Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрраҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенкои реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла иҟоу, иара убас аилагӡарала Аԥсны иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Хесус Рафаель Саласар Веласкес иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа идикылеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал ахыбраҟны.
Маи 21 азы, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш аҽны, Ҭырқәтәыла иаартын абаҟа. Уи рхы аладырхәит Аԥснытәи аделегациагьы – Жәлар Реизара адепутатцәа, арепатриациазы Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.
Ажәлар рҟәыҕара, рыхшыҩҵарра, зегь рылымкаа, ажәаҧҟақәа ирныҧшуеит. Ишаадыруа, ажәаҧҟа ҳәа иашьҭоуп еилацалоу, исахьарку ахшыҩҵак змоу ажәаҟәыш (ажәеиқәыршәа).
Маи 13 азы Краснодартәи атәылаҿацә Павловсктәи аҽырҩырҭаҿы иаартын 2023 шықәсазтәи аҽырыҩра асезон. Уи инақәыршәаны имҩаԥысит аиԥхныҩларақәа жәба. Руак азкын 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ргәалашәара. Аиԥхныҩларақәа ирылахәын Адгәыр Ԥачалиеи Ахра Ашәбеи рҽқәа, иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭкомспорт.
Амҩа-транспорттә хҭыс инамаданы, хә-ҩык ауаа ҭахеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба амҩаҿы шәарҭадарада аныҟәара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара ҷыда мҩаԥигеит, акадр рганахьала аԥсахрақәа жәпакы ҟаиҵеит.
Адунеи иақәлахо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ауаҩы мышкы зны идунеи иԥсахуеит усгьы. Убас еиԥш иҟоуп ауаҩытәыҩса иԥсабара. Ихадароу зыдунеи сыԥсахыз ижәлар ргәаҵаҿы иаанижьыз иԥхарреи иуаҩреи, иус лашақәеи иџьабааи роуп.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба дырԥылеит аусӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра иазкны иааз Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аделегациа.
Аминистрцәа Реилазаараҿы аԥшьашаҽны имҩаԥысит Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа еҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. Аиубилеи азгәаҭаразы Аҟәаҟа иааит Урыстәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Иреиҳаӡоу русӡбарҭақәа рхаҭарнакцәа рделегациа.