Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Баҭал Агрба иазгәеиҭеит ҷыдала ахылаҧшра шымҩаҧыргало автопатрульқәа, урҭ рнапы иануп ачаратә кортеж иацу амашьынарныҟәцаҩ иганахьала амҩатә ҧҟарақәа реилагара аҭыҧ анаиу аамҭазы автотранспорт аанкылара, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧҟара еилазго аҭакҧхықәра рақәыршәара.
Изакәанымкәа абџьар аныҟәгара аарҧшрагьы ахылаҧшра ҷыда аҭаххоит.
«Ҳара еилаҳкаауеит, ауаа аныҳәа ду шрымоу, аха амҩа еснагь ашәарҭара ацуп, амашәыр ҟалар ауеит. Убри аҟнытә, ааҧхьара ҟаҳҵоит амҩатә ҧҟарақәа ирықәныҟәаларц»,– ҳәа азгәеиҭеит Баҭал Агрба.