Лаҵара 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы азеиҧш рҧхарҭа еиҭашьақәдыргылеит. Абри аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба даҭааит аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аремонттә усурақәа ахьымҩаҧысуаз Ареспубликатә хәшәтәырҭа.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоу – Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш!

Ҳныҳәа ду сентиабр 30 акырӡа аҵанакуеит ҳажәлар ргәаҿы. Есышықәса мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит Аҧсны араионқәа зегьы рҿы.

Асааҭ 10, Аҧсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апаркаҿ ажәлар рыла иҭәын. Уахь инеиуан ҳныҳәа ҳацазгәарҭарц ҳхақәиҭра иалахәыз нхыҵи-аахыҵи рҟынтәи ҳашьцәа – аибашьцәа, аҟабарда, адыга, ачечен, аурыс уҳәа убас егьырҭгьы. Усҟан еиҧш, иахьагьы ҳаӡәыкуп даргьы ҳаргьы.

Сентиабр 30 – Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымшныҳәа аан Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аминистрцәа Реилазаара иалоу, аибашьра аветеранцәа уҳәа аӡәырҩы Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынбеи, Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшьи рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ҩеижәижәба шықәса ахыҵра инамаданы Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.

Октиабр ҩба рзы Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар рҟнытә Гагра ақалақь ахы иақәиҭтәуижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит. Абри арыцхә инамаданы Гагра аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиетәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонтәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Сентиабр ҩеижәиааба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара.

Аиҧылара мҩаҧысит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача аҟны. Ареспублика Беларус Ахада иҧылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, Алеқсандр Григори-иҧа! Шәара Аҧсны есқьынгьы иззыҧшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп». Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәеит 1996 шықәса ианвар мзазы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алахәцәа – аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.

Ихыркәшахеит сентиабр ҩеижәиааба рзы Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы имҩаҧысуаз Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара. ашьҭахь уи ахҳәаа азыҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш аҳаҭыр азы Урыстәылатәи Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала. Ашәҟәы аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаидыркылоит аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи. Урыстәылатәи Афедерациаҿы интересс ирымоуп исуверентәу Аҧсны иқәынхо ажәлар нхозарц иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу, ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқарраҿы».

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ҳтәыла иқәынхо ажәлар зегьы рзы ихадоу – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рныҳәа рыдиныҳәалеит!

 

Ааигәа И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҧшьгарала имҩаҧысит шьҭа итрадициатәхаз ажәбатәи Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿы анеиааира». Сынтәатәи аусмҩаҧгатә абиблиотека зыхьӡ аху раҧхьатәи аҧсуа романист, Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазкхеит. Убри аҟынтә абжьааҧынтәиқәа излареиҧшымыз аҷыдара алан.

Амилаҭтә библиотека ашҭаҿы улаҧш надхало ирхиан еиуеиҧшым акәакьқәа. Аҧхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп аныҳәа ишалахәыз, Аҟәа ақалақь акультуратә усҳәарҭақәа реиҧш, ҳтәыла араионқәа рхадарақәа ркультура аҟәшақәеи урҭ еиҿыркааз хкы-хкыла еилаз агәыҧқәеи ахаҧшьгарақәеи рыла. Аусмҩаҧгатә рҽаладырхәит иара убас Ҟарачы-Черқьестәыла, Саха-иакутиа, насгьы Краснодар уҳәа Урыстәыла егьырҭ ақалақьқәа рбиблиотекақәа рҟынтә асасцәа.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me