Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәа Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟнытә арезервистцәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит, иаанацҳауеит Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура апресс-маҵзура. Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаҧысшьа дахылаҧшуан Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы аполковник Дмитри Дбар.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аҧсны аҧеиҧш» ашьаҭаркҩы Инал Арӡынба диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара иреиҳаӡоу ашкол адиректор, аиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла аҵаарадырра адиректор хада Алеқсеи Комиссаров.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсуа телехәаҧшра аколлектив ирыдиныҳәалеит иара еиҿыркааижьҭеи 44 шықәса аҵра.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаҧигеит аҳәынҭқарраҿы аҽеизгара аусқәа реиҕьтәразы абжьгарақәа аус рыдуларазы аусуратә гәыҧ алархәны.
Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аусуратә гәыҧ ахантәаҩы Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалов аҳәынҭқарра Ахада иеиҳәеит иахьазы имҩаҧгоу аусура атәы.
Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра хаҭалатәи аилазаареи атәыла амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи дыдирдырит Аԥсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр 1-тәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Владимир Савченко. Агәырӷъаратә ҭагылазаашьаҿы инапаҿы ииркит Ақсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы иштандарт.
Аҧсны абыргцәа Рхеилак адгылоит Ахада Аслан Бжьаниа дызну амҩа. Ноиабр 3 азы имҩаҧысыз аҳәынҭқарра Ахадеи абыргцәа Рхеилаки реиҧылараҿы ирылацәажәеит ауаажәларраҿы аҵакы змоу азҵаарақәа.