Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Октиабр 30 рзы аинтеллигенциа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, адин амаҵзуҩцәа уҳәа жәпаҩык харада ахара рыдҵаны идырӡыз ргәаладыршәеит Кәыдры аӡиас иху ацҳа ааигәара.
" Аиҳабыратә абиҧарақәа ирдыруеит арепрессиақәа закәу. Иаҳҭахуп аҿаргьы арҭ аамҭақәа ртәы рдыруазарц, харада ахара рыдҵаны идырӡыз ҳажәлар иреиҕьыз рхаҭарнакцәа ргәаладыршәаларц. Кәыдры аӡиас аҧшаҳәаҿы ауаа кыдҵан иршьуан. Ажәала еиҭаҳәашьа амаӡам ари ахҭыс. Иршьыз ауаа рҭахцәа ирзеилмыргарц азы акьыр рықәҭәаны ирбылуан. Уа еиларыжьуаз уаҩҧсыла рызқәаҭыҧ аҽаџьара аҟалара руамызт. Ус еиҧш зҽазызкызгьы шьран ирзыҧшыз", – лҳәеит аусмҩаҧгатә аиҿкааҩ, аҵарауаҩ, ажурналист Е. Бебиа.
Акциа Кәыдрытәи ацҳа ааигәа-сигәа иахьаҵанакуа машәыршәа иалхӡам. Драндатәи абахҭа иҭыганы ари аҧшаҳәаҿы иааганы акәын ауаа шыршьуаз.
ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Сталини Бериеи имҩаҧыргоз аполитика иахҟьаны Аҧсны харада ахара рыдҵан иҭархан быжь-нызқьҩык рҟынӡа еиуеиҧшым амилаҭқәа иреиуаз.
2022 ш., октиабр 27. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихантәаҩрала имҩаҧысит Жәлар Реизара изаамҭану ҭагалантәи аилатәара.
Жәлар Реизара аҟны ирыхәаҧшит, аҵыхәтәантәи аҧхьараан ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа рпроектқәа: "2022 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы", Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы". Арҭ азҵаатәқәа рыдигалеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит аспортсмен Баҭал Чежиа. Уи далахәхахьеит абоқс азы Урыстәыла ачемпионат, аицлабраҿы аҧхьахә араӡны даҧсахеит. Урыстәыла ачемпион ихьӡ аиуразы Баҭал Чежиеи Максим Смирнови Москва еиқәшәеит, 79 килограмм зыкапан ыҟоу рыбжьара. Аиндаҭлара хыркәшан еиҭахарала. Аха аӡбаҩцәа анеилацәажәа ашьҭахь аҧыжәара зауз Баҭал араӡны даҧсахеит.
Октиабр 30 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан имҩаҧысит традициала ишьақәгылахьоу аҽаҩра аныҳәа "Лыхнашҭа". Жәлар рныҳәа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра Реилазаара иалоу, ауаажәларра.
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Новак Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи аус рыцуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩыс дҟаҵоуп, Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Марат Хуснуллин ихаҭыҧан.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба дырҧылеит Беларуси Урыстәылеи Рпарламентбжьаратә Еизара аделегациа. Уи напхгара аиҭоит аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы аилак ахантәаҩы Артиом Туров.