Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит. Уаҟа иазгәаҭоуп: «Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Амш!
Асабша, маи 27 азы Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз рҳәынҭқарратә ансамбль ақәгыларақәа қәҿиарала имҩаԥысит. «Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа» ҳәа апроект инақәыршәаны, П.Чаиковски ихьӡ зху азал аҟны аконцерт шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит акорр. Алеқсеи Шамба.
Ақәгылара иалагаанӡа акультура аминистр Даур Ақаҩба ажурналистцәа драцәажәеит.
Аԥсуа жәлар ҳҭоурых аҟны ахааназ XIX ашәышықәсазы иҟалаз ажәлар рхырҵәара, амҳаџьырра хашҭра ақәымкәан иаанхоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирҩуеит Аԥсны ахы-аҵыхәанӡа 400 нызқьҩык аԥсуаа нхон ҳәа.
Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.
Инна Аҳашҧҳа лпоезиа иаҟазшьоуп аҧсҭазаараҿы аҭыҧ змоу, хкырацәала иеилоу ахҭысқәеи асахьақәеи, аҧштәы абжьи уҳәа уб. иҵ. рзааҭгылара, рыҭҵаара, исахьарку ажәала реибыҭара, рыраӡара.
Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан х-зҵаарак.
Маи 30 рзы имҩаҧысит Аҧсны аоппозициатә мчрақәа зымҩаҧгара азҧхьагәаҭан ирымаз амитинг. Уи иалагаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Иазгәеиҭеит аоппозициатә мчрақәа имҩаҧыргараны иҟоу амитинг аҟны Аҧсны Азакәан инақәыршәаны ахымҩаҧгара шаҭаху. Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рышҟа дҵаны иқәиргылеит аилагарақәа ҟамларц азы ирылшо зегьы рыҟаҵара, ишакәым аӡәы ихы мҩаҧигозаргьы, азакәан ишаҳәо ала изныҟәара.
Маи 29 азы 12 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи (1949 март 4 – 2011 маи 29).
Лаҵарамза 17 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Очамчыра ақалақь аҟынтәи иааз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» аҳасабрбатә концерт.
Аԥсныпресс. С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысит аинтеллигенциа рхеидкыла «Аламыс» аиҿкаара иазкыз аизара ду. Уи иалахәын Аҧсны ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Владимир Делба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, ауаажәларра, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аинформациатә маҵзура "Аԥсадгьылинфо".