Аҧсны Ахада Иусҧҟақәа

20 Жьҭаара 2022 12:16

2022 ш. жьҭаарамза 14, Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусҧҟа инақәыршәаны «Азакәанреи азинеиҿкаареи рырҕәҕәареи, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзакәантә интерессқәа рыхьчареи, зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп Хоџьашвили Лиудмила Платон-иҧҳа.  

2022 ш. октиабр 14, Аҧсныпресс. Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Олег Смолини реиҧылара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟа ала, Беслан Ҷкадуа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь ииасра инамаданы, Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны, Беслан Ҷкадуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵоуп.

Октиабр 14 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла аусбарҭа анапхгаҩы Сергеи Степашин.

Аиқәшәара аан ирылацәажәан агуманитартә усхк аҟны аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи рызҵаарақәа.

Аиҧылара далахәын Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.


Аҧсны иаҭааз Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла аделегациа идикылеит Аслан Бжьаниа. Уи аилазаараҿы иҟан: Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла ахада Сергеи Степашин, ахеидкыла ахада ихаҭыҧуаҩ, аусбарҭа ахантәаҩы Леонид Палько, ихаҭыҧуаҩ Олег Новиков, ахеидкыла аиҳабы иабжьагаҩ Виктор Косоуров, «Интерфакс» адиректор хада актәи ихаҭыҧуаҩ – анагӡаратә директор Георги Гәлиа.

Аҧсны Ахада асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа иазгәеиҭеит: «Ҳара еснагь гәахәас иҳамазаауеит ҳтәыла аҳҭны-қалақь аҟны шәҧылара. Шәара шәааит ақьиара зцу агуманитартә миссиала – ари ҳара даара иаҳгәаҧхоит, избан акәзар ҧхьаҟагьы аизҳара гәҭакыс иҳамоуп, иахьазы ега ауадаҩрақәа ыҟазаргьы. Ҳаиқәшәареи ҳазлацәажәои, насгьы шәара агәҭакы бзиа шәыманы шәаареи шаҳаҭра руеит ҳусқәа зегьы шыманшәалахо ала».

Урыстәыла ашәҟәтәы Еидгыла анапхгаҩы Сергеи Степашин иакәзар, иазгәеиҭеит 1989 ш. раахыс Аҧсны ибзианы ишидыруа. «Аҧхьаӡа иргыланы аҧсҭазаара иаҳнарбеит аҩыза дызусҭоу…», иҳәеит уи.

Аиқәшәараан Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла ахада ихаҭыҧуаҩ Леонид Палькои аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит акультура аминистрреи Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгылеи русеицуразы.

Аиҧылара ахыркәшараан наҟ-ааҟ агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.

Аиҧылараан иҟан Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭарадатә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.


Аҽны С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысит урыстәылатәи апублицист Рафаель Гусенов ишәҟәы «Путь Путина» зыхьӡу аӡыргара. Ашәҟәы рызкуп 1999 ш. раахыс иахьанӡа Урыстәыла Апрезидент иусура аазырҧшуа ахҭысқәа. Аҭыжьымҭаҿы ицәыргоуп Урыстәыла адәныҟатәи аполитика, насгьы ахада иҿцәажәарақәа, иҧсҭазаара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа. Ашәҟәы иагәылоуп 200 инареиҳаны афотоҭыхымҭақәа Ахада ипресс-маҵзура абзоурала, урҭ уаанӡа џьаргьы акьыҧхь рымбаӡацызт.

Ашәҟәы аӡыргарахь инеит Урыстәыла ашәҟәтәы Еидгыла ахада Сергеи Степашин, уи иабжьгаҩ Виктор Косоуров, Урыстәыла ашәҟәтәы Ееидгыла ахада ихаҭыҧуаҩ, Москватәи ашәҟәҭыжьырҭа «Вече» аиҳабы, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Леонид Палько, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа, абиблиотекақәа русзуҩцәа.

Аиҧылара ааиртит, егьымҩаҧигон Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба. Асасцәа даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа аиқәшәарахь имҩахыҵыз иааркьаҿны ирзеиҭеиҳәеит реиқәшәара ашәҟәы «Путь Путина» аӡыргара ишазкыз. Анаҩс ажәа ииҭеит Урыстәыла ашәҟәтәы Еидгыла ахантәаҩы Сергеи Степашин. Уи иажәақәа рыла, акраамҭа Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩыс дыҟан, насгьы хаҭала Владимир Путин аус ициуан. Ашәҟәы ахаҭа акәзар, азеиҧш хҳәаа азыҟаиҵеит.

«Ҳпроект аӡбахә ҳҳәозар, Акультура аминистрреи ҳареи ҳнапы аҵааҩит аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. Уи анапаҵаҩра адагьы, имҩаҧаагалоит ацәыргақәҵақәа, аконференциақәа, абиблиотекақәа рхарҭәаара ҳацхраалоит.

Излаҳаӡбаз ала, иахьа Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека цхыраарак аҳасабала иаҳҭоит 2000 цыра еидызкыло еиуеиҧшым алитература, ахәыҷтәы литературеи асахьаркыратә литературеи убрахь иналаҵаны», – иҳәеит уи. 2000 цыра ашәҟәқәа шрырҭо шьақәзырҕәҕәо асертификат инапаҿы ииҭеит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа (уи уаанӡа аҳәара ҟаиҵахьан).  

Асасцәа рахьтә анаҩс иқәгылеит ашәҟәы «Путь Путина» ахьҭыжьу ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Леонид Палько, Урыстәыла ашәҟәтәы Еидгыла ахантәаҩы иабжьагаҩ Виктор Косоуров. Ашәҟәы аӡыргара аҧшьгаҩыс дамоуп Сергеи Степашин. Уаанӡа иӡырган Москвеи Санкт-Петербурги. Аҧсни Урыстәылеи агуманитартә усхк аганахьала русеицура ахәшьара аҭауа, уажәынахысгьы арҿиара амҩақәа шырҭбаатәу азгәаҭауа иқәгылеит иара убас Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа, Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Ашәҟәы «Путь Путина» аӡыргара иазкыз аиқәшәара хыркәшауа, асасцәа аҧхьа инаргыланы, уи иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба.

В. Ажәанба

 

«Аҵаулареи амҽхаки»

20 Жьҭаара 2022 12:09

Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, апоет, апублицист, аиҭагаҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Владимир Занҭариа ишәҟәы ҿыц «Аҵаулареи амҽхаки» аӡыргара. Аҭыжьымҭа еиднакылоит ҳаамҭазтәи аҧсуа литературеи уи аҭоурыхи, атеориатә зҵаарақәа жәпаки ирызку аҭҵаарадырратә статиақәа.

Ацәыргақәҵа ҿыц

20 Жьҭаара 2022 12:08

Октиабр 18 рзы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартын абџьар азҟазацәа рырҿиаратә еидгыла «Х-напы» аҳасабырбатә цәыргақәҵа. Уахь имҩахыҵит Аҧсны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҧсуа интеллигенциа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларра.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me