчали Шәача иаҟароуп.


— Аслан Гьаргь-иԥа шәара ишазгәашәҭаз еиԥш аекономика аныԥсыҽха уи аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа зегьы ирныԥшуеит. Иарбан шьаҿақәоу, иарбан усқәоу аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны шәара еиҳа Аԥсны аекономика аҿиараҿы иалышәкаарц ишәылшо?
— Зегь раԥхьа исҳәарц исҭаху убри ауп, ҳара ҳхатәы биуџьет ҩынтә еиҳа ишьҭаҳхит. Иаанагои уи, излаҟалеи уи аҩыза аҭагылазаашьа? Убри злаҟалаз убас ауп, ашәахтә амаҵзура аиҳабыра, араионқәа рхадарақәа ишақәнагаз аус руит. 300 наплакы рҟынӡа ашәҟәынҵара иқәгылаӡамызт, аԥара ршәаӡомызт. Ҳара аналогқәа ирыцҳамҵаӡеит, аналог ҿыцқәа Аԥсны иалаҳамгалаӡеит, ахылаԥшратә напхгараҭара ҳхы иархәаны убри аҩыза алҵшәа ҳауит, уи акы, иҩбахаз хар амаӡамкәа ицоит аргыларақәа, асасааирҭақәа, ҵыԥх шықәсык аҩныҵҟа 180 рҟынӡа ргылан, аӷәы иалхны иҟоу, адуқәа, ахәыҷқәа, еиҳарак ари зегьы ахьыҟаз мраҭашәара араионқәа рҟны ауп: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, уи даара ибзиоуп, аргылара ашьҭахь ахәаахәҭра духоит, ахәаахәҭра аҟны аналогқәа ҟалоит. Иазгәасҭарц исҭаху даҽакгьы, ибзиаӡаны ҳааиуеит апрограмма ҳақәныҟәаны, абри «льготное кредитование» Урыстәылантәи иҳауа. 6 миллиардк рҟынӡа ҵыԥхи сынтәеи аекономика иалаҳҵеит. Убри аҿырԥштәқәа аҩы ахьыҟарҵо, аӡахәа ахьырааӡо Очамчыра араион 800 миллион мааҭ, апорт аҿы 800 миллион мааҭ. Гәылрыԥшь араион ааӡара ҳаҿуп ацитрус иадҳәалоу, асок ахьыҟарҵо, аџьемқәа ахьыҟарҵо, ари зегьы даара ибзианы аус зуа наплакқәоуп, Афон асасааирҭа бзиа аргылараҿы, иҵегьы ԥшьба-хәба проект ҳамоуп, иахьа-уаҵәы ҳазлагаша. Абри зегьы аекономика аҿиара аус иахәоит.
Убри аамышьҭахь, ақыҭанхамҩа амаҵзура аганахьала ҳара ҳҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи 300 миллион рҟынӡа ақыҭанхамҩа аусқәа ирылаҳҵеит. Уи аԥара дырхынҳәӡом, уи ала анхацәа ҳрыцхраауеит, аиҭаҳатә рҭахызар ирзааҳхәоит, аанда аҟаҵара рҭахызар иаҭаху рзааҳхәоит, «малая техника» ҳәа изышьҭоу рзааҳхәоит, 200 рҟынӡа аҭыԥқәа ҟаҳҵахьеит, 95% аԥара злаҳҵаз анаплакқәа зегьы аус руеит, аха ҳара иҟаҳҵаз иахьа абри ашықәсқәа ирылагӡаны, хәба-фба миллиард исҳәази, ақыҭанхамҩа иалаҳҵази… Уи аҟара жәаба ҟаҵатәуп, шәы­нтә еиҳаны иҟаҵатәуп… Аинвесторцәа ааит, ақыҭанхамҩа аусқәа рҿы Гал араион аголубика аарыхра иаҿуп даара ахаҭабзиара бзиоуп, анаҩс амандарина асовнхарақәа рҿы аинвесторцәа неит, арыцқьара иаҿуп, аиҭаҳара иаҿуп, ашәыр рҩа ҭрыжьуеит, ҳара убас иҟоу ауаа зегьы ҳрыцхраауеит, аӡәгьы ҳаиԥырхагаӡам. Сара убас расҳәеит ачынуаа зегьы, аӡәы шәиԥырхагамхан, иахьа ауаҩы ишьапы дықәгылар ауп, ишьапы дықәгылар ибизнес иалаиҵаз ирхынҳәыр, нас ишақәнагоу аҳәынҭқаррагьы дацхраауеит, аусурҭа ҭыԥқәа имоу уигьы аҳәынҭқарра ацхраароуп иаанаго. Ауаҩы акы далагаанӡа дхәаҽтәӡам, дыблыр ауеит, аамҭа бааԥсхар ауеит, ачымазара ҟалар ауеит, ари иадҳәалоу рацәоуп, убри аҟынтәи анаплакҩы иара ихахьы иганы ианыҟаиҵо уи ус бзиоуп, уи ҳара иҳахәо усуп, сара сырзыразуп, ҷыдала абарҭ апроектқәа зегьы назыгӡо здыруеит, рхылаԥшра саҿуп аӡәгьы рԥырхагамхартә. Иҟоуп шьоукы уи згәамԥхо, аҵашьыцра зҭаху, уи иаанаго арынок амонополиа ауп, уи ҟаҵатәӡам, иашаӡам, ус ҳара хара ҳазнеиӡом. Аекономика аполитика иахьа ҳшаҿу иҟазароуп, амҽхак дузароуп, жәантә, шәынтә еиҳаны аԥара алаҵатәуп. Ари хныҟәгага усуп ҳауаажәлар рзыҳәан, ақыҭа еиқәнархоит, ақыҭаҟны иҟоу ауаҩы аҭыԥ аниоулак, ақыҭантәи дықәҵны џьаргьы дцаӡом.
— Ишазгәашәҭаз еиԥш, Аԥсны мраҭашәаратәи араионқәа рҟны аекономика аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп, уи зыбзоуроу еилкаауп, атуризм аҿиара ахьамоу азыҳәан ауп. Иарбан хырхарҭақәоу егьырҭ араионқәа рҟны еиҳа напы зыдкылатәу шәгәаанагарала, рҭагылазаашьа аԥсахразы, иааидкыланы аҳәынҭқарра аҟны аекономика ашьҭыхра азыҳәан, атуризм адагьы егьырҭ ахырхарҭақәагьы арбану?
— Ҳара иреиӷьу ҳхырхарҭа атуризм иадҳәалоуп, убри аамышьҭахь ақыҭанхамҩа иадҳәалоу аус, «алогистика» ҳәа изышьҭоу, алага-ҩага амҩақәа реиҿкаара, ҳара ҳаклимат, ҳгеографиа шыҟоу ала абарҭ аусқәа еиҿаҳкаар, иҟоуп убри аҩыза анаплакқәа, абри «аити» технологиақәа ҳәа изышьҭоу, уи иаҿу ауаа аԥсабара иаԥырхагоу ҳәа акгьы ҟарҵаӡом, анхарҭа ҭыԥ бзиа рымазар рҭахуп, аҳауа цқьа, амшын, ашьха, уи зегьы ҳара иҳамоуп. Ус сгәы иаанагоит, сынтәа ҳахьӡом, аха ҳаԥхьаҟа убарҭ ирҭахугьы еиҿаҳкаауеит, иҳамоуп аҭыԥқәа иалхны – ҳгәы иахьҭоу. Иара убас, аӡы аҭира ишақәнагоу аԥаҭлыка иҭаҭәаны анаплак ду Гәылрыԥшь араион аҿы аҟаҵара иаҿуп, ҳаԥхьаҟа иалгоит, ҩ-хыбрак дыргылахьеит.
Гал, Очамчыра, Тҟәарчал араион иқәынхо ауаа русурҭа ҭыԥқәа рзыҳәан даара иуашәшәыроуп. Убас иҟоуп аҭагылазаашьа бааԥсы, аҳәса рҭаацәа кажьны, Аҟәа иаауеит аԥхын аусура ҳәа, Афон, Гәдоуҭа, Гагра ицоит, избанзар уа ироуеит 50-60 нызқь. Шаҟаҩы ыҟада убас изҭаху? Шаҟаҩы ыҟада Сыҷынаа абизнес ҟарымҵарц азы аԥынгыла ҳазҭоз Аԥсны иқәынхо ҳтәылауаа? Убри аҟынтәи дарбанзаалакгьы игәы иаанаго са исыздырам, аха абри аус ԥхьаҟа иҵегьы инаҳагӡарц ҳгәы иҭоуп, избан акәзар ҳара иаҳуалуп ҳауаажәлар ибзианы инхаларц аус аиҿкаара.


— Шәара азҿлымҳара ду ашәҭоит ашәахтә сфера. Еилкаауп абиуџьет аизырҳара ари зҵаара хадоуп аҳәынҭқарра аҿы. Абраҟа иарбан еихьӡарақәоу зыӡбахә ҳәатәу, иалкаатәу, насгьы иарбан стратегиатә хықәку ишәымоу?
— Хышықәсеи бжаки рыҩныҵҟа, ҩынтә ишьҭаҳхит ҳбиуџьет. Даҽакгьы азгәасҭарц сҭахуп, 27 шықәса аибашьра еилгеижьҭеи аҳәынҭқар ибиуџьет анынарыгӡоз шықәсыкгьы ыҟаӡамызт, уи зыбзоуроугьы аус зуа ашәахтә маҵзураҿы, араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа, зегьы еиҿыркааз усуп, убри азыҳәан ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Аналог ҿыцқәа ҳара иалаҳамгалаӡеит, иҟаз азыԥҵәақәа шьҭаҳамхӡеит, иҳамоу аус иалыршан иҟаҳҵаз усуп, иҵегь адисциплина ишақәнагоу иҳарӷәӷәар, иҵегьы ҳаиӷьхоит, аха аекономика ҳара иахьа иҳамоу ҳазҵаара зыӡбо егьа еизугаргьы иузхаӡом, ҳара иҟаҳҵароуп аҭагылазаашьа аекономика зхы алазырхәуа анаплакқәа рацәахарц, шәынтә, зқьынтә еиҳахароуп, нас ауп ҳара ҳҳәынҭқарра анбеиахо, убри ауп политика хадас иҟоу, убри ҟаҳҵарц азы аекономика иалаҳҵароуп аинвестициақәа рацәаны. Ҳауаажәлар аусура рҭахуп, аџьабаа збо уаауп бжеиҳан, изҭахым иҭахым, уи иара иусуп, ииҭаху ҟаиҵалааит, изҭаху рзы аус руртә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаҵалатәуп. Аус ҳур зегьы, зегь рыла ҳманшәалахоит.
— Ишаҳдыруа еиԥш, аԥсуа идац ақыҭаҿы ауп иахьыҟоу. Ус анакәха ҳазааҭгылап аԥсуа қыҭа перспективас иамоу, уаҵәы уаҵәашьҭахь, гәыӷрас ирышәҭои ақыҭауаа, акык-ҩбак шәыгәҭакқәа ҳзеиҭашәҳәар ҳаргьы ҳгәы иахәон, аԥсуа жәларгьы ргәы шьҭышәхуан.
— Ақыҭаҿы инхо ҳауаажәлар аперспектива бааԥсӡам ирымоу, уи иадҳәалоуп аекономика аҿиара, убри азыҳәаны исҳәеит ҳара апрограмма иҳамоу, абри «льготное кредитование» аганахьала ақыҭақәа рахь инаҳашьҭуа аинвестициақәа, рымҽхак иҵегьы иҳарҭбаауеит, ауаа ҳрышьҭоуп, иаауа ҳмыршәароуп, еилаҳкаароуп ԥсыхәа шҳамам аинвестициақәа рыда. Иахьа даҽа системак ыҟоуп, аҳәынҭқар илшо анаплакқәа маҷуп аекономика иадҳәалоу зегьы ҟанаҵароуп абизнес. Убас ауп аус шауа, убри аҟынтәи абарҭ аусқәа еиҿаҳкаауеит, уажәы Очамчыра араион ҩ-қыҭак рҿы ҳгәы иҭоуп, аԥара ҳаухьеит, акы – Кәтол, егьи –Отаԥ. Урҭ даара иманшәалоуп, убраагьы 50-ҩык аус зуа рҭыԥқәа ҟалоит. Аха шәынтә амҽхак еиҳатәтәуп ҳара иҟаҳҵаран иҟоу аусқәа, егьырахь ақыҭақәа рҿы амҩақәа рыҟаҵара ҳаҿуп. Кыршықәса ирымаӡамызт аӡы 250 ҭӡы, аҟаҵара ҳаҿуп, сентиабр нҵәаанӡа Оҭҳара 50 ҭӡы ироуеит, убри аамышьҭахь уажә ааигәа Аҟәа араион Ешыра 2700 метра амҩа ҟаҳҵеит, иара убас Џьгьарда ақыҭан, ашкол хар амаӡамкәа иҟоуп, аха излахкааз анда ҽеиӡамызт, уи ҳаԥсахит, ибзиоу аспорттә дәҳәыԥш аҟаҵара ҳаҿуп, ауаҩы анапылампыл, амҵәышәмпыл, аԥқьаҭ дасыртә. Кәтол иалагеит ашьапылампылтә стадион аргылара. Убас иҵегьы ирацәоуп аусқәа ҳазҿу, абарҭқәа зегьы ауаа ақыҭаҿы инхарц, иҿиарц, аусрҭа аҭыԥ роурц абри зегьы еидҳәалоуп. Аха аполитикатә ԥынгылақәа иҳамоу ҳԥырхагоуп, уи иамаӡам аргумент, аргументда ицәажәароу аԥынгыла, аха уигьы Анцәа ду имчала иҳаӡбап ҳәа сгәы иаанагоит.


— Аԥсны ахьчара, ари аҳәынҭқарра ахықәкы хадақәа ируакуп. Шәара ари азҵаара шәазҿлымҳауп, даҽакалагьы ҟалашьа амам. Ҳрылацәажәап ар проблемақәас ирымоу, изеиԥшроузеи араҟа аҭагылазаашьа, насгьы аҵыхәтәантәи аамҭа азыҳәан ҳалшарақәа акыр рҽырыԥсахма?
— Ар апроблемақәа ирымоу рацәоуп, зегьы иаартны ҳазрылацәажәаӡом, избан акәзар уи имаӡоу усуп, аха исҳәарц исҭаху ҳзыхьӡаз ауп, ҩынтәны ар ирымоу абиуџьет шьҭаҳхит, 50 инареиҳаны атранспорт ҿыц ааҳхәеит, анџьныртә ргыларақәа ҟаҳҵеит, иршәырҵо ааҳхәеит, нас аибашьра Анцәа иҟаумҵан, аха иацуп ахәра, аҭахара, амедицина аганахьала иақәнаганы ирымаз арезерв аҟны зегьы бжьысхьан, рхаҭабзиара бааԥсхахьан, убарҭ зегьы ҳаԥсахит, ҵыԥх апарад аҟны рхы аладырхәит иҳамаз иԥыруа аҳаирпланқәа, урҭгьы хар амаӡамкәа иазааҳгеит, аха иҟаҳҵаз аиҳа иҟаҵатәу жәантә ирацәоуп. Иҳаман аҭагылазаашьа 2016 шықәса рзы аурысцәеи ҳареи ҳаимадара инақәыршәаны абаза ҿыц аргылара Очамчыра араион, аха убри аҳәынҭқарра ахьчараз иаҭахыз аус ҳзеиҿымкааӡеит, аполитика аԥырхагахеит, Очамчыра араион абаза ҳаргыларц азы 50 геқтар рзымԥшааӡеит. Насгьы ижәбахьазар акәхап иахьынхо «аказарма» ҳәа изышьҭоу даара ахаҭабзиара бааԥсуп. Уажәы иҿыцу аказарма ҳаргылеит Баӷбаран, аха ус иҳаргылараны иҟоу рацәоуп иҵегьы. Убри ашьҭахь еиҿаҳкааит «абеспилотник» ҳәа изышьҭоу, ҳара иаҳҭаху абжеиҳара абра иҭҳажьлартә. Аха уи зегьы маҷуп. Иҵегь ирӷәӷәатәуп ҳалшарақәа, иҳамоу ҳазхаӡом, убри аҟнытә аурыс ҳәынҭқарреи ҳареи аимадара иҳамоу ҳарӷәӷәароуп, уи аганахь мацара акәым, аха ари аус аҟны ҷыдала. Очамчыра апорт аҿы иҟаҳҵеит убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ар рыӷбақәа ҭало, уи ҳара ҳзы иус бзиоуп. Аҭагылазаашьа даара ихьанҭоуп, аурыс ҳәынҭқар иахьа аибашьра ду даҿуп, ара Анцәа ду ибзоураны аибашьра ыҟаӡам, абжьгьы ҳаҳауам, аха ибзианы ишәымдыруеи, 30-ҩык инареиҳаны ҳаҷкәынцәа ҭахеит уаҟа. Убри аибашьра абра имааиртә аполитикатә дипломатиа даара иадгылатәуп. Иахьа Қырҭтәыла ахадараҿ иҟоу ирҭахӡам иҳабашьыр, прогматикцәошәа иҟоуп, аха уа иҟоуп аоппозициа–аибашьра зҭаху, урҭ ирҭахуп Қырҭтәыла анеитралтә статус аиурц, аус дуқәа Қырҭтәыла ирылацәажәо, дара асас идкыларазы аусқәа реиҿкаашьа рдыруеит, ауаҩы дхырхуеит, убригьы ҳара ҳацклаԥшыр ауп, иаҳԥырхагахар ауеит, ииашамкәа ҳаизыҟазаашьа ҟалар аурысцәеи ҳареи. Сара исҳәарц исҭаху убри ауп, аурыс ҳәынҭқар ҳара даҳмыхәозар даҳԥырхагаӡам.
— Аслан Гьаргь-иԥа, уажәы ҳаиасырц сҭахуп ҳҳәынҭқарраҿы ихадоу азҵаарақәа ируаку, иҵарны иқәгылоу аԥсуа бызшәа азҵаара. Шәара, ишаҳбо еиԥш, шәаԥсшәа бзиоуп, акымкәа-ҩбамкәа аиԥыларақәа аԥсышәалагь имҩаԥыжәгахьеит, аха ауаажәларра аҟны, шамахамзар аҳәынҭқарра аҟны аԥсшәа имаҷны рхы иадырхәоит рҳәоит. Еилкаауп аԥсуа быз­шәа азҵаара аҭак ҩ-ажәак рыла аҟаҵ­ара уадаҩуп, убри аҟынтәи сара сыз­ҵаарагьы ­х-етапкны исшеит. Актәи азҵаара: Шәгәаанагарала аԥсуа бызшәа аконституциа аҿы иааннакыло аҭыԥ аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿгьы иааннакылартә еиԥш иҟаҵатәузеи?
— Азакәан иҳадаҳкылаз иқәныҟәатәуп, уи акы, аха уи ақәныҟәара уадаҩхеит, уигьы анализ азутәуп. Абри Аԥсны Ахадацәас иҟаз зегьы, Владислав иоума, Сергеи Багаԥшь иоума, Алеқсандр Анқәаб иоума, Рауль Ҳаџьымба иоума убри аганахьала ирылшоз ҟарҵон. Сара ус зны-зынла схәыцуеит, изыҟалеи абри аҩыза апроблема? Аконституциа аҟны иннакыло астатус, аԥсҭазаараҟны изамами ҳәа. Иҟан убри аҩыза аамҭақәа Асовет мчра аныҟаз, ԥсышәала уцәажәар ауӡомызт, ашколқәа зегьы рҿы аԥсшәа аҳәара азин ыҟамызт, аха аԥсацәа аԥсшәа дмырӡӡеит, абызшәа еиқәхеит. Нас хәыҷык иҵегьы инарҭбааны анализ аҟаҵара ҳаналага уи аҩыза апроблемақәа Аԥсны мацара акәӡам иахьыҟоу. Нас иазгәасҭаз убри ауп, ҳара ҳҵарауаа иҳамоу, абри апроблема аӡбаразы, еффектла азнеиразы ирымоу азнеишьақәа еиқәшәаӡом. Ауаҩы игәы бааԥсхар аҳақьым иҟны днеиуеит, аҳақьымцәа аӡә ас иҳәар ауеит, ҽаӡә ас иҳәар ауеит, ачымазаҩ иҟаиҵо изымдыруа данықәхо ыҟоуп, убасшәа ҳаҟоуп иахьа. Уажәы ааигәа абри азҵаара иадҳәалоу аизара ҳаман. Ажәалагалақәа ҟарҵеит аспециалистцәа, иаҳҭахуп еиҿкаау аплан, аус зураны иҟоу аплан, убри ҳаур ҳақәныҟәоит, иаҭаху зегьы ҳара еиҿаҳкаауеит. Аха аиҵахара иҳамоу – уигьы иамазар акәхап амзыз, ари ихадоу зҵаароуп, иҳаӡбоит, ҳаиааиуеит ҳәа сгәы иаанагоит.
— Имаӡаӡам ауаажәларраҿы аԥсшәа ззымдыруа ачынуаа ишрықәыӡбо. Избан абас аҭагылазаашьа зыҟоу амчрақәа рҿы?
— Ҳара ҳҿы 95% ачынуаа аԥсшәа рдыруеит, ҳапроблемақәа зегьы адҳамҳәалап ҳбызшәа, ус сгәы иаанагоит. Уи ихадоу проблемоуп, иҳаӡбалоит, аха зны-зынла убас иҟоуп аҭагылазаашьа, уи аԥсуа бызшәа издырам, аха иус аҟны дыӷәӷәоуп, уигьы ҳамыхәаԥшыр ада ԥсыхәа ҳамаӡам, ус ианыҟоугьы ыҟоуп. Иҟоуп, ҳәара аҭахума, аԥсшәагь издырам, иусгьы издырам, дуаҩ башоуп, ус иҟоугьы ҳамоуп, ишԥаҟам, аха урҭгьы хәыҷы-хәыҷла рымҩақәа аҳарклап ҳәа сгәы иаанагоит.
— Анапхгаратә ҭыԥқәа раанкылара аан иҟоуп ачынуаа рзы акритериақәа. Уаҟа азанааҭ ибзианы адырра, даҽакала иуҳәозар, апрофессионализм ҳәа изышьҭоу актәи аҭыԥ ааннакылоит. Иарбан ҭыԥу иааннакыло ахатәы бызшәа адырра ари аус аҿы?
— Ҳара абызшәа иадҳәалоу азакәан ҳамоуп, аха ачынуаа рзы «закон о госслужбе» ҳәа изышьҭоу иахьа уажәраанӡа иҳамаӡам, иҟоуп уа ауадаҩрақәа изҳамам. Аха адагьы ԥсыхәа иҳамаӡам ҳәа сгәы иаанагоит, избан акәзар уи азакәан анҳадаҳкылалак ашьҭахь ачынуаа русушьа ахаҭабзиара еиӷьхароуп. Сара ус агәаанагара сымоуп, иарбанзаалакгьы ашьаҿа иҟаҳҵо проблемак аӡбароуп, апроблема ҿыц ицәырымҵыртә акы аӡбароуп, аха иаҳцәыуадаҩуп, ганкахьала 15 шықәса ҵит ахьыԥшымра ҳауижьҭеи, ганкахьала уи маҷӡам, ганкахьала имаҷхеит, ари зегьы еидызбало апрофессионалцәа аҳәынҭқарра аргылараҿы аԥышәа змоу ыҟаӡамызт Аԥсны, урҭ иахьа рааӡара ҳаҿуп. Автономтә республикеи ихьыԥшым аҳәынҭқарреи амаҵзура аганахьала, уаанӡа иҟаз аминистри, иахьа иҟоу аминистри русушьа узеидкылаӡом. Иҟоуп аҭагылазаашьа хар амаӡамкәа иахьыҟоу, иҟоуп иахьыцәгьоу, аха шәара шәықәра зықәроу сшәықәгәыӷуеит, аҵара шәҵап, аԥышәа шәоуп, аҭагылазашьа еиӷьхап ҳәа. Абри зегьы –аеволиуциамҩала ҳнеироуп, ареволиуциамҩала џьаргьы ҳазнеиӡом уи ибашоу усуп, уи иҳамоу аҭагылазаашьа бжьнахуеит. Аеволиуциа мҩала, пату еиқәҵаны шьаҿа-шьаҿала агәра згоит еффектла еиҿкаау аҳәынҭқарра шаҳзыҟаҵо. Ибзиоу, иԥшӡоу аҳәынҭқарра уи абџьар рацәаны измоу, аиадер змоу адержава акәӡам, аҳәынҭқарраҿы ауаа бзианы ианынхо, рҵара, русура, аҭаацәа рҿы аҭагылазаашьа бзиа – убри ауп абеиара, убри ауп ҳара ҳамҩа ҳәа сгәы иаанагоит, аус адулатәуп убри.

(Икьыԥхьуп иаазыркьаҿны)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me