Иаанкылаз аушьҭуп, ацҳақәа аартуп

Ноиабр 12 азы Ауаажәларратә палата алахәылацәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит аҭагылазаашьа арԥсыҽразы дара имҩаԥыргоз аиҿцәажәарақәа ртәы.

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба иазгәалҭеит аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ ажәлар зегьы ршьапы ишықәнаргылаз.

«Аҭагылазаашьа аныҵарха, иҳаӡбеит Ауаажәларратә палата аилатәаратә ҷыда мҩаԥаагарц. Абраҟа еиҿаҳкааит аганқәа рыбжьара аицәажәарақәа рымҩаԥгаразы аусуратә гәыԥ. Сократ Џьынџьал, Ерасҭ Агәмаа уҳәа апалата егьырҭ алахәылацәагьы Аԥсны Ахадеи, Жәлар Реизареи, аоппозициа ахаҭарнакцәеи рацәажәаразы иалаҳхит», – лҳәеит лара.

«Жәашықәса аиҿцәажәарақәа еиҳа еиӷьуп, мышкы аибашьра аасҭа», – Гәыли Кьычба иаалгеит СССР адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Громыко иажәақәа.

Ауаажәларратә палата алахәыла Ераст Агәмаа иазгәеиҭеит иара хадара ззиуаз агәыԥ ишалаз Сократ Џьынџьал, Леонид Осиа, Низам Хапаҭ, Ҭамаз Қьецба.

«Жәлар Реизараҿы ҳанеицәажәа ашьҭахь Ахада иахь ҳцеит, уаҟагьы инҭкааны ҳаицәажәеит. Ахада агәра ҳиргеит иацы ахәылԥаз иаанкылаз иахьа ишоушьҭхо. Ахада ҳаниацәажәа ашьҭахьҵәҟьа Гәымсҭатәи ацҳахь ҳдәықәлеит. Уаҟа ҳарԥылеит аоппозициа ахадацәа, ираҳҳәеит Аҳәынҭқарра Ахадеи ҳареи ҳаицәажәара аҵакы. Дара рганахьала аоппозициа ахаҭарнакцәа агәра ҳдыргеит иааныркылаз шоурышьҭлакҵәҟьа, дара Гәымсҭатәи Кәыдрытәи ацҳақәа шаадыртуа. Иахьа абри аҩыза аусура амҩаԥгара ҳалшеит. Ишыжәбо аиԥш, зегьы маншәалахеит: аҷкәынцәагьы аурышьҭуеит, ацҳақәагьы аадыртуеит», – иҳәеит Агәмаа.

«Ҩымш аҭагылазаашьа даара ибааԥсын. Абри аҟнытә шьыжьымҭан инаркны ҳаизеит Ауаажәларратә палатаҿы иҟалаз аҭагылазаашьа ҳалацәажәарц, уи ҳазлалҵша мҩақәак ҳаԥшаарц», – ажурналистцәа абас реиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа Леонид Осиа.

Иара иаҵишьит зегь реиҳа ихадароу – дара ззеибашьуаз ҳҳәынҭқарра аиқәырхараз шакәу.

Осиа гәахәарала иазгәеиҭеит дара зацәажәоз зегьы ишырҭахыз аҭагылазаашьа арԥсыҽра, еимаку азҵаарақәа рыӡбара.

«Жәлар Реизараҿы уи Аиҳаби ҳареи иҟаҵатәу ҳалацәажәеит. Ахадагьы ҳиацәажәеит. Аҭагылазаашьа арԥсыҽразы урҭ зегьы ргәаанагарақәа еиԥшын. Убри иаан аӡәгьы имҳәаӡеит азакәан аилагара ауеит ҳәа… Зегьы ҳаизааибагеит азакәан еиламгакәа, аҭагылазаашьа ҳарԥсыҽит», – иҳәеит Осиа.

«Аибарххара – ари аҭагылазаашьа алҵразы мҩаны иҟам. Иаҭахуп аицәажәара, иҵару азҵаарақәа рыхцәажәара», – иаҵишьит Осиа, агәыӷрагьы шимоу иҳәеит ҳаԥхьаҟа амчрагьы аоппозициагьы рыҽшазыршәауа аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа аруадаҩра аҟынӡа анамгара.

Ауаажәарратә палата алахәыла Низам Хаԥаҭ игәаанагарала, амчреи аопозициеи ирыгуп аицәажәара. «Ауаажәларратә палата азхиоуп аиҿцәажәарақәа рзы ҭыԥны аҟалара», – иҳәеит иара, иагьациҵеит иахьа иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы аԥсуа дипломатиа аус шауз. 

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me