Иҟоуп ауадаҩрақәа хԥа

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала Аԥсны аенергетикатә усхкаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит.


Џьансыхә Нанба аенергетикаҿы еиҳа иуадаҩу х-проблемак дырзааҭгылеит. Уи афымцач адефицит, афымцанхамҩа иуадаҩу аҭагылазаашьа, иара убас, жәаҳәарада, афинанстә леишәа ауп.
«Аԥсны азы афымца аазышьҭуа аобиект хаданы иҟоу Егрытәи аӡфымцатә станциа ауп. Иара асовет аамҭазы иргылан, насгьы иуникалу обиектуп ҳәа азуҳәаратәы иҟоуп. Агидроенергетика, зегьы ишыжәдыруа еиԥш, аӡы иадҳәалоуп. Ҳгеографиатә ҷыдарақәа ҳасаб рзуны уахәаԥшуазар, Џьвартәи Галтәи аӡеизакырҭақәа рҿы аӡы аҩаӡара ашықәс аамҭақәа акыр иадҳәалоуп. Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟа шьҭа традицианы иҟалеит ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы ҳара Џьвартәи афымцамч аӡы азымхара иадҳәалоу апроблема ахьҳазцәырҵуа. Уи иахҟьаны агенерациа амҽхак еиҵахоит, уи ахҩаразы ҳара егьырҭ ахыҵхырҭақәа рхархәара ҳалагоит. Иарбоу аҭагылазаашьа ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аиагара ҳалагоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Џьансыхә Нанба.
Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара даара мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥыргеит, Урыстәылатәи Афедерациа аамҭа зегьы иалагӡаны Аԥсны иарбоу азҵаараҿы адгылара анаҭоит.
«Иҟоуп ауснагӡатәқәа раз­ԥхьагәаҭаратә план, Аԥсны аене­р­госис­тема ­аҭа­гылазаашьа аҭы­шәны­ртәаларазы. Уи иар­боуп хәыда-ԥсада иҳауеи инаҳхуеи афымцач ашәага-загақәа. Уи асоциалтә ииагара ҳәа изышьҭоу ауп, аха уи азхаӡом, убри аҟнытә акоммерциатә хәыԥсала афымцамч аиагара мҩаԥаагалароуп. Убас ала, актәи апроблема – агенерациазы иахәҭоу аӡытә ресурсқәа рыҟамзаара ауп», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аҩбатәи апроблема – афымцатә нхамҩа иуадаҩу аҭагылазаашьа ауп.

«Уи астанциа маҷқәеи, аиагаратә цәаҳәақәеи, аихшарҭақәеи роуп. Ҳенергосистема даара аҭагылазаашьа уадаҩуп. Уи акәша-мыкәша ирацәаны ацәажәарақәа ыҟан, иахьагы иҟоуп. Иҟоуп аексперттә лкаақәагьы», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.
80% инареиҳаны афымцанхамҩа амашәыртә ҭагылазаашьа амоуп, уи иахҟьаны афымцамч рацәаны иаҳцәыӡуеит.
«Аоперативтә дыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс азы ҳенергосистемақәа рҿы иҟоу ацәыӡқәа 25 - 27% рҟынӡа инаӡоит. Ари даара иҳаракуп уи акиловаттқәа рахь ииаугозар, 640 млн кВт/с. рҟынӡа иҟалоит. Иазгәаҭатәуп, уи иҳамоу адефицит ахҩаразы иаҭаху амҽхак маҷк ада иаҟароуп», – иҳәеит иара.
Ахԥатәи уадаҩраны Џьансыхә Нанба дазааҭгылеит афинанстә леишәа.
«Афымцамч ахархәаразы ашәа­тәқәа реизгара аҩаӡара ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рыҩнуҵҟала аихшьалақәа рыла 45% рҟынӡа инаӡоит. Ауааԥсыра, аиуристә хаҿқәа, иааизакны Аԥсны абонентцәа зегьы 45% ауп иршәо. Уи, жәаҳәарада, даара илаҟәуп маҷк ишеиӷьхазгьы. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара 10% рыла иазҳаит. Уи зегьы алыршара акыр иуадаҩуп. Иҟаҵоу даара ирацәоуп ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рахь аиасразы, иҳауа афыцамчи инаҳхуа афыцамчи рызҵаарақәа рыӡбара, афымцамч ахархәаразы ҳаамҭа иақәшәо аԥхьаӡагақәа рықәыргылара уҳәа», – инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Аԥсны амаининг-ферма дуқәа ыҟаӡам ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Иара иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, иҳаҩсыз ашықәс азы изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аԥхьырҟәҟәааразы аоперативтә штабқәа аԥҵан ҳәа.
«Ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы «Амшынеиқәафымцач» аспециалистцәа ҳацны «стресс-тест» ҳәа изышьҭоу аусмҩаԥгатә мҩаԥаагеит. Иалкаау атехникатә уснагӡатәқәак ирылҵшәаны амаинерцәа инырхәа афымцамч амҽхак еилкаахеит – 40-45 мегаватт. Ари амҽхак даара иҳаракуп», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аминистр Аԥсны изакәанымкәа амаининг шыҟоу мап ацәикуам.
«Аӡәгьы иахьа изҳәашам Аԥсны амаининг зынӡа иҟаӡам ҳәа, аха зегьы ирыцку убри ауп, аенергетикатә система ӷәӷәала иаԥырхагоу амаининг ферма дуқәа ыҟаӡам. Ажәакала, азинхьчаратә усбарҭақәа роума, «Амшынеиқәафымцамч» аума, уи аҿгақәа роума, џьарантә амаининг-ферма дуқәа рыҟазааразы адырра ҳмоуӡацт. Азинхьчаратә усбарҭақәеи аенергетикцәеи афымцач ахархәара аиҭаԥара аилкаара рҵахьеит», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Уи иажәақәа рыла, амаи­нинг-фермақәа рыҟазаара аҭыԥқәа реилкаара иадҳәалоу аусура акыр имариам.
«Аха ҳара иахьа имҩаԥааго агәаҭарақәа рыла, амаининг-ферма дуқәа ыҟаӡам ҳәа ҿыӷәӷәала иуҳәар алшоит. Мыцхәы ирацәамкәа амаининг аппаратқәа ахьаарԥшхо аҭыԥқәа рҿы урҭ азакәантә шьаҭала амхра мҩаԥгахоит», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Иара амаининг-фермақәа рҿагылара аус аҿы адепутатцәа иҟарҵо ацхыраарагьы атәы дазааҭгылеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me