Иҭахаз рбаҟа еиҭашьақәдыргылеит

Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит.

Абаҟа аргылара иалагеит 2004 шықәсазы, гәырӷьарала иаартын 2010 шықәсазы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала араҟа усура маҷқәак мҩаԥыргон, иахьа абаҟа ӷәӷәала арҽеира аҭаххеит.

«Араҟа есышықәса иуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Аныҳәамшқәа раан арахь иаауеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәигьы. Арахь имҩахыҵуеит аҭаацәара иалалогьы. Аамҭа иаратәы ҟанаҵоит, абаҟа ахаҿра ацәыӡуа иалагеит. Абри аҟнытә, атәыла анапхгара рахь аҳәара ҟаҳҵеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахарц азы. Аҳәынҭқарра ҳхаҵгылеит, арҽеиратә усурақәа ирзоушьҭын ареспубликатә биуџьет амалқәа», – иҳәеит ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа.

Уи иажәақәа рыла, аҭыԥантәи абиуџьет иара убас абаҟа аныҟәгаразы амч зықәхоз ҟанаҵон – есышықәса 150 нызқь мааҭ раҟара аурышьҭуеит абаҟа акәша-мыкәша арыцқьаразы, арлашагақәа рыԥсахразы. Аха мҽхакы ҭбаала аусурақәа рынагӡаразы ареспубликатә биуџьет аҟнытә амалқәа аҭаххеит. «Ари ҳусеицура ауп, аҳәынҭқаррагьы аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рацәоуп, ҳқыҭауаагьы иара убас ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп», – иазгәеиҭоит ақыҭа ахада.

Аподриадтә еиҿкаара «Мир камниа» анапхгаҩы Адис Геворкиан далацәажәеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа атәы. «Адҵа ҳауит акапиталтә ргылара Аусбарҭа аҟнытә. Азеиԥш хәыԥса иартәоит 6 262 000 маҭ, убарҭ рахьтә 75% акапиталтә ргылара Аусбарҭа ауп изшәо, егьи иаанхаз 25% – ақыҭа ахадара», – иазгәеиҭеит иара.

Анапхгаҩы иажәақәа рыла, уаанӡа 400 метрԥшьыркца зҵазкуа ахаҳәцәы ақәгара ҳақәшәеит. Иара убас ахәҭакахьалагьы иԥсахын, иаҳагьы ирӷәӷәан ажәытә хаҳәеиларшьышь. Уажәы Индиантәи иаагоу ахаҳәҵәҟьа ҿыц ақәҵара иаҿуп. Анаҩсан, уи ианалгалак, абаҟа иаҿыкәыршоу ажәытә мармалташь аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагоит. Ахәҭакахьала ргәы иҭоуп уи ахаҿра арыцқьара.

«Аусурақәа ҳрылагеит август 20 азы, ҳгәы иҭоуп декабр азбжазы ахыркәшара», – иациҵеит Геворкиан.

Абаҟа арҽеира инаваргыланы анапылампыли, амҵәышәымпыли, аԥқьаҭасырҭа дуи рзы аспорттә шҭа аҟаҵара иаҿуп. Аргылара ԥарала аиқәыршәара ихашҟа игеит анападкылаҩ Максим Бжьаниа.

«Максим ҳашҟа аҳәара ҟаиҵеит абраҟа аспорттә шҭа иргыларц шиҭаху азы. Иҳарбеит ианаалашаз аҭыԥ», – игәаанагарақәа иҳәоит Зорик Ҷҟәониа.

Аԥхьаҟа ргәы иҭоуп абраҟа амузеии анцәаиҳәарҭеи рыргылара, иара убриалагьы ари ақыҭа акультуратә ԥсҭазаара иагәыцәхаданы иҟалоит.

Аспорттә шҭаҿы аргыларақәа рхыркәшарахь инеиуеит. «Иқәҳарҭәахьеит ашҭа, иқаҳҵахьеит атрубақәа, иқәҳаргьы арлашагақәа, – иҳәоит апрораб Заза Ҟолбаиа. – Инықәырԥшшәа мчыбжьык аҩнуҵҟала аусурақәа зегьы хыркәшахоит». Аобиект аргылара мызкы аҟара иадхалоит.

Абасала, Кындыӷ ақыҭан аамҭакала ақыҭауаа рзы акырӡа зҵазкуа аԥшьгамҭақәа рынагӡара иаҿуп: иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аиҭашьақәыргылара, аспорттә шҭа аҟаҵара. Уи аҭыԥантәи ауааԥсыра активла рыԥсшьареи реилаҵәареи иацхраауеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me