Џьгьарда – ахәышәтәырҭа, Бзыԥҭа – аспортзал

Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан ахәышәтәырҭа аныуашәшәыраха, 2017 шықәсазы иқәыргеит, хәҭакахьала хыбра ҿыцк авадыргылт. Иҳаҩсыз ашықәс азы аҭыԥантәи анхацәа аиҭашьақәыргаларатә усурақәа ирыцырҵеит.


«Ҳқыҭауаа рымчала рҽазыршәон ахыбра иагыз-иабзаз аҟаҵара. 2017 ш. азы ԥасатәи ааԥхьара Жәлар Реизара адепутат Даур Голанӡиа иаԥшьгарала ахыбра ҿыц аргылара иалагеит. Аҭыӡқәа ҩаргеит, ирхыбит», – абас лҳәеит ақыҭа ахадара аусқәа знапы иану Альбина Дочиа. 2023 шықәсазгьы рус иацырҵон. Зураб Багаԥшь ибзоурала иҟаҵан адашьма ԥха, Ҭенгиз Гырџьынба иакәзар, ацәаҳәа ҿыцқәа неигеит.
Анаҩсан ақыҭа ахадара анапхгара ацхыраара риҭарц рхы дырхеит Жәлар Реизара адепутат Вахтанг Голанӡиа иахь. Аргылара ахыркәшаразы Ареспубликатә биуџьет аҟнытә иоушьҭын 2,5 миллион мааҭ инареиҳаны.
Уажәы афельдшер-акушертә пункт ҿыц аартра иазхиоуп. Иҟоуп еибыҭоу ауадақәа фба: аинфекциатә, ахаԥыцҟаҵарҭатә, ахәыҷтәы уада, адкыларҭа, анхамҩатә уада, асанузел. Аус руеит ҩыџьа амедеиҳәшьцәа, ахаԥыцҟаҵаҩ. Ақыҭа ауааԥсыра ҳаамҭа иақәшәо раԥхьатәи амедицинатә цхыраара роулоит.
Апункт аиҳабы, амедеиҳәшьа Асида Амҷба ишазгәалҭаз еиԥш, акыр шықәса ақыҭа ауааԥсыра рыҩны днеины ацхыраара рылҭон уахи-ҽни еилых ҳәа ҟамҵакәа. Шьҭарнахыс ацхыраара роуеит аамҭа иақәшәо иԥхаӡа иҟоу, зегь рыла еибыҭоу ахыбраҿы. «Даара ҳаигәырӷьоит ҳқыҭа ахьырхамышҭуа, абри аҩыза ацхыраара ахьарҭауа», – лҳәеит лара.
Џьгьарда ақыҭан иҟоуп аш­колқәра иаҵанакуа, иаҵанамкуа ахәыҷқәа 90-ҩык. Ахәыҷқәа рме­деиҳәшьа Саида Занҭариа ла­жәақәа рыла, аҭаацәа гәахәарыла рхы иадырхәоит апункт ҿыц. «Уаанӡа аҩнаҭақәа рахь аныҟәара ҳақәшәон ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭаразы, шьҭа зегьы даара акырӡа иманшәалахеит», – иазгәалҭеит лара.

Ақыҭа ахадара аусқәа знапы иану Альбина Дочиа иара убас ҭабуп ҳәа лҳәеит ақыҭа иахьазхьаԥшыз азы, иагьазгәалҭеит ааигәа аҭыԥантәи ашкол аанда ҿыц шакәыршаз, анапылампыли амҵәышәымпыли рзы аспорттә шҭақәа шырзыҟарҵаз. «Аҽазыҟаҵарақәа рзы уахь инеиуеит ахәыҷқәа реиԥш, адуцәагьы», – иацылҵеит лара.
Апункт амедицинатә персонал иазгәарҭеит ахыбра ҿыц шыргылоу ҳаамҭазтәи аҭахрақәа инарықәыршәаны, аха макьаназ ишагу аҩнымаҭәа, ахәшәқәа рыҵәахразы архьшәашәага.
Абарҭқәа зегьы ақыҭақәа рҟны аԥсҭазаара аҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы апрограмма иахәҭакуп. Аҳәынҭқарра ҷыдала хшыҩзышьҭра азыҟанаҵоит ақыҭақәа рыбзазашьа, рыҽиашьа аганахьала аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан Г.А.Алшәындба ихьӡ зху абжьаратә школ №1 аҟны шықәсык инареиҳаны иҵуеит араион абиуџьет аҟнытә ԥарала еиқәдыршәауа аспортзал ҿыц аргылара иаҿуижьҭеи. Гагра араион ахадара иаԥшьнагаз ари апроект иалнаршоит иуашәшәыраз ахыбра аԥсахра. Уи аркын.

Ашкол адиректор Ирина Иура-иԥҳа Агрба далацәажәеит ашколтә спортзал аҭоурых, иара убас арҵаҩцәа, аҭаацәа, аҵаҩцәа зыниоз ауадаҩрақәа ртәы.
«Ҩажәижәаба шықәса уа­жәа­ԥхьа, абраҟа аусура санала­га аи­­башьра ашьҭахь иҳамаз 120-ҩык аҵаҩцәа ракәын. Иахьа – 510-ҩык ыҟоуп. Аспортзал ашколтә ԥсҭазаара иузаҟәымҭхауа иахәҭоуп, аха уи уашәшәыран. Аибашьра ашьҭахь аҭыԥантәи анапҟазацәа уи еиҭашьақәдыргылеит, аха иара еибаркны измаз ахәҭақәа руак еилаҳаит, азал аҟны аҽазыҟаҵарақәа аанкылахеит. Анаҩсан аҭаацәеи арҵаҩцәеи ҳацырхырааны ҳамчқәа рыла иҳарҽеит, аха иаарласны аҭыӡқәа ашьшьара иалагеит. Аҟәантәи иааз агеодезистцәеи акомиссиеи ишьақәдырӷәӷәеит аҽазыҟаҵарақәа алшо ишыҟам, аспортзал ҩаԥхьа иадыркит», – илгәалалыршәоит ашкол аиҳабы.
Аспортзал аҟамзаара абаҩрҵәыра аҵатәхәқәа реиҿкаара даара иаруадаҩуеит. Аԥхын аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон адәахьы, аӡын акә­зар – аклассқәа рҟны. Уаҟа ахә­ыҷқәа ашашкеи ашахмати ихәмаруан. «Аха ахәыҷқәа зегьыҵәҟьа уи ргәаԥхомызт», – иацылҵеит Ирина Иури-иԥҳа.
Ашьҭахь аҭагылазаашьа аҽаԥсахит Гагра араион ахадара аиҳабы Иури Ҳагәышь иҟаиҵаз адгылара иабзоураны. «Уи иҵабыргыҵәҟьаны ҳашколи ахәыҷқәеи хьаас имоуп. Нап дыркын аспортзал ҿыци ашьапылампыласырҭеи рыҟаҵара. Даара ҭабуп ҳәа ҳҳәоит», – иазгәалҭеит лара.
Гагра араион аспартакиадазы аӡ­­баҩ хада Роман Кьетиа дала­цә­ажәеит аргылара амҩаԥысшьа. Уи иажәақәа рыла, ажәытә хыбра ишынеибаку еимыхуп, уи аҭыԥан идыргылоит ҳаамҭа иақәшәо ахыбра.
Ҳазну аамҭазы аԥенџьырқәа ҭаргылоуп, аҩнуҵҟа аҿырԥшӡаратә усурақәа мҩаԥысуеит. «Азал ҿыц ҭбааҭыцәхоит, зегь рыла иманшәалахоит. Ари иалнаршоит абаҩрҵәыра аҵатәхәқәа рымацара ракәымкәа, араион аҟны аицлабрақәа рымҩаԥгарагьы. Аусурақәа хацыркын мызқәак уажәаԥхьа, рхыркәшара азгәаҭоуп ашықәс анҵәамҭазы», иациҵеит иара. Иара убас авараҿы ашьапылампыласырҭа ҟаҵара иаҿуп. Уи ашколхәыҷқәа рзы мацара акәымкәа, Гагра араион ауааԥсыра зегьы рзыҳәангьы аспорт ԥсҭазаара иагәыцәны иҟалоит.
Атәыла анапхгара ҷыдала игәцараркуеит еиҵагыло абиԥара ҿа, урҭ гәамчла гәабзиарала рааӡара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me